Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 136

Иегова гәыҭбаарала иуиҭо аҳамҭа

Иегова гәыҭбаарала иуиҭо аҳамҭа

(Руфь 2:12)

  1. 1. Иегова дрызиашоуп, ихашҭуам бзанҵы

    Иҩызцәа, изааԥсо зегьы.

    Рхы мап ҳәа шазырҳәаз идыруеит иара,

    Ианрыгхогьы шыҟоу зынгьы.

    Зҭаацәареи зыҩнқәеи зегь аанзыжьыз ауаа

    Ирыгижьран дыҟаӡам Ҳаб:

    Зеиӷьыҟам иашьароуп ириҭо дара,

    Џьанаҭаҿ анхарагь дирбап.

    АХАПА

    Нас, аҳамҭа ду Ҳаб иуаҭәеишьааит,

    Уџьа азы дузылԥхалааит уара.

    Иуоуп имҵәыжәҩақәа ԥхьакырҭас.

    Ҳанцәа уизиашан,— хашҭра ақәым уџьа.

  2. 2. Уаныҟало алшоит угәы хьанҭаӡа,

    Уажәшьҭа унапқәа кәадахоит.

    Узырааԥсаз уеидара ӷәӷәа агара

    Уажәшьҭаҵәҟьа иулшом, иубоит.

    Аха ҳгәы зырӷәӷәо Ҳаб ибарҭоуп уџьа,

    Уаниҳәо убжьы иаҳалап.

    Доуҳалеи, нас Иажәалеи дуцхраап уара,

    Уҩызцәагьы увагылап.

    АХАПА

    Нас, аҳамҭа ду Ҳаб иуаҭәеишьааит,

    Уџьа азы дузылԥхалааит уара.

    Иуоуп имҵәыжәҩақәа ԥхьакырҭас.

    Ҳанцәа уизиашан,— хашҭра ақәым уџьа.

(Уахәаԥш иара убас Аӡб. 11:38—40; Ис. 41:10.)