Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 09

Анцәа шәиҳәалар, шәеиҩызара шәырӷәӷәоит

Анцәа шәиҳәалар, шәеиҩызара шәырӷәӷәоит

Иҟашәҵо шәзымдыруа шәықәхахьома? Лабжьарак шәҭахума? Шәыуадаҩрақәа рыӡбаразы ацхыраара шәҭахума? Шәгәы шьҭызхуа, ма шәгәы зырҭынчуа ажәақәа шәаҳар шәҭахума? Ишәҭахума Иегова шәиҩызахар? Анцәа шәиҳәалар, абри зегь шәоур шәылшоит. Аха ишԥаиҳәалатәу Анцәа? Дырзыӡырҩуама Анцәа аҳәарақәа зегьы? Иҟаҵалатәузеи Анцәа шәыҳәарақәа дырзыӡырҩларц азы? Шәааи еилаҳкаап.

1. Захь иҳархалар ҳахәҭада ҳаҳәарақәа, насгьы ҳзызиҳәалар ҳалшозеи?

Иисус Христос иҳәон ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб заҵәык ҳиҳәалар шҳахәҭоу. Иара ихаҭагьы Иегова заҵәык диҳәон. Иара иҳәеит: «Шәиҳәала Анцәа абас: „Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб...“» (Матфеи 6:9). Анцәа ҳаниҳәо, ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит.

Анцәа зегь азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Ҳәарада, Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵарц азы, урҭ игәы иақәшәозароуп. Ҳара «агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа ҳаниҳәо, иаҳҳәо зегь шиаҳауа, иаҳҳәо игәы иақәшәозар» (1 Иоанн 5:14). Иисус иҳаилиркааит Анцәа ҳзызиҳәалар ҳахәҭоу. (Шәаԥхьа Матфеи 6:9—13.) Ҳара Анцәа ҳхазы ҳиҳәоит, аха иаҳзыҟаиҵо зегьы рзы иҭабуп ҳәа иаҳәарагьы ҳхаҳмыршҭлароуп, иара убас егьырҭгьы дрыцхрааларц ҳиҳәалароуп.

2. Ҳашԥаиҳәалар акәу Анцәа?

Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳгәы иҭоу зегь аартны Анцәа изеиҭаҳҳәаларц (Аԥсалом 62:8). Анцәа ҳаниҳәо, гәыкала ҳиҳәалароуп, ҳхы-ҳгәы иҭоу зегь изеиҭаҳҳәалароуп. Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит ҳабжьы ҭганы ма гәаныла. Ҳара ҳтәангьы, ҳгылангьы, ҳшьамхышгылангьы Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит. Аха Анцәа ҳаниҳәо, ҳтәашьеи ҳгылашьеи ҳаҭыр шиқәаҳҵо аанарԥшуазароуп. Ҳахьыҟазаалакгьы, ианааҳҭаху, Иегова ҳиацәажәалар ҳалшоит.

3. Ишԥаҟаиҵо Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак?

Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵарц азы ихы иаирхәо рацәоуп. Иаҳҳәап, иара аҭак ҟаиҵоит Абиблиа ала. Абиблиаҿы ҳазҵаарақәа рҭак ҳаур ҳалшоит. Уи ашәҟәы «аԥышәа змам аҟәыӷара инаҭоит» (Аԥсалом 19:7; шәаԥхьа Иаков 1:5). Иара убас Иегова ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы ирҭынчыр илшоит. Уи адагьы, егьырҭ иҩызцәа рыла дҳацхраар ауеит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова игәаԥхо аҳәарақәа зеиԥшроу, насгьы шәаниҳәо дшәыцхраар шилшо.

4. Анцәа дыззыӡырҩуа аҳәарақәа

Данбарзыӡырҩуеи Анцәа ҳаҳәарақәа? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Иегова шәиҳәалар иҭахуп. Шәаԥхьа Аԥсалом 65:2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, иҭахума Анцәа шәиҳәалар? Избан ус шәгәы изаанаго?

Анцәа ҳаҳәарақәа иаҳаларц ҳҭахызар, изакәанқәа инарықәыршәаны ҳанхалароуп. Шәаԥхьа Михеи 3:4, насгьы 1 Пиотр 3:12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, Анцәа ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩларц азы?

Еибашьуа аҩганкгьы Анцәа аиааира риҭарц иҳәоит. Анцәа рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵома?

5. Анцәа гәыкала ҳиҳәалароуп

Шьоукы иддырҵон Анцәа ианиҳәо, ирҳәо ҿырҳәала иҵаны, ирҳәац еиҭарҳәалароуп ҳәа. Аха игәаԥхома Анцәа ус еиԥш иҟоу аҳәарақәа? Шәаԥхьа Матфеи 6:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраар алшозеи Анцәа шәаниҳәо ишәҳәо еиҭашәымҳәаларц?

Есыҽны Иегова иҭабуп ҳәа зызиашәҳәаша шәазхәыцла, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Убас есыҽны иҟашәҵалар, амчыбжь аҩныҵҟа Анцәа шәаниҳәо, еиуеиԥшым быжь-темак шәрылацәажәар шәылшоит.

Аб иҭахуп ихәыҷы игәы иҭоу изеиҭеиҳәаларц. Иеговагьы ҳгәы иҭоу зегь изеиҭаҳҳәаларц иҭахуп

6. Анцәа иҳәара алшара — иара иҳаиҭаз ҳамҭоуп

Дышԥаҳацхраауеи Анцәа, иара ҳаниҳәо, еиҳараӡак ауадаҩрақәа анҳамоу? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Абиблиа агәра ҳнаргоит Анцәа ҳиҳәалар, агәҭынчра шҳауа. Шәаԥхьа Филиппаа 4:6, 7, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Анцәа ҳаниҳәа ашьҭахь ҳауадаҩра мыӡбахаргьы, избан уеизгьы Анцәа иҳәара изаԥсоу?

  • Шәзызиҳәарц шәҭахузеи шәара Анцәа?

Ижәдыруама шәара?

Ажәа «амин» иаанагоит «ус иагьыҟалааит; аиашаҵәҟьа». Жәытәнатә аахыс ауаа Анцәа ианиҳәоз, аҵыхәтәаны «амин» рҳәон (1 Ашықәсынҵа 16:36).

7. Анцәа шәиҳәарц азы аамҭа алшәхла

Зны-зынла убасҟак ҳаилахоуп, Анцәа иҳәарагьы ҳхашҭыр ауеит. Шаҟа ихадази Иисус изы Анцәа иҳәара? Шәаԥхьа Матфеи 14:23, насгьы Марк 1:35, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаиҵози Иисус Анцәа диҳәарц аамҭа иԥшаарц азы?

  • Ианбашәзыманшәалоу шәара Анцәа иҳәара?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа уиҳәеит ҳәа акраанагома, баша угәы урҭынчуеит ауп».

  • Иахышәҳәаауеи уи шәара?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Гәыкала Анцәа ҳаниҳәо, уи ҳаиҩызара арӷәӷәоит, ҳгәы арҭынчуеит, насгьы Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәаларц азы амч ҳнаҭоит.

Аиҭахысра

  • Захь иҳархалар ҳахәҭада ҳаҳәарақәа?

  • Ҳиҳәалар шԥаҳахәҭоу Анцәа?

  • Дышԥашәыцхраауеи Анцәа, иара шәиҳәалар?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Анцәа иҳәара иазкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа рҭак.

«Ответы на семь вопросов о молитве» («Ахьчаратә бааш»,  октиабр 1, 2010, аурыс)

Изаҭахузеи Анцәа иҳәара, насгьы еиӷьаҳтәыр шԥаҳалшо ҳаҳәарақәа?

«Почему нужно молиться Богу» (авеб-статиа)

Еилышәкаа ҳара зегьы ҳаҳәарақәа захь иҳархалар ҳахәҭоу.

«Нужно ли молиться святым?» (авеб-статиа)

Ашәа зцу ари авидеонҵамҭа аҟынтә шәара еилышәкаауеит Анцәа ҳахьиҳәо, насгьы ҳаниҳәо хадоу-ихадаму.

«Еснагь Анцәа уиҳәала» (1:22)