Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 3

Азҵаарақәа ухы иархәала

Азҵаарақәа ухы иархәала

Матфеи 16:13—16

ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа аинтерес рызцәыругарц азы апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәа ықәыргылала, ргәазҭаҵала узацәажәо алкаақәа рыҟаҵара, насгьы ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Аинтерес еизырҳала. Иқәыргылала аӡырҩцәа ахәыцра ргәазҭазҵо, насгьы еиҳаны аилкаара ргәазырԥхо азҵаарақәа.

  • Аӡырҩцәа узлацәажәо атема иазырхәыцла. Азҵаарақәа ухы иархәаны аӡырҩцәа иуҳәо иазхәыцларц, насгьы ииашоу алкаа ҟарҵаларц урыцхраала.

  • Ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла. Ихадоу азхәыцра уҳәаанӡа, аӡырҩцәа аинтерес рызцәырызго азҵаара ықәыргыл. Ихадоу азхәыцра уанахцәажәалак ашьҭахь, мамзаргьы ажәахә анхуркәшо аамҭазы иқәургылахьаз азҵаарақәа ргәаларшәа.