Сазхиоума сара?
Сазхиоума сара Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь бзиа рыцҳәара?
Шәара иӡаахым жәабжьҳәаҩыс аҟалара шәазхиоуп...
иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭышәҵаауазар, Анцәа шәиҳәозар, насгьы аизарақәа шәырҭаауазар;
еилышәкаауа агәра жәгозар, уи ахә шәшьозар, насгьы еилышәкаауа егьырҭ ирзеиҭашәҳәалар шәҭахызар;
Иегова бзиа дыжәбозар, насгьы иара бзиа дызбо ҩызцәаз ишьҭышәхуазар;
аполитикатә ма адинхаҵаратә организациак шәадҳәаламзар;
Иегова инормақәа рыла шәынхозар, насгьы Иегова ишаҳаҭс шәҟалар шәҭахызар.
Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь бзиа рыцҳәара шәазхиоуп ҳәа шәыԥхьаӡозар, Абиблиа шәзырҵо аизара ахылаԥшыҩцәеи шәареи шәеиқәшәартә иҟаиҵоит. Дара ирыӡбоит шәазхиоу-шәазхиаму.
Сазхиоума сара аҽӡаахра?
Шәара аҽӡаахра шәазхиоуп...
иӡаахым жәабжьҳәаҩыс шәҟалахьазар;
иааиԥмырҟьаӡакәа, шаҟа шәылшо аҟара ажәабжь шәҳәозар;
«узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» шәицхраауазар, насгьы урҭ аишьцәа иҳарҭо анапхгара шәықәныҟәозар (Матфеи 24:45—47);
Иегова шәҽизышәкырц шышәҭаху иашәҳәахьазар, насгьы наӡаӡа имаҵ аура шәҭахызар.
Аӡы аҽӡаахра шәазхиоуп ҳәа шәыԥхьаӡозар, Абиблиа шәзырҵо аизара ахылаԥшыҩцәеи шәареи шәеиқәшәартә иҟаиҵоит. Дара ирыӡбоит шәазхиоу-шәазхиаму.