Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 57

Иҟаҵатәузеи, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар?

Иҟаҵатәузеи, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар?

Иегова гәыкала бзиа дыжәбозаргьы, игәы ишәмырхьырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵозаргьы, зегь акоуп зны-зынла агхақәа ҟашәымҵалар залшом. Аха гәнаҳақәак еиҳа иӷәӷәоуп егьырҭ раасҭа (1 Коринфаа 6:9, 10). Гәнаҳа ӷәӷәак ҟашәҵазар, ишәхашәмыршҭлан: Иегова бзиа шәбара даҟәымҵӡеит. Иара ишәанаижьырц, насгьы дшәыцхраарц иҭахуп.

1. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, Иегова иҳанаижьырц ҳҭахызар?

Иегова бзиа дызбо гәнаҳа ӷәӷәак шыҟарҵаз анеилыркаалак, даараӡа ргәы рыхьуеит. Аха дара Иегова ижәлар иреиҳәаз ажәақәа ргәы арҭынчуеит: «Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба иеиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит» (Исаиа 1:18). Гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова урҭ ҳанаижьуеит. Иаанагозеи ахьхәра? Иҟаҳҵаз даараӡа ҳгәы анҳнархьуа, уи уаҳа ахаангьы ианыҟаҳамҵо, насгьы Иегова иҳанаижьырц азы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳаниҳәо — убри ауп ахьхәра иаанаго. Иара убас агәнаҳа ҳзырҟаҵаз ахәыцрақәеи ашьцыларақәеи ааныжьны, Иегова инормақәа рыла ҳанхаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. (Шәаԥхьа Исаиа 55:6, 7.)

2. Дышԥаҳацхраауеи Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа рыла?

Аӡәы гәнаҳа ӷәӷәак ҟаиҵазар, Иегова иҭахуп уи ацхырааразы аизара ахылаԥшыҩцәа дрыҳәарц. (Шәаԥхьа Иаков 5:14, 15.) Аизара ахылаԥшыҩцәа Иеговеи уи иуасақәеи бзиа ирбоит. Урҭ ахацәа ибзианы ирдыруеит Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҿыц аиҭашьақәыргыларазы иҟаҵатәу (Галатаа 6:1).

Ишԥаҳацхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа? Ҩыџьа ма хҩык аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа рхы иархәаны иҳаилдыркаауеит иҟаҳҵаз Анцәа иҿаԥхьа изиашам. Иара убас дара ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы уаҳа агәнаҳа ҟаҳамҵарц азы иҳацхраауа алабжьарақәа ҳарҭоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиахаанӡа ҳқьырсиантә ԥсҭазаара иадҳәалоу усқәак ҳхы шҳазрыламырхәуа ҳарҳәар ауеит. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҵаны иахьымхәуа аизара иалырцоит, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирԥырхагамхарц азы.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз дышрыцхраауа. Усҟан шәара еиҳагьы уи ицхыраара ахә шәшьалоит.

3. Агәнаҳа шыҟаҳҵаз аартны иаҳҳәозар, уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара аиҭашьақәыргылара иҳацхраауеит

Иҟаҳҵаз агәнаҳа зеиԥшразаалакгьы, уи Иегова игәы инархьуеит. Убри аҟынтә зегь раԥхьаӡа иргыланы иара иоуп агәнаҳа шыҟаҳҵаз ззеиҭаҳҳәаша. Шәаԥхьа Аԥсалом 32:1—5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан агәнаҳа шыҟаҳҵаз ҳҵәахыр аасҭа, Иегова изеиҭаҳҳәар еиҳа изеиӷьу?

Еиҳагьы ибзиахоит агәнаҳа шыҟаҳҵаз Иегова идагьы, аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирзеиҭаҳҳәар. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишԥаицхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа ари аиашьа Иеговеи иареи реиҩызара аиҭашьақәыргылара?

Ҳара аизара ахылаԥшыҩцәа зегь аартны, акгьы мӡаӡакәа, ишыҟаҵәҟьоу ирзеиҭаҳҳәароуп. Дара аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ зыруа иҳацхрааларц азоуп. Шәаԥхьа Иаков 5:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан аизара ахылаԥшыҩцәа ҳацхраара еиҳа изырзымариахо, акгьы мӡакәа, зегь аартны ианырзеиҭаҳҳәо?

Агәнаҳа шыҟашәҵаз Иеговеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ирзеиҭашәҳәа, насгьы урҭ ишәырҭо ацхыраара шәыдышәкыл

4. Иарбан хәарҭоу аизара алцара иаанаго?

Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы уаҳа Иегова инормақәа рықәныҟәара иҭахымзар, аизара дахәҭакны дзаанхаӡом, аизара далырцоит. Уи ауаҩ уаҳа иацәажәаӡом. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 5:6, 11, насгьы 2 Иоанн 9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь арҵәыҵәуеит. Ишԥаҳнарбо ари аҿырԥштәы, зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара зегь ԥырхага аиҭар шилшо?

Аизара иалырцаз аӡәырҩы аамҭак ашьҭахь ихынҳәит. Алцара — угәы узырхьуа акоуп, аха уи абзоурала шьоукы иҟарҵаз шиашамыз еилыркааит, насгьы иахьхәит (Аԥсалом 141:5). Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан хәарҭоу ари аиаҳәшьа илзаанагаз аизара дахьалырцаз?

Аӡәы аизара даналырцо:

  • ишԥахьчо уи Иегова ихьӡ?

  • ишԥаҳнарбо уи Иегова еснагь иҟаиҵо зегь иашаны, абзиабара аарԥшны ишыҟаиҵо?

5. Ҳагәнаҳа ҳахьхәуазар, Иегова иҳанаижьуеит

Иисус аҿырԥштәы ааганы иаҳирбеит ауаҩы игәнаҳа данахьхәуа, Иегова шаҟа дгәырӷьо. Шәаԥхьа Лука 15:1—7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иаҳнарҵозеи ари аҿырԥштәы Иегова изкны?

Шәаԥхьа Иезекииль 33:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Излоубарҭозеи ауаҩы иҟаиҵаз агәнаҳа гәыкала дшахьхәуа?

Иегова, ахьча иеиԥш, гәыкала иуасақәа дырхылаԥшуеит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Аизара ахылаԥшыҩцәа зегь рзеиҭасҳәар, аизара салырцар ҳәа сшәоит».

  • Иашәҳәозеи ус згәы иаанаго ауаҩы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аха уи гәыкала ҳахьхәуазар, насгьы иҟаҳҵаз агха уаҳа иаҳмыхьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова иҳанаижьуеит.

Аиҭахысра

  • Избан агәнаҳа шыҟаҳҵаз Иегова изеиҭаҳҳәар еиҳа изеиӷьу?

  • Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, Иегова ҳагәнаҳа ҳанаижьырц азы?

  • Избан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар зҳахәҭоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәахәаԥш хаҵак Исаиа 1:18 аҿы ишаҳәо еиԥш Иегова арыцҳашьара шилоу анеиликаа, уи шицхрааз.

«Иегова арыцҳашьара шилоу агәра ганы шәыҟаз» (5:02)

Хықәкыс иамоузеи аизара алцара?

«Аизара алцара — абзиабара зҵоу знеишьоуп» («Ахьчаратә бааш», апрель 15, 2015)

Иеилҳаркаар шԥаҳалшо Иегова имаҵ зымуа ауаҩы зны-зынла аӡәы аизара дзалырцо?

«Избегают ли Свидетели Иеговы бывших членов своей религии?» (авеб-статиа)

Шәаԥхьа абиографиа «Я решил вернуться к Иегове», насгьы еилышәкаа хаҵак аизарахь ахынҳәра игәазҭазҵаз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2012, аурыс)