Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 10

Убжьы ԥсахла

Убжьы ԥсахла

Ажәамаанақәа 8:4, 7

ИҞАҴАТӘУ Иуҳәо ауаа ргәаҵанӡа инеирц азы убжьы уԥсахлар ауп. Иаҳҳәап, зны ирхәыҷтәуп, зны ирдутәуп, зны еиҳа ирласны иҳәатәуп, зны иааҭгылалатәуп. Убжьы зны агәырӷьара, зны агәҭынчымра аныԥшуазар ауп.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Убжьы зны ирхәыҷла, зны ирдула. Ихадоу азхәыцрақәа алукаарц, насгьы иузыӡырҩуа ак аҟаҵара ргәазҭоуҵарц азы убжьы еиҳа ирдула. Убас ҟаҵатәуп Абиблиаҿы ақәыӡбаратә жәабжь уанаԥхьогьы. Ихадоу ак уҳәаанӡа, мамзаргьы ашәарҭареи агәҭынчымреи ааурԥшырц ануҭаху убжьы еиҳа ирмаҷла.

  • Убжьы зны агәырӷьара, зны агәҭынчымра аныԥшуазар ауп. Убызшәаҿы иалшозар, игәышьҭыхгоу ак ануҳәо, мамзаргьы ак шаҟароу ма аҭыԥқәа шаҟа рыбжьоу уаналацәажәо, убжьы рдула. Агәкаҳареи агәҭынчымреи ааурԥшырц азы убжьы еиҳа ирмаҷла.

  • Зны еиҳа ирласны иҳәала, зны уааҭгылала. Угәы зырхыҭ-хыҭуа ак уҳәозар, еиҳа ирласны иҳәала. Ихадоу акы уаналацәажәо, уааҭгылала.