Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 03

Иаԥсоума Абиблиа агәра агара?

Иаԥсоума Абиблиа агәра агара?

Абиблиаҿы иануп алабжьара бзиақәеи угәы шьҭызхуа ақәыргәыӷрақәеи. Иҟалап Абиблиа иаҳәо еилышәкаар шәҭахызар. Аха иаԥсоума ижәытәӡоу ашәҟәы агәра агара? Иаԥсоума Абиблиа иану алабжьарақәа рхархәара? Иҟалома уи иаҳәо зегьы? Миллионҩыла ауаа агәра ргахьеит Абиблиа иану зегь шиашоу. Шәахәаԥш уи ус шакәу шәаргьы агәра шәзыргар алшо.

1. Абиблиа иану иашоу ихыҭҳәаау?

Абиблиа ахаҭа ишьақәнарӷәӷәоит иану зегь шиашоу (Екклезиаст 12:10). Ари ашәҟәаҿы иануп иҟаҵәҟьаз ауааи иҟалаҵәҟьаз ахҭысқәеи рыӡбахә. (Шәаԥхьа Лука 1:3; 3:1, 2.) Аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи аӡәырҩы ишьақәдырӷәӷәоит Абиблиа иану арыцхәқәеи, ахьӡқәеи, аҭыԥқәеи, ахҭысқәеи шиашоу.

2. Иабантәиҳдыруеи Абиблиа шмажәыз?

Абиблиа акырӡа иара аамҭа иаԥысуеит. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп анаука иазку афактқәа. Ажәытәан урҭ афактқәа рыгәра зымгоз рацәаҩын. Аха иахьатәи анаука Абиблиа иану шиашоу шьақәнарӷәӷәоит. Абиблиа еснагь зыгәра агара иаԥсаз, зҽызмыԥсахуаз шәҟәын, иахьагьы ус иҟоуп (Аԥсалом 111:8).

3. Избан Абиблиа ҳаԥхьаҟа иҟало иазкны иаҳәо агәра жәгар зшәылшо?

Абиблиаҿы иануп макьана иҟамлац аԥааимбаражәақәа a (Исаиа 46:10). Уа иануп аҭоурых аҿы иҟалараны иҟаз ахҭысқәа рыӡбахә. Урҭ рыӡбахә Абиблиаҿы иҳәан иҟалаанӡагьы акыраамҭа шагыз, ишҳәаз еиԥшҵәҟьоуп ишыҟалазгьы. Иара убас Абиблиа иаҳәоит иахьатәи ҳаамҭа зеиԥшроу. Ари аурок аҿы ҳара ҳрылацәажәоит Абиблиа иану ԥааимбаражәақәак. Урҭ ак агмыжькәа ишынаӡаз еилышәкаар, уамашәа ижәбар шәылшоит!

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Игәашәҭ Абиблиа иҳанаҳәои иахьатәи анаука иаҳәои шеиқәшәо, насгьы Абиблиа иану ԥааимбаражәақәак ҭышәҵаа.

4. Абиблиеи анаукеи еиқәшәоит

Ажәытәан ауаа реиҳараҩык Адгьыл акы иқәгылоуп ҳәа ргәы иаанагон. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәахәаԥш 3 500-ҟа шықәса раԥхьа Абиблиаҿы ианыз. Шәаԥхьа Иов 26:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан уамашәа иубаратәы изыҟоу Абиблиаҿы адгьыл «акгьы иаркымкәа» икнаҳауп ҳәа ахьаҳәо?

Аԥсабараҿы аӡы шеикәшо 200-ҟа шықәса раԥхьа ауп ианеилкааха. Аха шәахәаԥш уи иазкны азқьышықәсақәа раԥхьа Абиблиа иаҳәоз. Шәаԥхьа Иов 36:27, 28, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан уамашәа иубартә изыҟоу аԥсабараҿы аӡеикәшара иазкны Абиблиа иаҳәо?

  • Еиҳа агәра агара шәалагама Абиблиа, арҭ ажәеинраалақәа шәанрыԥхьа ашьҭахь?

5. Абиблиа иаҳәахьан иҟалараны иҟаз акрызҵазкуаз ахҭысқәа рыӡбахә

Шәаԥхьа Исаиа 44:27—45:2, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ианызи Абиблиа Вавилон шыргоз иазкны уи ҟалаанӡа 200 шықәса раԥхьа?

Аҭоурых ишьақәнарӷәӷәоит 539 шықәсазы ҳ. ҟ. b персиатәи аҳ Кир ируааи иареи Вавилон шыргаз. Дара Вавилон ақалақь зыхьчоз аӡиас ашьҭра даҽаџьара ииаргеит, нас иаартны иаанхаз агәашәқәа ирҭалан, ақалақь иалалеит, имеибашьӡакәагьы иргеит. Уи 2 500 шықәса инареиҳаны раԥхьа иҟалеит. Вавилон ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иахьа аилабгарақәа роуп иҟоу. Игәашәҭ Абиблиа уи иазкны иаҳәахьаз.

Шәаԥхьа Исаиа 13:19, 20, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥанаӡеи Вавилон иазкыз аԥааимбаражәа?

Вавилон аилабгарақәа (иахьатәи Ирак)

6. Абиблиа иаҳәахьан иахьатәи ҳаамҭа зеиԥшрахоз

Абиблиаҿы иахьатәи ҳаамҭа «аҵыхәтәантәи амшқәа» ҳәа иарбоуп (2 Тимофеи 3:1). Абар, Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи амшқәа раан иҟалараны иҟоу.

Шәаԥхьа Матфеи 24:6, 7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟалараны иҟоузеи аҵыхәтәантәи амшқәа раан, Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны?

Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:1—5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ҟазшьақәоу, Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи амшқәа раан ауаа иаадырԥшло?

  • Ижәбома иахьа ауаа арҭ аҟазшьақәа шаадырԥшуа?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Абиблиа — ари амифқәа реизгоуп».

  • Иарбан шьақәырӷәӷәароу, шәгәаанагарала, Абиблиа иаҳәо шиашоу еиҳарак агәра узырго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аҭоурыхи, анаукеи, иҟалахьоу аԥааимбаражәақәеи Абиблиа агәра агара ишаԥсоу шьақәдырӷәӷәоит.

Аиҭахысра

  • Абиблиа иану иашоу ихыҭҳәаау?

  • Иарбан ҿырԥштәқәоу Абиблиа анаука ишаҿамгыло ҳзырбо?

  • Агәра жәгома шәара Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа шынаӡо? Избан?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абиблиеи анаукеи ахьеиқәымшәо ыҟоума?

«Согласуется ли Библия с наукой?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа ажәытәтәи Бырзентәыла иазкны Абиблиа иаҳәахьаз.

«Аԥааимбаражәақәа рыгәра ганы ҳаҟоуп» (5:22)

Еилышәкаа ауаҩы аԥааимбаражәақәа анҭиҵаа ашьҭахь игәаанагара шиԥсахыз, насгьы Абиблиа даҽакала дахәаԥшуа дшалагаз.

«Я считал, что Бога не существует» («Ахьчаратә бааш» № 5, 2017, аурыс)

a Аԥааимбаражәа — ари иҟалараны иҟоу ахҭысқәа ҳазҳәо Анцәа иаацҳара ауп.

b Аркьаҿра «ҳ. ҟ.» иаанагоит «ҳера ҟалаанӡа», «ҳ. ҳ.» — «ҳара ҳера».