Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 17

Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала

Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала

1 Коринфаа рахь 14:9

ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа иуҳәо ҵакыс иамоу аилкаара.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ибзианы уҽазыҟаҵала. Атема ибзианы еилкаа, ирмарианы, ухатә ажәақәа рыла еиҭоуҳәарц азы.

  • Ухы иархәала икьаҿу аҳәоуқәеи имариоу ажәақәеи. Аҳәоу дуқәа ухы иаурхәалар ауеит, аха ихадоу азхәыцрақәа икьаҿу ажәақәеи аҳәоуқәеи рыла иҳәала.

  • Аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа деилыркаала. Иалшозар, аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа ухы иаумырхәалан. Аха ус еиԥш иҟоу ажәақәеи, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауааи, ажәытәан рхы иадырхәоз ашәага-загақәеи, аҵасқәеи урылацәажәозар, идеилыркаала.