Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 138

Ашлара — аԥшӡара агәыргьын

Ашлара — аԥшӡара агәыргьын

(Ажәамаанақәа 16:31)

  1. 1. Зықәрахь иҟоу ҳамами,

    Даара згәамч кәадоу.

    Зегь акоуп иҳацуп урҭ,

    Ргәыӷрагьы ӷәӷәаӡоуп.

    Ичҳаны ирхыргоит урҭ

    Ацәгьа, агәырҩа.

    Нас аҳамҭа шырзыԥшу,

    Ҳаб, агәра дырга.

    АХАПА

    О Ҳанцәа, иудыруеит

    Рымҩа шыхьанҭаз.

    Рлымҳа нас иҭаҩлааит:

    «Уԥсынҵра наӡаз!»

  2. 2. Амҩа иашаҟны ишлаз

    Анасыԥ рызшоуп.

    Урҭ Иегова рыхә ишьоит,

    Ҳарҭ ҳрыхӡыӡаароуп.

    Имчқәа ҭан, дагьҳаҵҳаҵон

    Ашла зны данҿаз.

    Еиӷьу акәын ииҭалоз

    Ҳамҭас уи Ҳазшаз.

    АХАПА

    О Ҳанцәа, иудыруеит

    Рымҩа шыхьанҭаз.

    Рлымҳа нас иҭаҩлааит:

    «Уԥсынҵра наӡаз!»

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 71:9, 18; Ажәам. 20:29; Матф. 25:21, 23; Лука 22:28; 1 Тим. 5:1.)