Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 126

Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

(1 Коринфаа рахь 16:13)

  1. 1. Ӷьеҩла шәыҟаз, шәыӷәӷәахароуп,

    Шәарҭ шәхаҵара шәыхьчала.

    Ԥхьаҟагьы шәыԥшла, шәымшәароуп,

    Иааигәахеит аиааира шьҭа!

    Ҳаҳ Иисус ҳаизыӡырҩуеит зегьы.

    Еибашьцәак реиԥш ҳгылоуп ҳарҭ уеизгьы.

    АХАПА

    Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз!

    Шәызқәу амҩа нашәыгӡа!

  2. 2. Кыр шәычҳароуп, нас ижәдыруаз:

    Ҳхада иоуп Иисус ҳара.

    Атәы иабжьгарагь шәаҳарцаз,

    Шәлымҳа кыдҵаны шәӡырҩла.

    Бзиабарала ҳаиҳабацәа,

    Ҳа иҳабжьоит, напхгара ҳазуа.

    АХАПА

    Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз!

    Шәызқәу амҩа нашәыгӡа!

  3. 3. Шәыӷәӷәахароуп, шәа шәеидгылан,

    Ажәабжь бзиа шәыхьчаларц.

    Ҳаӷа дҳақәымлеи хықәкыла,

    Мап, уи илшом ҳҭаирхарц.

    Нас, Ҳазшаз ҳаицҿакны ихьӡ ҳҳәалап,

    Уи иусӡбра шааигәоугь дҳарҳалап.

    АХАПА

    Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз!

    Шәызқәу амҩа нашәыгӡа!

(Уахәаԥш иара убас Матф. 24:13; Аур. 13:7, 17; 1 Пиотр 5:8.)