Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 35

Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

Ҳара зегьы аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ҳаԥсҭазаареи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи ирныԥшыр алшо аӡбарақәа. Иаҳҳәап, ҳара иҳаӡбароуп ҳахьынхалаша, аус ахьаҳаулаша, аҭаацәара ҳалалару-ҳаламлару. Ииашоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло, насыԥ ҳауеит, Иеговагьы дҳаргәырӷьоит.

1. Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, ацхырааразы Иегова шәиҳәала, насгьы ишәыӡбарц ишәҭаху иазкны Абиблиа иаҳәо еилышәкаала. Убас шәара ишәыдышәкыларц ишәҭаху аӡбара аганахьала Иегова игәаанагара еилышәкаауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:3—6.) Зҵаарақәак рҿы Иегова иҟаҵатәуи иҟаҵатәыми еилыкка иҳәоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы зегьы иреиӷьуп иара ишиҳәо иҟаҳҵар.

Аха иҟаҵатәузеи, ишәыӡбарц ишәҭаху аганахьала Абиблиаҿы акгьы анымзар? Иегова уеизгьы шәызлацаша амҩа шәирбар илшоит (Исаиа 48:17). Ишԥа? Апринципқәа рыла. Абиблиа иану апринципқәа — ари Анцәа игәаанагара ҳаилзыркаауа ихадоу аҵабыргқәа роуп. Лассы-лассы Анцәа зҵаарак дшазыҟоу аилкаара Абиблиаҿы иану цыԥҵәахак ҳацхраар алшоит. Иегова ҳаӡбарақәеи ҳхымҩаԥгашьеи дшырзыҟоу анеилаҳкаауа, еиҳа иаҳзымариахоит иара игәы иақәшәо аӡбарақәа рыдкылара.

2. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, аӡбара ҳадаҳкылаанӡа?

Абиблиаҿы иануп: «Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15). Ус анакәха, аӡбара адкылара ҳахымыццаклароуп. Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, шәхы шәазҵаа: «Иарбан библиатә принципқәоу сҭагылазаашьа ианаало? Сгәы ҭынчзаауама, уи аӡбара сыдыскылар? Исыдыскыло аӡбара егьырҭ ирԥырхагахар алшома? Даргәырӷьома Иегова исыдыскыло аӡбара?» (Ҩынтәзакәан 32:29).

Иегова азин имоуп абри иашоуп, абри иашаӡам ҳәа ҳаҳәара. Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи анеилаҳкаауа, насгьы урҭ ҳхы иаҳархәаларц анаҳаӡбо, ҳаламыс ҳааӡоит. Аламыс — ари ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵазҳәо ҩныҵҟатәи бжьуп (Римаа рахь 2:14, 15). Ҳаламыс Абиблиа ала иҳааӡалар, уи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраалоит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәахәаԥш абиблиатә принципқәеи ҳаламыси аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраар шрылшо.

3. Абиблиатә принципқәа амҩа иаша удырбоит

Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан хақәиҭроу Иегова дасу иҳаиҭаз?

  • Изҳаиҭазеи Иегова уи аҩыза ахақәиҭра?

  • Иҳаиҭазеи иара, уи ахақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы?

Ҳахәаԥшып библиатә принципк. Шәахәаԥш Ефесаа рахь 5:15, 16. Анаҩс шәалацәажәа шәаамҭа еиҳа еиӷьны шәхы иашәырхәалар шшәылшо:

  • иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьаразы;

  • ахаҵа ироль ма аԥҳәыс лроль, аб ироль ма ан лроль, аԥа ироль ма аԥҳа лроль ибзианы анагӡаразы;

  • аизарақәа рҭааразы.

4. Шәыламыс шәааӡала

Абиблиаҿы иҟаҳҵаша еилыкка ианану, ииашоу аӡбара адкылара ҳзымариоуп. Аха иҟаҵатәузеи, уа шәҭагылазаашьа иақәшәо анапхгара анымзар? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иҟалҵазеи аиаҳәшьа, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылараҿы лыламыс лыцхраарц азы?

Избан егьырҭ ҳара ҳзы аӡбарақәа рыдыркыларц ҳрыҳәалар зҳахәҭам? Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 5:14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Егьырҭ ҳара ҳзы аӡбара рыдыркыларц ҳрыҳәалар, иаҳзымҵои ахаан?

  • Ишәыцхраар алшозеи шәыламыс ааӡареи ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи?

Ҳаламыс, анавигатор еиԥш, ҳаԥсҭазаараҿы амҩа иаша ҳнарбоит

5. Егьырҭ рыламыс пату ақәышәҵала

Ауаа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә ирыдыркыло аӡбарақәагьы еиԥшӡам. Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату ақәҵара? Шәрыхәаԥш ҩ-ҭагылазаашьак.

Актәи аҭагылазаашьа. Аҽшәра бзиа избо аиаҳәшьа уи бзиа изымбо аиҳәшьцәа ахьырацәоу аизарахь диасуеит.

Шәаԥхьа Римаа рахь 15:1, насгьы 1 Коринфаа рахь 10:23, 24, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ӡбароу илыдылкылар лылшо аиаҳәшьа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы иламыс иаҵанамкуа шәара шәыламыс иаҵанакуазар?

Аҩбатәи аҭагылазаашьа. Аиашьа идыруеит Абиблиа азин шинаҭо иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәра. Аха иара ихазы иӡбоит арыжәтә зынӡа имжәларц. Иҩызцәа ааԥхьара ирҭоит иааидтәаларц. Уа иара ибоит егьырҭ аишьцәа арыжәтә шыржәуа.

Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, насгьы Римаа рахь 14:1, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ӡбароу аиашьа идикылар илшо, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы шәыламыс иаҵанамкуа ак ҟаиҵозар?

 Ииашоу аӡбара адкылара иуцхраауа

1. Иегова шәиҳәа, ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц азы (Иаков 1:5).

2. Ишәыԥшаа Абиблиаҿы, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы шәҭагылазаашьа ианаало апринципқәа. Иара убас аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәрыдҵаалар шәылшоит.

3. Алҵшәақәа шәрызхәыц: ишԥаныԥшуеи ишәыдышәкылаз аӡбара шәыламыси егьырҭ рыламыси?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иуҭаху аҟаҵара азин умоуп. Егьырҭ ргәы иаанаго хьаас изыҟаҵатәуи?»

  • Избан Анцәеи ауааи ргәаанагара ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ииашоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы, Иегова игәаанагара еилаҳкаалароуп, насгьы ҳхымҩаԥгашьа егьырҭ ирԥырхагахоу-ирыцхраауоу ҳазхәыцроуп.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо Иегова игәы иахәо аӡбарақәа рыдкылара?

  • Ишԥааӡалатәу ҳаламыс?

  • Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату шақәышәҵо аарԥшра?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ишԥашәылшо Иеговеи шәареи шәеиҩызара зырӷәӷәо аӡбарақәа рыдкылара?

«Принимайте решения, которые прославляли бы Бога» («Ахьчаратә бааш», апрель 15, 2011, аурыс)

Еилышәкаа Иегова ҳаԥсҭазаараҿы ҳшымҩақәиҵо.

«Иегова направляет своих служителей» (9:50)

Еилышәкаа рԥыск имариамыз аӡбара адкылара ицхрааз.

«Иегова даёт гарантию» (5:46)

Еилышәкаа Абиблиаҿы иҟашәҵаша еилыкка иананым, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылара шшәылшо.

«Нужен ли тебе каждый раз конкретный библейский закон?» («Ахьчаратә бааш», декабр 1, 2003, аурыс)