Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 19

Ииашаҵәҟьоу қьырсианцәоума Иегова ишаҳаҭцәа?

Ииашаҵәҟьоу қьырсианцәоума Иегова ишаҳаҭцәа?

Ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа шҳакәу агәра ганы ҳаҟоуп. Еилышәкаа зыгәра ҳго шьаҭас иамоу, избан уи аҩыза ахьӡ заҳху, насгьы ҳабжьара абзиабара шааҳарԥшуа.

1. Шьаҭас иамоузеи Иегова ишаҳаҭцәа рхаҵара?

Иисус иҳәеит Анцәа Иажәа шҵабыргу (Иоанн 17:17). Иисус иеиԥш, Иегова ишаҳаҭцәагьы зыгәра рго шьаҭас иамоу Анцәа Иажәа ауп. Абар ҳҭоурых аҟынтә ҿырԥштәык. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы гәыкала аҵабырг иашьҭаз шьоукы Анцәа Иажәа ибзианы аҭҵаара иалагеит. Дара Абиблиа иану иқәныҟәаларц рыӡбеит, уи ауахәамақәа ауаа иддырҵоз ишеиԥшмызгьы. Хара имгакәа дара Абиблиа иану аҵабырг егьырҭ ауаагьы рзеиҭаҳәара иалагеит a.

2. Избан ҳара Иегова ишаҳаҭцәа зҳахьӡу?

Иегова имаҵзуҩцәа сышаҳаҭцәа ҳәа рзиҳәоит, избанзар урҭ иара изкны аиаша еиҭарҳәоит (Ауриацәа рахь 11:4—12:1). Анцәа ажәытәан ижәлар иреиҳәеит: «Шәара сышаҳаҭцәа шәоуп». (Шәаԥхьа Исаиа 43:10.) Иисус Христос «Ашаҳаҭ Иаша» ҳәа изҳәоуп (Аатра 1:5). Убри азоуп 1931 шықәсазы ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ зҳадаҳкылаз. Ҳара ҳзы уи ахьӡ аныҟәгара ҳаҭыр дууп.

3. Ишԥаадырԥшуеи Иегова ишаҳаҭцәа Иисус иеиԥш абзиабара?

Иисус иҵаҩцәа даара бзиа ибон, урҭ иара ҭаацәарак еиԥш изыҟан. (Шәаԥхьа Марк 3:35.) Убас еиԥш Иегова ишаҳаҭцәагьы адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҭаацәарак еиԥш иҟоуп. Убри азоуп ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳәа зеибаҳҳәо (Филимон иахь 1, 2). Иара убас ҳара ҳақәныҟәоит «шәашьцәа зегь бзиа ижәбала» ҳәа Абиблиа иану азакәан (1 Пиотр 2:17). Иегова ишаҳаҭцәа рхаҵара рыцеиҩызшо рашьцәа рахь еснагь абзиабара аадырԥшуеит, иаҳҳәап, аԥсабаратә рыцҳарақәа раан.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еиҳаны еилышәкаа Иегова ишаҳаҭцәа рҭоурых, насгьы шәрыхәаԥш ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа шҳакәу шәзырбо егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәа.

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зыгәра рго Абиблиа шьаҭас иамоуп, насгьы зыгәра рго егьырҭ ирзеиҭарҳәоит

4. Зыгәра ҳго Абиблиа шьаҭас иамоуп

Иегова заа иҳәахьан Абиблиа иану аҵабырг хәыҷы-хәыҷла ишаатло. Шәаԥхьа Даниил 12:4, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Изызҳар акәзи Анцәа имаҵзуҩцәа рыбжьара, Абиблиа ибзианы иахьҭырҵаауаз абзоурала?

Еилышәкаа Чарлз Рассел дызлахәыз Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәыԥ Анцәа Иажәа шҭырҵаауаз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҭырҵаауаз Абиблиа Чарлз Рассел иҩызцәеи иареи?

Ижәдыруама шәара?

Зны-зынла ҳара ҳаилкаара маҷк аҽаԥсахуеит. Избан? Ҿырԥштәык ааҳгап. Ашьыжь амра еиҳа-еиҳа ихалацыԥхьаӡа, еиҳа еиӷьны ҳакәша-мыкәша иҟоу ҳбоит. Убасҵәҟьа Анцәагьы Абиблиа иану аҵабырг еиҳа-еиҳа еиӷьны аилкаара дҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:18.) Убри аҟынтә Абиблиа еиҳа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа, ҳаилкаара аҽаԥсахуеит. Аха Абиблиа ахаҭа ахаангьы аҽаԥсахӡом.

5. Ҳара ҳахьӡ иаҳәо инақәыршәаны ҳанхоит

Избан ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ зҳадаҳкылаз? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Избан ахьӡ Иегова ишаҳаҭцәа заҳнаало?

Избан Иегова ауаа шаҳаҭцәас изалихыз? Дара Анцәа изкны аиаша еиҭарҳәоит, избанзар ауаа амц изырҳәоит. Абар ҩ-ҿырԥштәык.

Динхаҵарақәак ауаа иддырҵоит Анцәа иҭахушәа ианимҵахырхәо, асахьақәеи аныхақәеи рхы иадырхәаларц. Шәаԥхьа Алевит 26:1, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иашоума уи? Дышԥарзыҟоу Иегова аидолқәа?

Адинхаҵарақәа реиҳарак Иисус Дынцәоуп ҳәа ауаа иддырҵоит. Шәаԥхьа Иоанн 20:17, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иашоума уи? Анцәеи Иисуси аӡә роума?

  • Шәыԥшазыҟоу шәара, Иегова ишаҳаҭцәа Иԥеи иареи ирызку аҵабырг ауаа иахьырзеиҭарҳәо? Уи ҳаҭыр дууп ҳәа шәыԥхьаӡома?

6. Ҳара бзиа ҳаибабоит

Абиблиаҿы иануп ауаҩы ицәеижь ахәҭақәа шеидҳәалоу еиԥш, ақьырсианцәагьы бзиабарала еидҳәалазароуп ҳәа. Дара аӡәк иеиԥш иҟазароуп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 12:25, 26, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵозеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны, рашьцәа арыцҳарақәа ианрықәшәо?

  • Иаадырԥшуама Иегова ишаҳаҭцәа уи аҩыза абзиабара? Иаажәга аҿырԥштәы.

Иегова ишаҳаҭцәа арыцҳара ианақәшәо, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо рашьцәа иаразнак урҭ ацхыраара рырҭоит. Абар ҿырԥштәык. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишԥаанарԥшуеи Иегова ишаҳаҭцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан иҟарҵо ацхыраара ауаа зегь бзиа ишырбо?

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа арыцҳара иақәшәаз рахь абзиабара аадырԥшуеит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иегова ишаҳаҭцәа — динхаҵара ҿыцуп».

  • Ианбареиҳәеи Иегова имаҵ зуаз ауаа «сышаҳаҭцәа шәоуп» ҳәа?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова ишаҳаҭцәа ииашаҵәҟьоу қьырсианцәоуп. Ҳара адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу аҭаацәара ҳахәҭакуп, зыгәра ҳго Абиблиа шьаҭас иамоуп, насгьы Иегова изкны аҵабырг егьырҭ ирзеиҭаҳҳәоит.

Аиҭахысра

  • Избан ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ зҳадаҳкылаз?

  • Ҳашԥеизыҟоу ҳара аӡәи-аӡәи?

  • Шәгәы ишԥаанаго, Иегова ишаҳаҭцәа ииашаҵәҟьоу қьырсианцәоума?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абар Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ адинхаҵарақәа ауаа ирыладырҵәо амц шаадыртуа ҳзырбо аҿырԥшы.

«Народ Бога прославляет его имя» (7:08)

Еилышәкаа Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы ицәырҵуа азҵаарақәа рҭак.

«Часто задаваемые вопросы о Свидетелях Иеговы» (асаит аҿы иҟоу арубрика)

Стивен даҽа расак иатәыз ауаа даара ицәымӷын азы, драқәԥон. Еилышәкаа иҽзиԥсахыз.

«Я катился по наклонной» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2015, аурыс)

a Ихадоу ҳжурнал «Ахьчаратә бааш» 1879 шықәса инаркны иааиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуеит, насгьы уи Абиблиа шьаҭас иамоуп.