Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 5

Ииашаны уаԥхьала

Ииашаны уаԥхьала

1 Тимофеи иахь 4:13

ИҞАҴАТӘУ Иану мԥсахкәа, убжьы ҭыганы уаԥхьала.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ибзианы уҽазыҟаҵала. Уазхәыц избан ари ацыԥҵәаха зҩыз. Уҽазышәала уанаԥхьо ажәақәа реидҳәалара, хаз-хазы рыԥхьара аҭыԥан. Ажәақәа ацумҵалан, ибжьоумыжьлан, иумыԥсахлан. Ааҭгыларатә дыргақәа зегьы гәаҭала.

  • Ажәақәа зегьы ииашаны иҳәала. Ажәа ииашаны ишҳәатәу узымдыруазар, ажәар уахәаԥш, апубликациа аудионҵамҭа уазыӡырҩы, ма ибзианы иаԥхьо аӡәы уиазҵаа.

  • Еилыкка иҳәала. Ажәақәа еилыкка иҳәала. Ухы шьҭыхны, насгьы уҿы ибзианы иаартны уаԥхьала. Анбанқәа бжьоумыжьлан.