Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәҭынчра

Агәҭынчра

Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳгәы зырҭынчыр алшо Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәа

Агәҭынчымра

Шәахәаԥш «Агәҭынчымра»

Агәырҩа; агәкаҳара

Шьоукы даараӡа ргәы каҳаны иҟоуп изықәшәо ауадаҩрақәа ма арыцҳарақәа ирыхҟьаны

Ек 9:11, 12

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 142:4; Ек 4:1; 7:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Рф 1:11—13, 20. Ноеминь лыԥшәмеи ҩыџьа лԥацәеи анԥсы ашьҭахь Иегова даанижьит ҳәа лгәы иаанагон.

    • Иов 3:1, 11, 25, 26; 10:1. Иов жәаҩык ихәыҷқәа ԥсит, имаз зегь ицәыӡит, насгьы ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Уи иахҟьаны даараӡа игәы каҳаны дыҟан.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • Рф 1:6, 7, 16—18; 2:2, 19, 20; 3:1; 4:14—16. Ноеминь Анцәа имаҵ зуаз ауаа рахь дхынҳәит, егьырҭ рыцхыраара лыдылкеит, лхаҭагьы дрыцхраауан. Уи абзоурала агәкаҳара даиааит.

    • Иов 42:7—16; Иак 5:11. Иов ахаҵара аарԥшны дзықәшәаз аԥышәарақәа зегь ихигеит. Иегова уи азы меигӡарахда дизылԥхеит.

Шьоукы даараӡа ргәы каҳаны иҟоуп ииашамкәа иахьрызныҟәо иахҟьаны

Ек 4:1, 2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 1:6, 7, 10, 13—16. Анна даара лгәы каҳаны дыҟан: Пенинна Анна еснагь длалырҟәуан, Или иакәзар, ижәны дыҟоуп ҳәа ахара лыдиҵеит.

    • Иов 8:3—6; 16:1—5; 19:2, 3. Иов акгьы шихарамызгьы, хҩык иҩызцәа ииашамкәа ихцәажәеит, уи иахҟьаны Иов еиҳагьы игәы каҳаит.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • 1См 1:9—11, 18. Анна лгәы иҭаз зегь Иегова ианизеиҭалҳәа ашьҭахь лгәалаҟазаара еиҳа еиӷьхеит.

    • Иов 42:7, 8, 10, 17. Иегова Иов дизылԥхеит дзыргәааз хҩык иҩызцәа иахьранаижьыз азы.

Аӡәы иҳаиҳәаз ахьыҟаимҵаз, ҳахьиргәааз ма ҳахьиҭииз азы ҳгәы анкаҳауа

Шәахәаԥш «Агәкаҳара»

Акгьы уаԥсамшәа ухы анубо

Ауаа рыцәшәара

Шәахәаԥш «Ашәара»

Ашьҭашәарыцарақәа

Шәахәаԥш «Ашьҭашәарыцарақәа»

Ашьыцра; ахыбаара

Шәахәаԥш «Ашьыцра; ахыбаара»

Дҵак анагӡара, ма уадаҩрак аӡбара ҳалшаӡом ҳәа ҳгәы ианаанаго

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 3:11; 4:10. Иегова Моисеи афараон иахь дцаны израильаа Египет иалигарц аниеиҳәа, уи адҵа изынагӡаӡом ҳәа игәы иаанагон.

    • Иер 1:4—6. Иеремиа Иегова иԥааимбарс амаҵ иуларц, иара убас имӡырҩуаз ауаа Анцәа иажәа рылеиҳәаларц азы дқәыԥшцәоуп, аԥышәагьы имаӡам ҳәа игәы иаанагон.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 3:12; 4:11, 12. Иегова зныкымкәа Моисеи агәра ииргон иду адҵа анагӡара дышицхраауа.

    • Иер 1:7—10. Иегова Иеремиа агәра ииргеит ауадаҩрақәа зегь рыхгара дышицхраауа.

Егьырҭ ииашамкәа ианҳазныҟәо

Мыцхәы ҳхы ахара анадаҳҵо

Езд 9:6; Аԥс 38:3, 4, 8; 40:12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аҳ 22:8—13; 23:1—3. Аҳ Иосиа, иара убас ажәлар зегь Моисеи изакәан иану анраҳа, уи шеиларгоз еилыркааит.

    • Езд 9:10—15; 10:1—4. Аԥшьаҩы Ездра, иара убас ажәлар зегь рыламыс иаргәаҟуан, ауриацәа рҟынтә шьоукы Иегова изымӡырҩӡакәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ахьааргаз азы.

    • Лк 22:54—62. Апостол Пиотр Иисус хынтә мап ахьицәикыз азы иламыс даргәаҟуан.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

    • Аԥс 32:5; 103:9—14; Иса 1:18; Аус 3:19

    • Шәахәаԥш иара убас Иса 38:17; Мх 7:18, 19

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 33:9—13, 15, 16. Манассиа иудеиатәи аҳцәа зегьы дреицәан, аха данахьхәы, Иегова игәнаҳақәа ианаижьит.

    • Лк 15:11—32. Иӡны иҟаз, аха ихынҳәыз аԥа изку аҿырԥштәаҿы Иисус иаҳирбеит Иегова агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала ианажьра дшазхиоу.

Уанычмазаҩу ма уқәрахь уаннеихьоу

Аԥс 71:9, 18; Ек 12:1—7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аҳ 20:1—3. Аҳ Езекиа инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит, имаз ачымазара иахҟьаны дшыԥсуа анеиликаа.

    • Фп 2:25—30. Епафродит аишьцәеи аиҳәшьцәеи дшычмазҩыз шеилыркааз анидыр, игәы каҳаит. Иара дшәон урҭ идыз адҵа изынамыгӡаӡеит ҳәа ахәыцра иалагоит ҳәа.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

    • Аԥс 92:12—14; Иса 40:29—31; 46:4; 2Кр 8:12

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • 2См 17:27—29; 19:31—38. Аҳ Давид зықәрахь инеихьаз Барзиллаи ихә ҳаракны ишьон, Иерусалимҟа дицны дцарцгьы ааԥхьара ииҭеит, аха Барзиллаи ахынраалара аарԥшны уи мап ацәикит, избанзар еиликаауан иқәра уи шилнамыршоз.

    • Аԥс 41:1—3, 12. Иҟалап аҳ Давид ӷәӷәала дычмазҩызҭгьы, аха иара агәра ганы дыҟан Иегова дшаанимыжьуа.

    • Мк 12:41—44. Иисус иӷарыз аԥҳәысеиба Анцәа изналгаз аҳамҭазы дирҽхәеит, избанзар илымаз зегь налгеит.

Ҳагхақәеи ҳагәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа

Шәахәаԥш «Агәкаҳара»