Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 18

Ишԥеилкаатәу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу?

Ишԥеилкаатәу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу?

Ҩ-миллиардҩык инареиҳаны ауаа қьырсианцәаны рхы рыԥхьаӡоит. Аха дара зыгәра ргои рхымҩаԥгашьеи еиԥшӡам. Нас, ишԥеилкаатәу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу?

1. Дызусҭада ақьырсиан?

Ақьырсианцәа — Иисус Христос иҵаҩцәа, ма ишьҭа ихыланы ицо, роуп. (Шәаԥхьа Аусқәа 11:26.) Ишԥеилкаатәу Иисус иҵаҩцәа зусҭцәоу? Иисус ихаҭа иҳәеит урҭ злоудыруа. Иара иҳәеит: «Сара сажәа шәықәныҟәозар, ииашаҵәҟьаны сҵаҩцәа шәоуп» (Иоанн 8:31). Ус акәзар, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Иисус иҵаҩцәа идирҵоз инақәыршәаны инхозароуп. Иисус еснагь Абиблиа ианыз акәын ауаа идирҵоз. Убри аҟынтә ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зыгәра рго Абиблиа иану иақәшәозароуп. (Шәаԥхьа Лука 24:27.)

2. Ишԥаадырԥшуеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа абзиабара?

Абар Иисус иҵаҩцәа ириҭаз азакәан: «Сара бзиа шәшызбо еиԥш, аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» (Иоанн 15:12). Ишԥааирԥшуаз Иисус иҵаҩцәа рахь абзиабара? Иара аамҭа рыцихигон, ргәы шьҭихуан, насгьы дрыцхраауан. Уи адагьы, иԥсҭазаара рыхҭниҵеит (1 Иоанн 3:16). Убас еиԥш ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәагьы ажәала мацара акәымкәа, аус аҿгьы абзиабара аадырԥшуеит.

3. Иарбан усу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рзы зегь реиҳа ихадоу?

Иисус иҵаҩцәа акрызҵазкуа адҵа риҭеит: иара урҭ дәықәиҵеит «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәаларц» (Лука 9:2). Раԥхьатәи ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ахьырҳәоз реизарақәа ахьымҩаԥысуаз мацара акәӡамызт. Дара ауаа рахьгьы ицон. Урҭ ажәабжь рҳәон ауаа ахьеизоз аҭыԥқәа рҿы, аџьармыкьақәа рҿы, насгьы ҩнаҭацыԥхьаӡа. (Шәаԥхьа Аусқәа 5:42; 17:17.) Иахьагьы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ауаа ахьыҟоу зехьынџьара Абиблиа иану ажәабжь еиҭарҳәоит. Дара ауаа зегь бзиа ирбоит, убри аҟынтә раамҭеи рымчи ирмеигӡакәа, агәыӷра узҭо, угәы зырҭынчуа Абиблиа иану ажәабжь ауаа ирыларҳәоит (Марк 12:31)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа қьырсианцәас зхы зыԥхьаӡо, аха Иисус иҵарақәеи иҿырԥши ирықәымныҟәо ауаа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа излареиԥшым.

4. Урҭ Абиблиа иану аҵабырг иашьҭоуп

Раԥхьатәи ақьырсианцәа рхаҵара Анцәа Иажәа шьаҭас иаман

Қьырсианцәас зхы зыԥхьаӡо рацәаҩуп, аха Абиблиа иану иқәныҟәо маҷҩуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишԥарԥырхагаз уахәамақәак ауаа Иисус идирҵоз аилкаара?

Иисус Анцәа Иажәа ианыз аҵабырг акәын ауаа идирҵоз. Шәаԥхьа Иоанн 18:37, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥеилкаатәу, Иисус иажәақәа инарықәыршәаны, аҵабырг иацныҟәо, даҽакала иуҳәозар, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу?

5. Дара ауаа Абиблиа иану аҵабырг ддырҵоит

Раԥхьатәи ақьырсианцәа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәон

Иисус ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа, иҵаҩцәа акрызҵазкуаз дҵак риҭеит, уи аус иахьагьы имҩаԥысуеит. Шәаԥхьа Матфеи 28:19, 20, насгьы Аусқәа 1:8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иабанӡанаӡар акәзеи ажәабжьҳәаратә ус, насгьы шаҟа аамҭа имҩаԥыслозеи уи?

6. Дара егьырҭ иддырҵо рхаҭагьы иқәныҟәоит

Ишԥеиликааи Том ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа шиԥшааз? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан аамҭак азы Том адинхаҵарақәа игәы зрыхшәаз?

  • Ишԥеиликааи аҵабырг шиԥшааз?

Аусқәа ажәақәа раасҭа ихадоуп. Шәаԥхьа Матфеи 7:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Еиҳа ихадоузеи Иисус изы: иара игәра шаҳго ажәала иахьаҳҳәо акәу, мамзаргьы уи усла иахьышьақәҳарӷәӷәо акәу?

7. Дара бзиа еибабоит

Раԥхьатәи ақьырсианцәа бзиа еибабон

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рашьцәа рзы рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара иазхиоуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан Ллоид иашьа Иоханссон изы аԥсра дзазхиаз?

  • Шәгәы ишԥаанаго, Ллоид ииашаҵәҟьоу ақьырсиан иеиԥш ихы мҩаԥигама?

Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥарзыҟазар акәу Иисус иҵаҩцәа (ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа) даҽа расак ма милаҭк иатәу ауаа?

  • Рхы мҩаԥыргалар шԥарыхәҭоу дара аибашьра аан?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ақьырсианцәа шьоукы Анцәа зынӡа дхазымҵо раасҭагьы еицәоуп. Бзиарас иалои, нас, рдинхаҵара?»

  • Иарбан библиатә жәеинраалоу уи аҩыза агәаанагара змоу ауаа идшәырбарыз, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу еилыркаарц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Абиблиа ишаҳәо еиԥш инхоит, рхы иамеигӡакәа абзиабара аадырԥшуеит, насгьы Абиблиа иану аҵабырг егьырҭ ирзеиҭарҳәоит.

Аиҭахысра

  • Шьаҭас иамоузеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рхаҵара?

  • Иарбан ҟазшьоу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ изларылукаауа?

  • Иарбан усу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рзы зегь реиҳа ихадоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иисус Христос иҿырԥштәы иацныҟәо, насгьы иҵаҩцәа идирҵоз ала анхара зҽазызшәо ауаа ирызкны иҵегь еилышәкаа.

«Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?» (1:13)

Шәаԥхьа монахԥҳәыск ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ҭаацәарак реиԥш ишылзыҟалаз атәы.

«На все вопросы они отвечали по Библии!» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2014, аурыс)

Ишԥарыцхраауеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рашьцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан?

«Помощь нашим братьям во время бедствий» (ацыԥҵәаха) (3:57)

Еилышәкаа ҳаамҭазы инхо ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа излареиԥшу.

«Как узнать истинных христиан?» («Ахьчаратә бааш», март 1, 2012, аурыс)