Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 60

Анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала

Анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала

Ари абиблиатә курс ацхыраарала шәара Иегова изкны еилышәкааз рацәоуп. Урҭ адыррақәа Анцәа бзиа ибара ишәыцхрааит, иҟалап шәыԥсҭазаарагьы изкны, аӡы шәыҽӡаашәххьазар. Аӡы шәыҽӡаашәымххьазар, иҟалап уи аҟаҵара шәгәы иҭазар. Аха аҽӡаахрала шәымҩа нҵәаӡом. Шәымҩа уажәоуп ианалаго. Иеговеи шәареи шәеиҩызара наӡаӡа ишәырӷәӷәалар шәылшоит.

1. Избан анаҩсгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара зҳахәҭоу?

Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара анаҩсгьы иҳарӷәӷәалароуп. Избан? Ҳамҩахҟьаны, иара ҳицәхьамҵырц азы (Ауриацәа 2:1). Иҳацхраар алшозеи анаҩсгьы Иегова гәыкала имаҵ аура? Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь бзиа ҳҳәалароуп, насгьы Ҳанцәа имаҵ ауразы егьырҭ алшарақәагьы ҳаԥшаалароуп. (Шәаԥхьа Филиппаа 3:16.) Иегова имаҵ аура аԥсҭазаараҿы зегьы иреиӷьуп! (Аԥсалом 84:10).

2. Иҟашәҵалар шәыхәҭоузеи иҵегь?

Ари абиблиатә курс ахыркәшамҭахь инеиуеит. Аха уи ала шәызнылаз амҩа нымҵәаӡеит. Абиблиаҿы иануп ҳара цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәар шҳахәҭоу (Ефесаа 4:23, 24). Аизарақәа шәырҭаалар, насгьы Абиблиа ҭышәҵаалар, еснагь Иегова иҟазшьақәеи иареи ирызкны иҿыцу ак еилышәкаалоит. Шәҽазышәшәала иҟазшьақәа раарԥшра, иара иеиԥшхара. Еиҳагьы дшәыргәырӷьаларц азы еснагь аҽыԥсахра шәазхиаз.

3. Дышԥашәыцхраало Иегова?

Абиблиаҿы иануп: «Анцәа... ихаҭа имаҵ аура шәазыҟаиҵоит. Иара шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит» (1 Пиотр 5:10). Ҳара ҳхызхыр алшо рацәоуп. Аха урҭ ҳаҽраҳамҭарц азы Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит (Аԥсалом 139:23, 24). Иара агәра шәиргоит гәыкала имаҵ ауразы агәаҳәареи амчи шшәиҭо. (Шәаԥхьа Филиппаа 2:13.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәеихьӡарақәа рҿы шәаанымгыларц ишәыцхраауа, насгьы Иегова еснагь дышшәыцхраало.

4. Зегь иреиӷьу Шәҩызеи шәареи анаҩсгьы шәеицәажәала!

Анцәа иҳәареи Абиблиа аҭҵаареи Иегова иҩызахара ишәыцхрааит. Ишәыцхраар шԥарылшо урҭ ашьцылара бзиақәа шәеиҩызара еиҳагьы арӷәӷәара?

Шәаԥхьа Аԥсалом 62:8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟашәҵар шәылшозеи, еиҳа гәаартыла Анцәа шәиҳәаларц азы?

Шәаԥхьа Аԥсалом 1:2, насгьы албаага, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәылшо Абиблиа еиҳа ахәарҭа шәзаанагалартә еиԥш аԥхьара?

Ишԥашәылшо шәхатә ҭҵаара еиҳа ахәарҭа шәзаанагалартә еиԥш аҟаҵара? Абар иҟашәҵар шәылшо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан знеишьақәоу ара ижәбаз рҟынтә шәхы иашәырхәарц ишәҭаху?

  • Иарбан темақәоу еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаарц ишәҭаху?

5. Анцәа имаҵ аураҿы ахықәкқәа ықәшәыргылала

Анцәа имаҵ аураҿы ахықәкқәа ықәшәыргылалар, уи шәеихьӡарақәа рҿы шәаанымгылаларц ишәыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан хәарҭоу ари аӡӷаб илзаанагаз Анцәа имаҵ аураҿы иқәлыргылоз ахықәкқәа?

Ҳәарада, ажәабжьҳәаразы даҽа тәылак ахь аиасра злымшо ыҟоуп. Аха дасу ҳамч зықәхо ахықәкқәа ықәҳаргылалар ҳалшоит. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 21:5, нас иаҳзеиҭашәҳәа хықәкыс иқәшәыргыларц ишәҭаху:

  • аизараҿы;

  • ажәабжьҳәараҿы.

Ишәыцхраар шԥалшо ари ажәеинраалаҿы иаагоу апринцип шәхықәкқәа рынагӡараҿы?

Иаԥсоу ахықәкқәа

  • Анцәа еиҳа гәаартыла иҳәара.

  • Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара.

  • Аизараҿы зегь рабадырра.

  • Аӡәы Абиблиа ирҵара.

  • Ицхырааҩу пионерс ма пионерс амаҵ аура.

  • Аизара ацхырааҩыс аҟалара (аишьцәа рзы).

6. Наӡаӡа аԥсҭазаара шәалагәырӷьала!

Шәаԥхьа Аԥсалом 22:26, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаҵалатәузеи, иахьагьы наӡаӡагьы аԥсҭазаара шәалагәырӷьаларц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала, насгьы Анцәа имаҵ аураҿы ахықәкқәа ықәшәыргылала. Усҟан наӡаӡа аԥсҭазаара шәалагәырӷьалоит!

Аиҭахысра

  • Избан агәра ганы шәзыҟоу, Иегова анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура дышшәыцхраало?

  • Ишԥашәылшо Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәалар?

  • Иарбан хықәкқәоу ишәыцхраауа Анцәа имаҵ аураҿы иҟашәҵахьоу аихьӡарақәа рҿы шәаанымгыларц?

Иааиуа ашықәс азы ахықәкы

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Зыхә ишьозеи еиҳа Иегова: ҳхаҵара ааҳарԥшырц азы знык иҟаҳҵо иџьоушьаша уск акәу, ҳаԥсы ахьынӡаҭоу гәыкала ҳизиашаны имаҵ анаҳуа акәу?

«Авраам иеиԥш Анцәа шәизиашаз» (9:20)

Гәыкала Иегова имаҵ зуагьы агәырӷьара ицәыӡыр илшоит. Еилышәкаа ҿыц агәырӷьара уоур шулшо.

«Аҭҵаареи азхәыцреи рыбзоурала ҩаԥхьа агәырӷьара ԥшаа» (5:25)

Ишәыцхраар алшозеи Иегова имаҵ аураҿы ахықәкқәа рықәыргылара, насгьы урҭ рынагӡара?

«Пусть твои духовные цели прославляют Создателя» («Ахьчаратә бааш», ииуль 15, 2004, аурыс)

Избан доуҳала ишәу қьырсианны ҳҟалар зҳахәҭоу, насгьы иҟаҳҵар ҳалшозеи уи азы?

«Спешите к зрелости — „великий день Иеговы близок“» («Ахьчаратә бааш», маи 15, 2009, аурыс)