Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 12

Уажәақәа аԥхарра рыҵаз

Уажәақәа аԥхарра рыҵаз

1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8

ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа бзиа ишубо, насгьы урыцхраарц шуҭаху дырба.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Иузыӡырҩуа урызхәыцла. Уҽаназыҟауҵо урҭ ирымоу ауадаҩрақәа урызхәыцла. Урызхәыц урҭ рцәаныррақәа.

  • Ианаало ажәақәа ԥшаала. Иузыӡырҩуа ргәы шурҭынчша, ишурӷәӷәаша, насгьы ргәы шышьҭухша уашьҭаз. Уҽырцәыхьчала аӡырҩцәа лазырҟәыр алшо ажәақәа, насгьы Иегова ишаҳаҭцәам ауаа, мамзаргьы урҭ зыгәра рго иҽеимкәа урхымцәажәалан.

  • Урыцхраарц шуҭаху дырба. Хаала уцәажәалар, насгьы ухымҩаԥгашьала абзиабара ааурԥшлар, иузыӡырҩуа ииашаҵәҟьаны урыцхраарц шуҭаху рбоит. Ухаҿсахьала иузыӡырҩуа хьаас ишумоу аарԥшла; уҿаԥха-ҿаччала.