Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 08

Иегова шәиҩызахар шәылшоит

Иегова шәиҩызахар шәылшоит

Иегова иҭахуп еиҳагьы еиӷьны деилышәкаарц, еилышәкаарц ауаа дшырзыҟоу, насгьы шәара шәзы гәҭакыс имоу. Иара дгәыӷуеит ибзианы шәаниабадырлак ашьҭахь, иареи шәареи шәеиҩызцәахоит ҳәа. Аха ишәылшаҵәҟьома Анцәа шәиҩызахар? (Шәаԥхьа Аԥсалом 25:14.) Иҟашәҵар акәзеи Анцәа шәиҩызахарц азы? Абиблиа арҭ азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит. Иара убас Абиблиа аҟынтә еилышәкаауеит Анцәеи шәареи шәеиҩызара аасҭа ихадоу ак шыҟам.

1. Иарбан ааԥхьароу Иегова ишәиҭо?

«Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит» (Иаков 4:8). Иаанагозеи уи? Иегова шәиҩызахарц азы ааԥхьара шәиҭоит. Аӡәы ус дхәыцыр алшоит: «Анцәа узлеиҩызахои, думбозар?» Аха Абиблиаҿы иҳәоуп Иегова шәиҩызахарц азы иҟашәҵар шәылшо. Анцәа Абиблиа ала иҳаиҳәо ҳанаԥхьо, иара дшаҳамбогьы, ҳаиҩызара ҳарӷәӷәар ҳалшоит.

2. Избан Иегова зегь иреиӷьу аҩыза зиакәу?

Иегова бзиа шәшибо еиԥш аӡәгьы бзиа шәибаӡом. Иара иҭахуп насыԥ шәымазарц, насгьы ацхыраара анышәҭаху шәиҳәаларц. Абиблиаҿы иануп: «Шәгәы иҵхо зегь инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7). Иегова еснагь дазхиоуп иҩызцәа ацхыраара рыҭара, ргәы арҭынчра, иара убас рзыӡырҩра. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:18, 19.)

3. Иҟашәҵар акәзеи Иегова шәиҩызахарц азы?

Иегова ауаа зегь бзиа ибоит, аха сҩыза гәакьа ҳәа зегьы ирзиҳәаӡом (Ажәамаанақәа 3:32). Иегова иҭахуп иҩызцәа ииашаны рхы мҩаԥыргаларц, игәы иахәо ҟарҵаларц, ицәымӷу ҟарымҵаларц. Аӡәы игәы иаанагар алшоит Иегова изакәанқәа рыла анхара ахаангьы исылшаӡом ҳәа. Аха Иегова ҳара ибзианы ҳаиликаауеит. Иара иҳалымшо дазыԥшӡам. Иара изы зегь реиҳа ихадоу гәык-ԥсыкала бзиа даҳбаларц, насгьы еснагь игәаанагара ҳазхәыцларц ауп (Аԥсалом 147:11; Аусқәа 10:34, 35).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еиҳаны еилышәкаа Иегова иҩызахаразы иҟаҵатәу, насгьы Иегова зегь иреиӷьу аҩыза зиакәу.

4. Авраам Иегова иҩыза иакәын

Авраам (Аврам) иҿырԥшы иаҳнарбоит Анцәа ҳаиҩызахарц азы иҟаҵалатәу. Шәаԥхьа Авраам изкны Аҟазаара 12:1—4 иану, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дзызиҳәеи Иегова Авраам?

  • Дзықәиргәыӷи Иегова Авраам?

  • Иҟаиҵеи Авраам?

5. Иегова иҩызцәа рҟынтә дыззыԥшу

Ҳәарада, ҳара ҳҩызцәа рҟынтә ҳаззыԥшу ыҟоуп.

  • Шәыззыԥшузеи шәара шәҩызцәа рҟынтә?

Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Дыззыԥшузеи Иегова иҩызцәа рҟынтә?

Иегова игәы ҟаҳҵаларц азы, ҳхымҩаԥгашьа ма иҳалоу ҟазшьак ԥсахтәхар алшоит. Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова иҩызцәа дызрыҳәо рыԥсҭазаараҿы ак рыԥсахырц?

Аҩыза бзиа ашәарҭара уақәымшәарц азы заа угәуҽаниҵоит. Иеговагьы убас ҟаиҵоит

6. Иегова иҩызцәа рзы иҟаиҵо

Иегова иҩызцәа дрыцхраауеит ауадаҩрақәа рыхгара. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Дышԥалыцхрааи Иегова ари аԥҳәыс лгәы казыжьуаз ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи риааира?

Шәаԥхьа Исаиа 41:10, 13, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Изықәиргәыӷуеи Иегова иҩызцәа зегьы?

  • Шәгәы ишԥаанаго, Иегова дҩыза бзиоума? Избан ус шәгәы изаанаго?

Аҩыза бзиа еснагь уцхраара дазхиоуп. Иеговагьы иҩызцәа дрыцхраауеит

7. Иегова шәиҩызахарц азы шәиацәажәалароуп

Аҩызцәа анеицәажәо, реиҩызара ӷәӷәахоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 86:6, 11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳалшо Иегова иацәажәара?

  • Дышԥаҳацәажәо Иегова?

Иегова ҳаниҳәо, ҳара ҳиацәажәоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, иара дҳацәажәоит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа иҩызахара залшом».

  • Иарбан жәеинраалоу Абиблиа аҟынтә шәхы иашәырхәарыз, ауаҩы Иегова диҩызахар шилшо иеилшәыркаарц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова дышәҩызахарц иҭахуп. Иара шәеиҩызара арӷәӷәара дшәыцхраар илшоит.

Аиҭахысра

  • Дышԥарыцхраауеи Иегова иҩызцәа?

  • Избан Иегова иҩызцәа рҽырыԥсахырц дызрыҳәо?

  • Дазыԥшума Иегова иҩызцәа рҟынтә ирылымшо акы? Избан ус шәгәы изаанаго?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Иегова ари аԥҳәыс данылҩызаха, уи лыԥсҭазаара шеиқәнархаз.

«Мне не хотелось умирать!» («Ахьчаратә бааш» № 1, 2017, аурыс)

Аҿар еиҭарҳәоит Иеговеи дареи реиҩызара ахә зыршьо.

«Иаанагозеи Анцәа иҩызахара?» (1:46)