Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 42

Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?

Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?

Культурақәак рҿы ауаҩы аҭаацәара даламзар, насыԥ имаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха иҟоуп аҭаацәара иалоу, аха насыԥ змам, иҟоуп аҭаацәара иалам, аха насыԥ змоу. Абиблиаҿы иануп аҭаацәара алазаарагьы аламзаарагьы Анцәа иҟынтә аҳамҭақәа шракәу.

1. Хәарҭас иалоузеи аҭаацәара аламзаара?

Абиблиаҿы иануп: «Аҭаацәара иалало иҟаиҵо бзиоуп, аха иаламло иҟаиҵо еиҳагьы еиӷьуп». (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 7:32, 33, 38.) Избан аҭаацәара иалам иҟаиҵо зеиӷьу? Ус еиԥш иҟоу ауаҩы димаӡам дызхылаԥшлар ихәҭоу ахатә ҩыза. Убри аҟынтә аҭаацәара иалам еиҳа аамҭа рымоуп. Уи абзоурала дара еиуеиԥшым алшарақәа рзаатуеит. Иаҳҳәап, даҽа тәылак ахь ажәабжь бзиа рҳәаларц ииасыр рылшоит. Аха зегь реиҳа ихадоу, дара еиҳа аамҭа рымоуп Иеговеи дареи реиҩызара арӷәӷәаразы.

2. Хәарҭас иалоузеи закәанла ишьақәгылоу аҭаацәара?

Аҭаацәара алазаарагьы иацу алшарақәа рацәоуп. Абиблиаҿы иануп: «Ҩыџьа еицыҟазар еиӷьуп, аӡәы ихала дыҟазар аасҭа» (Екклезиаст 4:9). Еиҳараӡак арҭ ажәақәа зызку абиблиатә принципқәа рыла инхо хаҵеи-ԥҳәыси роуп. Закәанла аҭаацәара иалало бзиа ишеибабало, пату шеиқәырҵало, ишеихылаԥшло аҿаҭахьа рықәырҵоит. Закәанла аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси зҭаацәара закәанла ишьақәмырӷәӷәаӡакәа еицынхо раасҭа еиҳа ргәы ҭынчуп. Закәанла ишьақәырӷәӷәоу аҭаацәараҿы изызҳауа ахәыҷқәа акгьы иацәшәаӡом.

3. Дышԥазыҟоу Иегова аҭаацәара?

Иегова раԥхьаӡатәи аҭаацәара анаԥиҵа, ус иҳәеит: «Ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит» (Аҟазаара 2:24). Иегова иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабаларц, насгьы наӡаӡа еицыҟазарц. Иегова хаҵеи-ԥҳәыси аилыҵра азин анриҭо руаӡәк ихатә ҩыза даниԥсахуа ауп. Ари аҭагылазаашьаҿы Иегова акгьы зхарам ахатә ҩыза дзыԥсахыз ихатә ҩыза дилҵру-дилымҵру ихала иӡбарц алшара ииҭоит (Матфеи 19:9) a. Иегова ақьырсианцәа азин риҭаӡом хатә ҩызак ида еиҳаны ирымазарц (1 Тимофеи 3:2).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аҭаацәара шәалазаргьы шәаламзаргьы, насыԥ шәоур, насгьы Иегова дшәыргәырӷьалар шшәылшо.

4. Аҭаацәара аламзаара ахә шәшьала

Иисус аҭаацәара аламзаара ҳамҭаны иԥхьаӡон (Матфеи 19:11, 12). Шәаԥхьа Матфеи 4:23, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан лшарақәоу аҭаацәара дахьаламыз иабзоураны Иисус имаз, Иаб имаҵ ауразы, насгьы ауаа дрыцхрааларц азы?

Аҭаацәара иалам ақьырсианцәа Иисус иҿыԥшуазар, агәырӷьара роулоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан лшара бзиақәоу аҭаацәара иалам ақьырсианцәа ирымоу?

Ижәдыруама шәара?

Абиблиаҿы ианӡам ауаҩы аҭаацәара далаларц азы шаҟа ихыҵуазар акәу. Аха уа иануп аҭаацәара иалало ауаҩы «мыцхәы дқәыԥшцәамзар» бзиоуп ҳәа, избанзар ауаҩы мыцхәы данқәыԥшу, имоу асексуалтә гәаҳәарақәа иҟәыӷоу аӡбара адкылара иԥырхагахар алшоит (1 Коринфаа 7:36).

5. Ахатә ҩыза даналышәхуа, аҟәышра аашәырԥшы

Ахатә ҩыза иалхра — зегь раасҭа ихадоу аӡбарақәа ируакуп. Шәаԥхьа Матфеи 19:4—6, 9, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан аҭаацәара алалара ахыццакра заҭахым?

Абиблиа иҳанаҳәоит иарбан ҟазшьақәоу ахатә ҩыза илазар ихәҭоу. Зегь реиҳа ихадоу, иалышәхуа ахатә ҩыза Иегова бзиа дибозароуп b. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 7:39, насгьы 2 Коринфаа 6:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан ахатә ҩыза Иегова имаҵ зуа рыбжьара иԥшаара зҳахәҭоу?

  • Шәгәы ишԥаанаго, Иегова бзиа дзымбо аҭаацәара шәицалалар, дышԥахәаԥшуеи уи Иегова?

Еиԥшым ҩ-ԥстәык еицҵоукыр, рыҩбагьы гәаҟлоит. Убасҵәҟьа ақьырсиан Иегова бзиа дзымбо ауаҩы аҭаацәара дицалалар, имаҷымкәа ауадаҩрақәа дрықәшәоит

6. Иегова аҭаацәара дшазыҟоу еиԥш шәазыҟаз

Ажәытәан Израиль инхоз ахацәа шьоукы рыҳәса иаарывырбалак азы ирылҵуан. Шәаԥхьа Малахиа 2:13, 14, 16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова хаҵеи-ԥҳәыси абиблиатә шьаҭа рымамкәа ианеилыҵуа зицәымӷу?

Ахатә ҩыза иԥсахра ма уи илҵра акгьы зхарам ахатә ҩызеи ахәыҷқәеи ахьаа рзаанагоит

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иҟашәҵар шәылшозеи шәҭаацәара насыԥ амазарц азы, шәхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазаргьы?

7. Иегова инормақәа рыла шәынхала

Шьоукы ирацәаны аџьабаа рбоит, аҭаацәара иадҳәалоу Иегова инормақәа рыла инхаларц азы c. Иегова ус аџьабаа збо еснагь дырзылԥхоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Ауриацәа 13:4, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, аҭаацәара иазку Иегова инормақәа рықәныҟәара уадаҩума? Избан ус шәгәы изаанаго?

Иегова иҭахуп ақьырсианцәа иахьынхо атәыла азакәанқәа инарықәыршәаны аҭаацәара ишалалаз ма ишеилыҵыз закәанла ишьақәдырӷәӷәарц. Шәаԥхьа Тит 3:1, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәтәыла азакәанқәа инарықәыршәаны, шәҭаацәара закәанла ишьақәырӷәӷәома?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Закәанла аибагара заҭахузеи? Ус уеицынхалар ҟамлои».

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи Иегова иҳаиҭаз ҳамҭақәоуп. Аҭаацәара иалоугьы иаламгьы анасыԥи агәырӷьареи рымазар рылшоит. Уи азы иаҭахуп Иегова инормақәа рыла анхара.

Аиҭахысра

  • Ишԥалшо аҭаацәара аламзаара ауаҩы ҳамҭас изыҟалар?

  • Избан Абиблиаҿы изану иалҳхуа ахатә ҩыза Иегова имаҵ зуа иакәзароуп ҳәа?

  • Абиблиа инақәыршәаны, иарбан мзыз заҵәыку аилыҵразы иҟоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иаанагозеи аҭаацәара изцалалатәу «Иҳақәиҭу имаҵуҩы иакәзароуп» ҳәа Абиблиа иану?

«Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2004, аурыс)

Арҭ ҩ-видеонҵамҭак аибадырреи аҭаацәара алалареи рганахьала ииашоу аӡбарақәа рыдкылара ишәыцхраауеит.

«Аҭаацәара алалара аҽазыҟаҵара» (11:54)

Ари аинтервиу аҿы аиашьа еиҭеиҳәоит иџьабааи ихамеигӡареи рзы Иегова меигӡарахда дшизылԥхаз.

«Сара сгәыӷуан лара аҵабырг лыдылкылоит ҳәа» (1:56)

Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, аилыҵра ма хазы-хазы анхара иадҳәалоу азҵаарақәа анаҳаӡбо?

«„Анцәа иеидикылаз“ ахә ҳаракны ишәшьала» («Ахьчаратә бааш», декабр 2018)

a Хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара аԥсахра шыҟамызгьы, хазы-хазы инхалар рылшоу-ирылымшоу атәы ануп Ацҵа 4 аҿы.

b Культурақәак рҿы ани аби роуп рыхшара ахатә ҩыза дырзалызхуа. Дара рҿы ус иаԥуп. Ари аҭагылазаашьаҿы ани аби зегь раԥхьаӡа иргыланы ауаҩы имоу амал ма астатус акәӡам изхәаԥшлар рыхәҭоу. Дара зхәаԥшыша уи Иегова шаҟа бзиа дибо ауп.

c Иҟаҵатәузеи, закәанла аҭаацәара шәызцалам ауаҩы шәицынхозар? Уи ауаҩы дааншәыжьру, ма закәанла аҭаацәара шәицалалару шәхаҭа ишәыӡбароуп.