Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 12

Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҭҵаара?

Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҭҵаара?

Абиблиа аҭҵаара даараӡа ихәарҭоуп, аха уи еснагь имариам. Ауадаҩрақәа цәырҵыр ҟалоит. Иҟалап абас шәхәыцыргьы: «Иаԥсоума Абиблиа анаҩсгьы аҭҵаара?» Избан Абиблиа аҭҵаара шәаҟәыҵыр зшәыхәҭам? Ишәыцхраауазеи ауадаҩрақәа шшәымоугьы, анаҩсгьы Абиблиа аҭҵаара?

1. Избан Абиблиа аҭҵаара зхадоу?

Анцәа иажәа «аԥсы ҭоуп, амч ду амоуп» (Ауриацәа рахь 4:12). Абиблиа даараӡа ахә ҳаракуп, избанзар уа Анцәа ихәыцрақәа ануп. Иара убас Абиблиа аҟынтәи шәара еилышәкаауеит Анцәа бзиа шәшибо. Уи адыррақәеи, аҟәыӷареи, агәыӷреи шәнаҭоит. Аха зегь реиҳа ихадоу, Абиблиа Иегова иҩызахара ишәыцхраауеит. Абиблиа ҭышәҵаалар, шәыԥсҭазаара аиӷьтәразы амч шәоуеит.

2. Избан Абиблиа иану аҵабырг ахә шыҳараку ҳхаҳмыршҭлар закәу?

Абиблиа иану аҵабыргқәа зыхә ҳараку ахазына иаҿурԥшыр алшоит. Убри азоуп Абиблиаҿы изану: «Аҵабырг аахә, иумҭиин» (Ажәамаанақәа 23:23). Абиблиа иану аҵабырг шаҟа ахә ҳараку еснагь иаҳгәалашәозароуп. Усҟан, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, Абиблиа аҭҵааразы ҳаамҭагьы ҳамчгьы ҳреигӡалаӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:4, 5.)

3. Иарбан цхыраароу Иегова ишәиҭар илшо?

Иегова — Зегьзымчу Ҳазшаз Анцәа иоуп, иара убас Ҳҩыза иоуп. Иара иҭахуп еиҳа еиӷьны шәиабадырырц. Иегова илшоит уи азы «агәаҳәареи амчи» шәиҭар. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:13.) Убри аҟынтә Абиблиа аҭҵааразы, ма еилышәкааз шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәарц азы иҵегь амч шәҭаххар, иара еснагь шәыцхраара дазхиоуп. Шәзықәшәо ауадаҩрақәеи аҿагыларақәеи шәхыжәгарц азгьы амч шәҭаххар, усҟангьы дшәыцхраауеит. Абиблиа аҭҵаара шәаҟәымҵырц азы еснагь Иегова шәиҳәала (1 Фессалоникаа рахь 5:17).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Ишәыцхраауазеи анаҩсгьы Абиблиа аҭҵаара, шәеилахазаргьы, ма шьоукы шәҿагылозаргьы? Еилышәкаа иарбан цхыраароу Иегова ишәиҭар илшо.

4. Абиблиа аҭҵаара шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу ак акәны иҟашәҵа

Зны-зынла шәусқәа ахьырацәоу иахҟьаны, Абиблиа аҭҵааразы аамҭа шәымамшәа шәгәы иабар алшоит. Иҟашәҵар шәылшозеи? Шәаԥхьа Филиппаа рахь 1:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, аԥсҭазаараҿы «еиҳа ихадоу» арбану?

  • Иҟашәҵар шәылшозеи, Абиблиа аҭҵаара шәыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадазарц азы?

  1. 1. Аведра аԥслымӡ ҭоуԥсар, ахаҳәқәа акӡом

  2. 2. Аха зны ахаҳәқәа ҭоуҵар, аԥслымӡгьы акуеит. Убасҵәҟьа ҳаԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу аусқәа ирықәнагоу аҭыԥ рзалҳхуазар, егьырҭ аусқәа рзгьы аамҭа ҳзаанхоит

Ҳара Анцәа ида ԥсыхәа ҳамаӡам. Уи деилаҳкаалароуп, насгьы ҳимҵахырхәалароуп, убас ҳаишеит Анцәа. Уи азы Абиблиа ҭаҳҵаалароуп. Шәаԥхьа Матфеи 5:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥеиӷьхо ауаҩы иԥсҭазаара, иара изы Абиблиа аҭҵаара зегь реиҳа ихадахар?

5. Абиблиа аҭҵаара шәаҟәымҵын, ауаа шәҿагылозаргьы

Шьоукы Абиблиа аҭҵаара шәаҟәыҵ ҳәа шәарҳәалар алшоит. Абар Франческо иҿырԥштәы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ирҳәазеи Франческо иҩызцәеи иуацәеи, Абиблиа аҭҵаара дшалагаз анреиҳәа?

  • Лҵшәас иаанагазеи Франческо Абиблиа аҭҵаара дахьаҟәымҵыз?

Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:24, 25, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥазыҟоу шәыуацәеи шәҩызцәеи Абиблиа ахьҭышәҵаауа?

  • Арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны, шәхы мҩаԥыжәгалар шԥашәыхәҭоу, аӡәы Абиблиа ахьҭышәҵаауа игәамԥхозар? Избан?

6. Иегова ицхыраара шәақәгәыӷла

Иегова шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убри аҟара дҳаргәырӷьалар ҳҭаххоит. Аха ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара, насгьы иԥҟарақәа рыла анхара мариамхар алшоит. Аха ахаангьы шәгәы кашәмыжьлан! Иегова дшәыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ԥсахрақәоу Џьим иҟаиҵаз, Иегова диргәырӷьаларц азы?

  • Ишәгәаԥхазеи еиҳараӡак иҿырԥшы аҟынтә?

Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:6, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаиҵарц ииҭахузеи Иегова «гәыкала иԥшаара иашьҭоу», даҽакала иуҳәозар, еиҳа еиӷьны иеилкаара иашьҭоу рзы, насгьы иԥҟарақәа инарықәыршәаны анхара зҭаху рзы?

  • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Абиблиа аҭҵаара шәахьаҟәымҵуа?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа зрыцҭуҵаауеи?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Абиблиа аҭҵаара мариаӡам, аха убри заҵәык ауп наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго. Иегова ицхыраара шәақәгәыӷла, усҟан иара хымԥада дышәзылԥхоит.

Аиҭахысра

  • Рыхә ҳаракума шәара шәзы Абиблиаҿы иану аҵабыргқәа? Избан?

  • Ишԥашәылшо «еиҳа ихадоу» алхра?

  • Избан Абиблиа аҭҵаара шәаҟәымҵырц азы Иегова шәиҳәалар зшәыхәҭоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Аӡәырҩы абарҭ ԥшь-лабжьарак рыцхрааит раамҭа зықәдырӡуа ацклаԥшра.

«Как с мудростью использовать время?» («Пробудитесь!», февраль 2014)

Шәахәаԥш Иегова ԥҳәыск дышлыцхрааз, лхаҵа Анцәа хьаас дышимамызгьы.

«Иегова ицхыраарала зегь ахгара ҳалшоит» (5:05)

Еилышәкаа хаҵак иԥсҭазаара шеиӷьхаз, иԥҳәыс Абиблиа аҭҵаара дахьаҟәымҵыз абзоурала.

«Сара аҵабырг хәыц-хәыц иҭысҵааит» (6:30)

Зны-зынла Иегова ишаҳаҭцәа аҭаацәарақәа хдырбгалоит ҳәа ахара рыдырҵоит. Аха иашоума уи?

«Разрушают ли Свидетели Иеговы семьи?» (авеб-статиа)