Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 41

Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?

Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?

Аӡәырҩы ауаа асекс иазку атема алацәажәара иацәыԥхашьоит. Абиблиа асекс иаартны, патуқәҵарала иалацәажәоит. Уа иану анормақәа ҳара ҳрыхьчоит, ахәарҭа ҳзааргоит, избанзар урҭ Ҳазшаз Иегова инормақәа роуп. Иара ибзиаӡаны идыруеит ҳара иаҳзеиӷьу. Иегова еилыкка иҳаиҳәоит ҳхы шымҩаԥаҳгалаша, насыԥ ҳаманы наӡаӡа ҳанхаларц азы.

1. Дышԥазыҟоу Иегова асекс?

Асекс — Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара иҭахуп аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси уи агәахәара рзаанагаларц. Уи аҳамҭа абзоурала хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа роулар рылшоит, иара убас бзиа ишеибабо аадырԥшуеит. Убри азоуп Абиблиаҿы абас зану: «Уанқәыԥшыз иугаз аԥҳәыс улылагәырӷьала» (Ажәамаанақәа 5:18, 19). Иегова иҭахуп аҭаацәара иалоу ақьырсиан ихатә ҩыза ахаан димԥсахларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:4.)

2. Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?

Абиблиаҿы иануп: «Ламысдарала зхы мҩаԥызго... Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам» (1 Коринфаа 6:9, 10). Абырзен бызшәала иҩыз абиблиатә шәҟәқәа рҿы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа ажәа порне́иа ала иаарԥшуп. Уи ажәа ҵакыс иамоуп: 1) закәанла аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәа a; 2) агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа, 3) ауааи арахәи рыбжьара асекс. Иегова изакәанқәа рыла ҳанхозар, игәы иахәо ҟаҳҵалоит. Уи адагьы, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчоит (1 Фессалоникаа 4:3).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҽырцәыхьчара ишәыцхраауа, насгьы Анцәа инормақәа шәшырыхьчо.

3. Асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа шәҽырцәышәыхьчала

Анцәа гәыкала имаҵ зуаз Иосиф дхызхырц зҭахыз аԥҳәыс мап лцәикит. Шәаԥхьа Аҟазаара 39:1—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иосиф дыҩны дызцаз? (Шәахәаԥш ажәеинраала 9.)

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашаны ихы мҩаԥигама Иосиф? Избан ус шәгәы изаанаго?

Ишԥарылшо иахьа аҿар Иосиф иҿыԥшра? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Иегова иҭахуп ҳара зегьы инормақәа ҳрықәныҟәаларц. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:18, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ҭагылазаашьақәоу ауаҩы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь дназгар алшо?

  • Ишәыцхраауазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рыҟамҵара?

4. Шәхызхыр алшо шәаҿагылар шәылшоит!

Избан зны-зынла иламысдоу уск аҿагылара зыуадаҩу? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иҟаиҵазеи ари ахаҵа, ихаҿы иааиуаз хәыцрақәак ихатә ҩыза лыԥсахрахь днаргар шалшо анеиликаа?

Аԥышәа змоу ақьырсианцәагьы рхәыцрақәа рыцклаԥшра рзымариаӡам. Ишәыцхраар алшозеи иҽеим ахәыцрақәа рҿагылара? Шәаԥхьа Филиппаа 4:8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи ҳара еснагь?

  • Абиблиа ҳаԥхьозар, насгьы Иегова имаҵ аураҿы еснагь ҳаилахазар, ишԥаҳацхраауеи уи агәнаҳа аҽацәыхьчара?

5. Иегова инормақәа ҳрыхьчоит

Иегова иаҳзеиӷьу идыруеит. Иара иҳаилиркаауеит ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҟаҵалатәу, насгьы ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа иаҳзаанаго алҵшәа бзиақәа. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 7:7—27, мамзаргьы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Дышԥақәшәеи ари арԥыс дхызхыр алшоз аҭагылазаашьа? (Шәахәаԥш Ажәамаанақәа 7:8, 9.)

  • Ажәамаанақәа 7:23, 26 ишаҳдырбо еиԥш, асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа алҵшәа бааԥсқәа ааргоит. Иарбан уадаҩрақәоу ҳхы зцәаҳахьчо, Анцәа инормақәа ҳрықәныҟәозар?

  • Ишԥаҳацхраауеи ицқьоу ахымҩаԥгашьа аԥсҭазаара алагәырӷьара иахьагьы наӡаӡагьы?

Шьоукы ирҳәоит Абиблиа агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа ирызкны иаҳәо мыцхәы иџьбарацәоуп ҳәа. Аха Иегова абзиабара злоу Анцәа иоуп, иара иҭахуп дарбанзаалак ауаҩы наӡаӡа дынхаларц. Аха уи азы иара инормақәа ирықәныҟәалатәуп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Агомосексуалтә гәаҳәарақәа заҵәык роума Анцәа ииашаӡам ҳәа ииԥхьаӡо?

Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Избан уи азы аџьабаа абара изаԥсоу? Шәаԥхьа Аԥсалом 19:8, 11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, аҟәыӷара рыҵоума Иегова инормақәа? Избан ус шәгәы изаанаго?

Иегова аӡәырҩы ицқьоу инормақәа рыла анхара иалагарц дрыцхраахьеит. Шәаргьы дшәыцхраауеит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ҩыџьа бзиа еибабозар, урҭ рыбжьара асекс цәгьарак аҵам».

  • Аҭак шԥаишәҭарыз ус згәы иаанаго ауаҩы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Асекс — ари Иегова закәанла аҭаацәара еицалоу хаҵеи-ԥҳәыси ириҭаз ҳамҭоуп.

Аиҭахысра

  • Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?

  • Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҟынтә?

  • Хәарҭас иаҳзааргозеи Иегова инормақәа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Избан Анцәа изы акыр заҵанакуа ахаҵеи аԥҳәыси закәанла аҭаацәара еицалоу-еицаламу?

«Что в Библии говорится о сожительстве до брака?» (авеб-статиа)

Абиблиа иаҳәаӡом агомосексуалистцәа ҳцәымӷзароуп ҳәа.

«Что плохого в гомосексуализме?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Анцәа асекс аганахьала ишьақәиргылаз азакәанқәа ҳшырыхьчо.

«Можно ли назвать оральный секс настоящим сексом?» (авеб-статиа)

Шәаԥхьа астатиа «Они отнеслись ко мне с уважением», насгьы еилышәкаа уаанӡа игомосексуалистыз хаҵак Анцәа изакәанқәа рыла анхара алагара ицхрааз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2011, аурыс)

a Уахь иаҵанакуеит асекс ахаҭа, аоралтә ма аналтә секс, насгьы аӡәы иԥхашьаратә ҭыԥқәа ршьышьра.