Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 51

Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?

Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?

Иегова зеиԥшыҟам аҳамҭа ҳаиҭеит — ацәажәаразы алшара. Ихадоума иара изы уи аҳамҭа ҳхы ишаҳархәо? Ҳәарада, ихадоуп! (Шәаԥхьа Иаков 1:26.) Ус анакәха, ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу уи аҳамҭа, Иегова дҳаргәырӷьаларц азы?

1. Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу ацәажәаразы иҳамоу алшара?

Абиблиа иаҳәоит «аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала» ҳәа (1 Фессалоникаа 5:11). Иҟалап шәара дыжәдыруазар згәы шьҭыхтәу аӡәы. Иҟашәҵар шәылшозеи, уи игәы шьҭышәхырц азы? Иашәҳәа даараӡа пату шиқәышәҵо. Иаҳҳәап, иашәҳәар шәылшоит еиҳараӡак ишәгәаԥхо иҟазшьақәа руак. Ишәылшома игәы шьҭызхша библиатә жәеинраалак шәизаԥхьар? Ус еиԥш иҟоу ажәеинраалақәа рацәоуп. Аха ишәхашәмыршҭлан ишәҳәо ажәақәа рыдагьы, урҭ шышәҳәогьы даара ишхадоу. Убри аҟынтә шәҽазышәшәала еснагь ҭынч, хаала ацәажәара (Ажәамаанақәа 15:1).

2. Иарбан цәажәароу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?

Абиблиаҿы иануп: «Шәҿы жәа баакгьы ҭымҵааит». (Шәаԥхьа Ефесаа 4:29.) Ҳара ҳацәҳаӡом, насгьы ажәа ҟьашьқәа ҳҳәаӡом. Иара убас аӡәы игәы изырхьыр алшо ажәақәеи ажәа хжәақәеи ҳҽырцәаҳахьчоит. Уи адагьы, ҳара уҳәан-сҳәан ҳҳәаӡом, насгьы аӡәы иҟам-ианым изаҳҳәаӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 16:28.)

3. Иҟаҳҵалар акәзеи, ҳажәақәа ҳзацәажәо ргәы шьҭнахларц азы?

Лассы-лассы ҳажәақәа ҳгәы иҭоу, насгьы ҳзызхәыцуа аадырԥшуеит (Лука 6:45). Убри аҟынтә ҳзызхәыцуа ҳацклаԥшлароуп, насгьы «ииашоу, ицқьоу, бзиа ибатәу, ибзианы изыхцәажәо» ала ҳгәи ҳахшыҩи ҳарҭәлароуп (Филиппаа 4:8). Убри аҟынтә агәырҿыхагақәеи аҩызцәеи аналаҳхуа, убри ҳхаҳмыршҭлароуп (Ажәамаанақәа 13:20). Иара убас ак ҳҳәаанӡа, ҳааҭгыланы, ҳажәақәа егьырҭ ишырныԥшуа ҳазхәыцроуп. Абиблиаҿы иануп: «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, аҳәа уахәызшәа уихәуеит. Иҟәыӷоу рыбз уахәышәтәуеит» (Ажәамаанақәа 12:18).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәажәақәа Иеговеи егьырҭ ауааи аргәырӷьаларц азы иҟашәҵалар шәылшо.

4. Ишәҳәо, ианышәҳәо, насгьы ишышәҳәо шәацклаԥшла

Ҳара зегьы зны-зынла анаҩс ҳзыхьхәуа ак ҳамхаҳәар алшоит (Иаков 3:2). Шәаԥхьа Галатаа 5:22, 23, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ҟазшьақәоу ара еиқәыԥхьаӡоу рҟынтә Анцәа шәзызиҳәаларц ишәҭаху, шәажәақәа шәрыцклаԥшларц азы? Ишәыцхраар шԥалшо арҭ аҟазшьақәа?

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:33, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥарылшо иалшәхуа агәырҿыхагақәеи аҩызцәеи шәцәажәашьа, ма шәхы иашәырхәо ажәақәа ирныԥшыр?

Шәаԥхьа Екклезиаст 3:1, 7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ҭагылазаашьоу ҿаҳамҭыр еиҳа ианеиӷьу, ма еиҳа ианаало аамҭа ҳазыԥшыр анаҭаху?

5. Егьырҭ ибзианы шәрыхцәажәала

Иҳацхраауазеи ҳажәақәа рыла егьырҭ ҳмыргәааларц, насгьы ибзианы ҳрыхцәажәаларц? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан ари аиашьа егьырҭ дышрыхцәажәо иашаӡам ҳәа зиӡбаз?

  • Иҟаиҵазеи иара, иҽиԥсахырц азы?

Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, аӡәы иҽеим ак ихаҳҳәаар анаҳҭаххо?

Шәаԥхьа Екклезиаст 7:21, 22, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраар шԥалшо арҭ ажәеинраалақәа, аӡәы ииашамкәа даншәыхцәажәо шәымгәааларц?

6. Шәыҩнаҭаҿы патуқәҵарала шәцәажәала

Иегова иҭахуп ҳҭаацәараҿы хаала, патуқәҵарала ҳцәажәаларц. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишәыцхраар алшозеи шәҭаацәараҿы хаала ацәажәара?

Шәаԥхьа Ефесаа 4:31, 32, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳалшо ҳцәажәашьа ала ҳҭаацәа бзиа ишаҳбо, насгьы пату шрықәаҳҵо аарԥшра?

Иегова иаартны иҳәеит Иԥа Иисус бзиа дшибо. Шәаԥхьа Матфеи 17:5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәиҿыԥшлар шԥашәылшо Иегова, шәыҩнаҭаҿы шәҭынхацәа шәанрацәажәо?

Аӡәы ирҽхәаразы алшара шәашьҭаз

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сгәы иаанаго ауп исҳәо. Исҳәо аӡәы игәамԥхозар, уи сара исусӡам. Иҭахымзар, дымӡырҩлааит».

  • Шәақәшаҳаҭума ари аҩыза агәаанагара? Избан?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ҳажәақәа амч ду рымоуп. Убри аҟынтә иаҳҳәо, ианаҳҳәо, насгьы ишаҳҳәо еснагь ҳацклаԥшлароуп.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо ҳажәақәа рыла аӡәы игәы ашьҭыхра? Иаажәга аҿырԥштәы.

  • Иарбан жәақәоу, насгьы цәажәашьоу шәҽызцәышәыхьчаларц ишәҭаху?

  • Ишәыцхраар алшозеи еснагь хаала ацәажәара, насгьы угәы шьҭызхуа аҳәара?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ишәыцхраар алшозеи, шәцәажәашьа угәы шьҭнахыртә еиԥш иҟазарц?

«„Иҟәыӷоу рыбз“ шәымаз» (8:05)

Еилышәкаа шәанцәажәо ажәа ҟьашьқәа шәхы иашәмырхәаларц ишәыцхраауа.

«Сквернословие: что в этом плохого?» (авеб-статиа)

Шәахәаԥш уҳәан-сҳәан шәымҳәаларц азы иҟашәҵар шәылшо.

«Ишԥаанкылатәу уҳәан-сҳәан?» (2:36)

Еилышәкаа Иегова хаҵак ацәҳареи ажәа ҟьашьқәа рҳәареи даҟәыҵырц дышицхрааз.

«Я начал всерьёз задумываться, для чего я живу» («Ахьчаратә бааш», август 1, 2013, аурыс)