Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 18

Иузыӡырҩуа зусҭцәоу уазхәыцла

Иузыӡырҩуа зусҭцәоу уазхәыцла

1 Коринфаа рахь 9:19—23

ИҞАҴАТӘУ Ажәахә убас иуҳәар ауп, аӡырҩцәа ихадоу ак шраҳаз еилыркаартә еиԥш.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Уазхәыц аӡырҩцәа ирдыруа. Ираҳахьоу еиҭах раҳәара аҭыԥан, уи иадҳәалоу иҿыцу ганк рбартә еиԥш урыцхраа.

  • Аҭҵаара мҩаԥгала, насгьы уазхәыцла. Иалшозар, ихадоу азхәыцрақәа ирыҵушьырц азы урылацәажәа уиаҟара ирзымдыруа афактқәа, мамзаргьы ааигәа иҟалаз ахҭысқәа. Инарҵауланы уазхәыц узлацәажәо атема, насгьы уи иаауго афактқәа ишрыдҳәалоу.

  • Аӡырҩцәа иуҳәо хәарҭас иаҵоу дырба. Идеилыркаа Абиблиа аҟынтәи иааугаз азхәыцрақәа аӡырҩцәа рыԥсҭазаараҿы ирыхәар шалшо. Еилырга дара ирыҵанакуа аҭагылазаашьақәеи ауадаҩрақәеи.