Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 16

Дызҿызи Иисус адгьыл аҿы даныҟаз?

Дызҿызи Иисус адгьыл аҿы даныҟаз?

Аӡәырҩы Иисус Христос ҿыц ииз асаби, иҟәыӷоу ԥааимбарк, ма аԥсра иаҿу аӡә иеиԥш ауп рхаҿы дшааиуа. Аха иаҳдыруазеи уаҳа Иисус изкны? Дызҿызи иара адгьыл аҿы даныҟаз? Ари аурок аҿы шәара еилышәкаауеит Иисус иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз, насгьы уи шәыцхраар шалшо.

1. Иарбан усу Иисус изы зегь реиҳа ихадаз?

Абар Иисус уи иазкны ихаҭа ииҳәаз: «Сара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа... ауаа ирыласҳәароуп». (Шәаԥхьа Лука 4:43.) Иара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон — Анцәа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбо Аҳра, ма анапхгара, шышьақәиргыло a. Хышықәсеи бжаки рыҩныҵҟа Иисус иаамҭеи имчи дырмеигӡаӡакәа, ауаа уи ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон (Матфеи 9:35).

2. Избан Иисус аџьашьахәқәа зыҟаиҵоз?

Абиблиа иаҳәоит Анцәа Иисус ила «узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаиҵеит» ҳәа (Аусқәа 2:22). Анцәа имч ацхыраарала Иисус илшон афырҭын аиқәыртәара, зықьҩыла ауаа акрырҿаҵара, ачымазцәа рыхәышәтәра. Иара иԥсызгьы рыԥсы ҭеиҵон (Матфеи 8:23—27; 14:15—21; Марк 6:56; Лука 7:11—17). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иҳаилдыркаауеит Анцәа шиакәу даазышьҭыз. Иара убас урҭ иаадырԥшуеит Иегова ҳауадаҩрақәа зегь рыӡбара шилшо, уи азы амч шимоу.

3. Иаҳнарҵозеи Иисус иԥсҭазаара?

Иисус еснагь Иегова дизыӡырҩуан. (Шәаԥхьа Иоанн 8:29.) Аҿагыларақәеи ашьҭашәарыцарақәеи дышрықәшәозгьы, иара Иаб ииҭахыз акәын еснагь иҟаиҵоз. Иисус иаҳирбеит ауаа ауадаҩра ӷәӷәақәа ианрықәшәогьы, Анцәа изыӡырҩра шрылшо. Убас ала Иисус аҿырԥшы ҳзынижьит, ишҳалшо ала ишьҭа ҳхыланы ҳцаларц азы (1 Пиотр 2:21).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иисус ауаа ажәабжь бзиа шырзеиҭеиҳәоз, насгьы аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз атәы.

4. Иисус ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон

Иисус ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа раҳарц азы, асаба зныз амҩақәа дырныланы, даараӡа ирацәаны дныҟәон. Шәаԥхьа Лука 8:1, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иисус ажәабжь бзиа ззеиҭеиҳәоз иара иахь инеиуаз рымацара роума?

  • Шаҟа аџьабаа ибози Иисус, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәарц азы?

Анцәа заа иҳәахьан Мессиа ауаа ажәабжь бзиа шырзеиҭеиҳәало. Шәахәаԥш Исаиа 61:1, 2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа Иисус иҿы?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ираҳароума иахьа ауаа ари ажәабжь бзиа?

5. Иисус ауаа ихадаз ак дирҵон

Иисус ауаа ирзеиҭеиҳәоз Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа мацара акәӡамызт. Иара рыԥсҭазаараҿы ирыхәашазгьы дирҵон. Ҳрыхәаԥшып ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҟны иааигаз ҿырԥштәқәак. Шәаԥхьа Матфеи 6:14, 34, насгьы 7:12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иаҳирҵозеи Иисус арҭ ажәеинраалақәа рҿы?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ихәарҭоума иахьа арҭ алабжьарақәа?

6. Иисус аџьашьахәқәа ҟаиҵон

Иегова Иисус амч ииҭеит аџьашьахәқәа ҟаиҵаларц азы. Абар ҿырԥштәык. Шәаԥхьа Марк 5:25—34, мамзаргьы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Зыгәра ганы дыҟази ачымазара ӷәӷәа змаз аԥҳәыс?

  • Ишәгәаԥхазеи еиҳарак ари аҭоурых аҟынтә?

Шәаԥхьа Иоанн 5:36, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҳаилдыркаауазеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?

Ижәдыруама шәара?

Абиблиаҿы Иисус иӡбахә еиҳараӡак ԥшь-шәҟәык рҿы ауп иахьану. Урҭ Аевангелиеқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аевангелиеқәа рҩит Матфеи, Марк, Лука, насгьы Иоанн. Аевангелиеқәа зыҩуаз дасу Иисус изкны еиуеиԥшым акәамаҵамарақәа азгәеиҭон. Арҭ аԥшьшәҟәык рҿы иану еицуҵар, Иисус иԥсҭазаара иазкны еиҳа инарҭбааны еилукаар улшоит.

  • МАТФЕИ

    иоуп раԥхьа Аевангелие зҩыз. Уа иара Иисус ауаа идирҵоз атәы аниҵеит. Еиҳараӡак иара Иисус Анцәа Иаҳра иазкны еиҭеиҳәоз дазааҭгылеит.

  • МАРК

    зегь реиҳа икьаҿу Аевангелие иҩит. Аха уа даараӡа ирацәаны ахҭысқәа ануп.

  • ЛУКА

    еиҳараӡак далацәажәоит Анцәа иҳәара Иисус изы шаҟа ихадаз, насгьы уи аҳәса дшырзыҟаз.

  • ИОАНН

    еиҭеиҳәоит Иисус дзеиԥшра уаҩыз. Иара убас уи иҩызцәеи егьырҭ ауааи иареи реицәажәарақәа маҷымкәа иҩит.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иисус Дынцәоуп».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус Анцәа Иаҳра аӡбахә еиҭеиҳәон, насгьы аџьашьахәқәа ҟаиҵон. Иара еснагь Иегова дизыӡырҩуан.

Аиҭахысра

  • Иарбан усу Иисус изы ихадаз?

  • Иҳаилдыркаауазеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?

  • Идирҵози Иисус ауаа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәахәаԥш Иисус аџьашьахәқәа шыҟаиҵаҵәҟьоз шьақәзырӷәӷәо.

«Чудеса Иисуса Христа. О чем они говорят?» («Ахьчаратә бааш», ииуль 15, 2004, аурыс)

Шәаԥхьа Иисус ауаа рахь иааирԥшуаз абзиабара хаҵак игәаҵанӡа ишнеиз атәы.

«Я жил только для себя» («Ахьчаратә бааш», октиабр 1, 2014, аурыс)

Ари атаблицаҿы Иисус иԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭысқәа ахронологиа инақәыршәаны иануп.

«Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара иадҳәалоу ихадоу ахҭысқәа» (аиҭага «Адунеи ҿыц», Ацҵа А7)

a Анцәа Иаҳра иазкны еиҳа инарҭбааны еилышәкаауеит аурокқәа 31—33 рҟны.