Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 24

Амаалықьцәа ирызку аиаша

Амаалықьцәа ирызку аиаша

Иегова иҭахуп жәҩантәи иҭаацәара ҳрабадырырц. Иара иҭаацәара рахь иаҵанакуеит «Анцәа иԥацәа» ҳәа изышьҭоу амаалықьцәа (Иов 38:7). Иаҳәозеи Абиблиа амаалықьцәа ирызкны? Ирылахәума дара ауаа русқәа? Амаалықьцәа зегьы Анцәа иҭаацәара иахәҭакума?

1. Изусҭцәада амаалықьцәа?

Иегова адгьыл ишаанӡа акыр шықәса раԥхьа амаалықьцәа ишахьан. Амаалықьцәа, Анцәа иеиԥш, ажәҩан аҿы инхоит, убри аҟынтә ауаа урҭ рбаӡом (Ауриацәа 1:14). Амаалықьцәа миллионҩыла иҟоуп, насгьы дара-дара еиԥшӡам (Аатра 5:11). Дара Иегова ибжьы иазыӡырҩуеит, иажәагьы нарыгӡоит (Аԥсалом 103:20). Ажәытәан Иегова амаалықьцәа ауаа рахь иааишьҭуан, акрызҵазкуаз ажәабжь реиҳәарц, дрыцхраарц, насгьы ихьчарц азы. Иахьатәи аамҭазы амаалықьцәа ажәабжьҳәаҩцәа ирыцхраауеит Анцәа деилызкаарц зҭаху ауаа рыԥшаара.

2. Изусҭцәада Аҩсҭааи адемонцәеи?

Амаалықьцәа шьоукы Иегова ицәхьаҵит. Раԥхьаӡа Анцәа иҿагылаз амаалықь адунеи зегь зжьо Аҩсҭаа Аџьныш ҳәа изҳәоуп (Аатра 12:9). Аҩсҭаа егьырҭ иҳәатәы харҵаларц иҭахын, убри азы Адами Евеи Анцәа иҿагыларц ргәазҭеиҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь амаалықьцәа шьоукгьы Аҩсҭаа иган ааныркылеит. Анцәа иҿагылаз урҭ амаалықьцәа адемонцәа ракәхеит. Иегова урҭ ажәҩан аҟынтә иалырбганы, адгьыл ахь икаижьит. Урҭ иаарласны иқәгахоит. (Шәаԥхьа Аатра 12:9, 12.)

3. Ҳаржьар шԥарылшо Аҩсҭааи адемонцәеи?

Аҩсҭааи адемонцәеи аспиритизм рхы иархәаны ауаа ржьоит. Аспиритизм — ари адемонцәа рыҽрыдҳәалара ауп. Иаҳҳәап, шьоукы астрологцәеи, аекстрасенсцәеи, аԥшцәеи ацхырааразы ирыҳәоит. Даҽа шьоукы агороскопқәеи аԥхыӡқәа уеилзыркаауа ашәҟәқәеи ирыԥхьоит, ма рҽырхәышәтәырц азы адемонцәа ирыдҳәалоу ахәышәтәышьатә методқәа рхы иадырхәоит. Иҟоуп иԥсхьоу рацәажәара алшоит ҳәагьы агәра зго, аха уигьы адемонцәа ршьацҳәоуп. Иегова ҳгәаҳҽаниҵоит: «Аԥсцәа ҳрацәажәоит ҳәа зҳәо шәрышьҭамлалан, насгьы аԥшыҩцәа шәрыдымҵаалалан» (Алевит 19:31). Убасала Иегова Аҩсҭааи адемонцәеи ҳарцәихьчарц иҭахуп. Урҭ Иегова иаӷацәа роуп, дара ԥырхага ҳаҭара рҭахуп.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШКӘАА

Еилышәкаа амаалықьцәа ауаа ишрыцхраауа, аспиритизм шаҟа ишәарҭоу, насгьы Аҩсҭааи адемонцәеи ҳхы рцәаҳахьчалар шҳалшо.

4. Амаалықьцәа ауаа Иегова иеилкаара ирыцхраауеит

Анцәа имаалықьцәа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәоит, аха хаҭала акәӡам ишрацәажәо. Дара Анцәа имаҵзуҩцәа ирыцхраауеит Анцәа деилызкаар зҭаху ауаа рыԥшаара. Шәаԥхьа Аатра 14:6, 7, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәаразы амаалықьцәа рыцхыраара заҳҭаху?

  • Шәгәы иахәома Абиблиа еиҳаны еилызкаарц зҭаху ауаҩы иԥшаараҿы амаалықьцәа ахьшәыцхраауа? Избан?

5. Адемонцәа ирыдҳәалоу зегь шәҽацәышәыхьчала

Аҩсҭааи адемонцәеи Иегова иаӷацәа роуп, урҭ ҳаргьы иҳаӷоуп. Шәаԥхьа Лука 9:38—42, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥарызныҟәо адемонцәа ауаа?

Ҳара адемонцәа ҳааигәара иааҳашьҭыр ҳҭахӡам. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵозеи адемонцәа, иаҳԥырхагахарц, насгьы рыҽҳадырҳәаларц азы? Иарбан ҵасқәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу?

  • Иегова адемонцәа ирыдҳәалоу зегь ҳҽацәаҳахьчаларц ахьиҭаху иашоуп ҳәа шәыԥхьаӡома? Избан?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, ирԥырхагахар алшозма Палеса лыԥҳа лнапы иахалҵаз амулет? Избан?

  • Иҟалҵар лыхәҭази Палеса, адемонцәа рҟынтә лхы лыхьчарц азы?

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа адемонцәеи дареи еицырзеилоу ҳәа акгьы рымаӡам. Шәаԥхьа Аусқәа 19:19, насгьы 1 Коринфаа 10:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан адемонцәа ирыдҳәалоу зегь ықәаҳгар зҳахәҭоу?

6. Аҩсҭааи адемонцәеи шәыриааи

Адемонцәа ирхагылоу Аҩсҭаа иоуп, Анцәа гәыкала имаҵ зуа амаалықьцәа ракәзар, урҭ амаалықь хада Михаил дырхагылоуп (Михаил — Иисус Христос имоу даҽа хьӡык ауп). Шаҟа дыӷәӷәоузеи Михаил? Шәаԥхьа Аатра 12:7—9, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еиҳа иӷәӷәада: Михаил имаалықьцәеи иареи ракәу, Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ракәу?

  • Ирыцәшәалар аума Христос иҵаҩцәа Аҩсҭааи адемонцәеи?

Аҩсҭааи адемонцәеи шәыриааир шәылшоит. Шәаԥхьа Иаков 4:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ҳхы рцәаҳахьчар шԥаҳалшо Аҩсҭааи адемонцәеи?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Адемонцәа ирыдҳәалоу ахәмаррақәеи афильмқәеи цәгьарас ҳәа акгьы рыҵаӡам, угәы алаурҿыхоит ауп».

  • Избан ус ахәыцра зшәарҭоу?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Гәыкала Анцәа имаҵ зуа амаалықьцәа ҳара иҳацхраауеит. Аҩсҭааи адемонцәеи Анцәа иаӷацәа роуп, дара аспиритизм рхы иархәаны ауаа ржьоит.

Аиҭахысра

  • Ишԥарыцхраауеи амаалықьцәа ауаа Иегова иабадырра?

  • Изусҭцәада Аҩсҭааи адемонцәеи?

  • Избан адемонцәа ирыдҳәалоу зегь шәҽацәышәыхьчалар зышәҭаху?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәрыхәаԥш Иисус Христос амаалықь хада Михаил шиакәу шәзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Кто такой архангел Михаил?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Аҩсҭаа ауаа рхы иҭырҳәааз аӡә шиакәым.

«Существует ли Дьявол на самом деле?» (авеб-статиа)

Шәаԥхьа адемонцәа ирыдҳәалоу зегь аанзыжьыз ԥҳәыск лҭоурых.

«Она нашла смысл жизни» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 1993, аурыс)