Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аныҳәақәа

Аныҳәақәа

Ақьырсианцәа иазгәарҭо аныҳәақәа

Иарбан ныҳәоу ақьырсианцәа иазгәарҭалар рыхәҭоу?

Иегова ишаҳаҭцәа Иегова имҵахырхәаларц азы еизоит.

Ҩнтә 31:12; Аур 10:24, 25

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 2Аш 30:1, 6, 13, 14, 18—27. Аҳ Езекиа Мшаԥы азгәаҭара еиҿикааит. Уа ауаа рацәаны еизеит.

Ақьырсианцәа иазгәарымҭо аныҳәақәа

Избан изиашам амцдинхаҵарақәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа разгәаҭара?

1Кр 10:21; 2Кр 6:14—18; Еф 5:10, 11

Шәахәаԥш иара убас «Адинхаҵарақәа реиларҩашьара»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 32:1—10. Израильаа ииашоу адини амцдинхаҵареи анеиладырҩашьа, Иегова игәы ԥжәеит.

    • Ахԥ 25:1—9. Иегова израильаа ахьирхәит, амырҭаҭтә ныҳәақәа ахьазгәарҭоз, насгьы атәымтәылақәа иртәыз аҳәсақәа иахьрыцныҟәоз азы.

Қьырса — қьырсиантә ныҳәоума?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 2:1—5. Иисус римаа ашәҟәынҵара анымҩаԥыргоз аан диит. Римаа аӡынра ахьҭа аныҟаз рнапхгара иаҿагылаз ауриацәа амҩа хара иқәырҵарымызт.

    • Лк 2:8, 12. Иисус даниз ауха ахьчацәа рырахә рыманы адәы иқәын. Декабр мзазы, ианыхьҭоу, ус ҟарҵарымызт.

Иазгәарҭалар рыхәҭоума ақьырсианцәа амшира?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 40:20—22. Имырҭаҭыз афараон имшира азгәеиҭон. Уи аныҳәаҿы ауаҩы дыршьит.

    • Мф 14:6—11. Христос иҵаҩцәа ӷәӷәала ирышьҭашәарыцоз аҳ Иродгьы имшира азгәеиҭон. Уи аныҳәаҿы иара Иоанн Аӡӡаахҩы дыршьырц адҵа ҟаиҵеит.

Моисеи изакәан аҿы зыӡбахә ҳәоу аныҳәақәа

Иазгәарҭалар рыхәҭоума ақьырсианцәа Моисеи изакәан, уа зыӡбахә ҳәоу аныҳәақәагьы уахь иналаҵаны?

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа асабша азгәаҭара?

Кл 2:16, 17

Шәахәаԥш иара убас Ақәҵ 31:16, 17

Апатриоттә ныҳәақәа

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа аҳәынҭқарра иамоу аполитикатә ҭоурых иадҳәалоу аныҳәақәа разгәаҭара?

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа аибашьра агәаларшәара иазку аныҳәақәа разгәаҭара?

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа Иегова дзыԥсоу ахьӡ-аԥша ауаа иахьрырҭо ацеремониақәа рыҽрылархәра?

Ақәҵ 20:5; Рм 1:25

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 12:21—23. Ауаа Ирод Агриппа Анцәа диаҟаратәны ахьӡ-аԥша ирҭо ианалага, Иегова уи дҭаирхеит.

    • Аус 14:11—15. Варнавеи Павели анцәақәа реиԥш иреихырхәалар рмуӡеит.

    • Аат 22:8, 9. Апостол Иоанн Иегова имаалықь диеихырхәарц иҭахын, аха амаалықь уи дааникылеит.