Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Алагалажәа

Алагалажәа

Ари ашәҟәы хықәкыс иамоуп еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ишәыцхраар алшо абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаара. Иара убас ари ашәҟәы ацхыраарала егьырҭ ргәы шьҭышәхлар, насгьы Иегова дҳаразкуа аӡбарақәа рыдкылара шәрыцхраалар шәылшоит. Ари ашәҟәы ахархәара мариоуп. Раԥхьа иалшәх ишәҭаху атема, нас иаагоу азҵаарақәеи, абиблиатә жәеинраалақәеи, урҭ рҵакы ҳаилзыркаауа аинформациеи шәрызхәыц. (Шәахәаԥш арамка « Ари ашәҟәы шәхы иашәырхәалар шшәылшо».) Ари ашәҟәы шәыцхраауеит шәгәы зырҭынчыр алшо ихәарҭоу абиблиатә лабжьарақәа рыԥшаара. Иара убас егьырҭ ирыцхраар алшо азхәыцра бзиақәа шәыԥшаауеит.

Ари ашәҟәаҿы атема иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа зегь аагаӡам. Егьырҭ ажәеинраалақәа шәыԥшаарц азы, шәхы иашәырхәа урысшәала иҟоу аиҭага «Адунеи ҿыц» арҵагатә ҭыжьымҭаҿы иаагоу азхьарԥшқәеи акомментариқәеи. Иара убас «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга», насгьы «Индекс публикаций Сторожевой башни» шәхы иархәаны, еиҳа инарҵауланы ишәҭаху атема ҭышәҵаар шәылшоит (Ажәм 2:1—6). Аҭҵаара анымҩаԥыжәго, еиҳа иҿыцу аҭыжьымҭақәа шәрызхьаԥшла. Уи абзоурала агәра ганы шәыҟазаауеит иҭышәҵаауа ажәеинраала ииашаны ишеилышәкаауа.

Ари ашәҟәы шәыцхраауеит Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара. Уи абзоурала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылалоит, иара убас ижәбоит «Анцәа иажәа» аԥсы шҭоу, амч ду шамоу (Аур 4:12).