Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 125

«Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу»

«Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу»

(Матфеи 5:7)

  1. 1. Насыԥла дбеиами Ҳанцәа,

    Дыгәрыцҳашьаҩуп Уи рацәа.

    Ақьиара даргәырӷьалоит,

    Зда ԥсыхәагь ҳамам ҳаиҭалоит.

    Агәра диргоит иахьхәыз ауаа,

    Ианиҳәо рыҵәаабжь шиаҳауа.

    Асаба ҳшалху еилкааны,

    Шаҟа ҳаишаҭозеи, дразны.

  2. 2. Агәнаҳазы ҳангәырҩало,

    Ҳаб анажьраз ҳаниҳәало,

    Анцәа ҳашиҳәаша ҳирбеит,

    Иҳақәиҭу Христос иҳәеит:

    «Ҳуал ҳанажь, Ҳаб Иҳақәиҭу,

    Ишранаҳажьуа иаҳтәу зқәу».

    Убас агәала наҟ ицап,

    Аҭынчрагь ҳгәаҵаҿы иаанхап.

  3. 3. Измам ҳанрыцхраауа ауаа,

    Агәыҭбаара дҳарбоит дара.

    Аҳамҭа раҳҭаӡом, ҳдырҽхәарц,

    Ҳаҿуп уи, ҳгәырӷьара еизҳарц.

    Нас иҟаҳҵо зегь збарҭоу Ҳаб

    Аргама зылԥхара ҳирбап.

    Иссируп рыцҳашьара злоу,

    Анцәа изы акыр иаԥсоу.

(Уахәаԥш иара убас Матф. 6:2—4, 12—14.)