Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 20

Алҵшәа змоу аҵыхәтәантәи ажәақәа

Алҵшәа змоу аҵыхәтәантәи ажәақәа

Екклезиаст 12:13, 14

ИҞАҴАТӘУ Аҵыхәтәантәи ажәақәа ануҳәо, ргәазҭаҵа аӡырҩцәа ираҳаз рыдыркыларц, насгьы рхы иадырхәарц.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Аҵыхәтәаны иуҳәо ажәақәа ажәахә атема иадҳәал. Ихадоу азхәыцрақәеи атема ахьӡи даҽазнык иргәаларшәа.

  • Ашьаҿақәа рыҟаҵара ргәазҭаҵала. Идырба иҟаҵатәу, насгьы уи зыҟаҵатәу. Иуҳәо агәра шуго, насгьы ишхадоу аарԥшы.

  • Уажәахә злахуркәшо ажәақәа ырмариа, насгьы иркьаҿ. Иҿыцу азхәыцрақәа умҳәан. Иахьынӡалшо уажәа мыррацәакәа аӡырҩцәа ак аҟаҵара ргәазҭаҵа.