Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 135

Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

(Ажәамаанақәа 27:11)

  1. 1. Зҿара иҭагылоу,

    Исзаашәыртла шәыгәқәа,

    Нас иасҳәаша соуеит

    Сзырџьоз еснагь Сара.

    Шәҿара аамҭа сзышәкуеит,

    Бзанҵыкгьы шәмаашьауа,

    Дунеи зегь иабартә еиԥш,

    Шәа шәыцқьара хьчауа.

    АХАПА

    Сгәыблыра — сԥа, сыԥҳа — сгәадура,

    Гәык-ԥсыкала са сымаҵ жәуы.

    Иреиӷьу шәҽаԥсашәтәла аҳамҭа,

    Шәагьҟәышыз, шәыҟаз шәҽырӷәӷәаны.

  2. 2. Уанқәыԥшугьы сымаҵ

    Гәык-ԥсыкала иула.

    Уацәымшәан, иухыччар,—

    Са сахь ухы рхала.

    Аха ушьақәҟьаргьы,

    Са уцхраара сазхиоуп.

    Есқьынагь иудыруаз:

    Уҩыза гәакьа соуп.

    АХАПА

    Сгәыблыра — сԥа, сыԥҳа — сгәадура,

    Гәык-ԥсыкала са сымаҵ жәуы.

    Иреиӷьу шәҽаԥсашәтәла аҳамҭа,

    Шәагьҟәышыз, шәыҟаз шәҽырӷәӷәаны.

(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 6:5; Еккл. 11:9; Ис. 41:13.)