Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Алабжьарақәа

Алабжьарақәа

Алабжьарақәа шҳадаҳкылаша

Избан Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа ҳара ҳзы изхадоу?

Аԥс 32:8; Ажәм 15:22; 19:20; 20:18

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 11:14; Иса 28:29; Иер 32:19

Избан ҳхы ҳариашалар аасҭа, алабжьара ҳадаҳкылар еиҳа изеиӷьу?

Ажәм 12:15; 29:1

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 1:23—31; 15:31

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 15:3, 9—23. Аԥааимбар Самуил Саул дахьиашамыз аниеиҳәа, иара уи дизымӡырҩӡеит, ихы ариашарагьы далагеит. Уи азы Иегова Саул даанижьит.

    • 2Аш 25:14—16, 27. Аԥааимбар аҳ Амациа иҟаиҵаз агәнаҳақәа аартны ианиеиҳәа, иара уи дизымӡырҩӡеит. Уи иахҟьаны Иегова Амациа уаҳа дизыразӡамызт, дагьихьчаӡомызт.

Избан алабжьара ҳазҭо аизара ахылаԥшыҩцәа ҳаҭыр рықәаҳҵалар зҳахәҭоу?

1Фс 5:12; 1Тм 5:17; Аур 13:7, 17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 3Ин 9, 10. Зықәрахь инеихьаз апостол Иоанн Диотреф диқәыӡбеит, ақьырсиантә еизараҿы напхгара ҟазҵоз ҳаҭыр ахьрықәимҵоз азы.

Избан аиҳабацәа иҳарҳәо ҳазыӡырҩлар зҳахәҭоу?

Алв 19:32; Ажәм 16:31

Шәахәаԥш иара убас Иов 12:12; 32:7; Тит 2:3—5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 19:2, 3; 23:16—18. Давид 30-ҟа шықәса рыла иеиҳабыз Ионафан ииҳәаз дазыӡырҩит, уи ахәарҭа изаанагеит.

    • 1Аҳ 12:1—17. Аҳ Ровоам аиҳабацәа ирҳәаз ажәа ҟәышқәа дырзымӡырҩӡакәа, иқәлацәа иарҳәаз иҽеимыз алабжьара дықәныҟәеит. Уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит.

Иабантәиҳдыруеи Анцәа изиашоу аҳәсеи аҿари алабжьара бзиа ҳарҭар шрылшо?

Иов 32:6, 9, 10; Ажәм 31:1, 10, 26; Ек 4:13

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:100

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 25:14—35. Авигеиа Давид илҭаз алабжьара ауаа рацәаҩны еиқәнархеит, Давидгьы ауаҩшьра аҟынтә дааннакылеит.

    • 2См 20:15—22. Ԥҳәыс ҟәышк иҟалҵаз алабжьара абзоурала ақалақь Авел еиқәхеит.

    • 2Аҳ 5:1—14. Сириатәи ар реиҳабы израильтәи аӡӷаб хәыҷы илҳәаз дахьазыӡырҩыз абзоурала имаз ацәеилабаара аҟынтә дхәышәтәын.

Избан Иеговеи уи Иажәеи пату рықәзымҵо ауаа рылабжьарақәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭам?

Аԥс 1:1; Ажәм 4:14

Шәахәаԥш иара убас Лк 6:39

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аш 10:13, 14. Саул Иегова ацхырааразы иҳәара аҭыԥан, адемонцәа ирацәажәоз аԥҳәыс лахь дцеит, Анцәа дахьиҿагылаз азгьы дҭахеит.

    • 2Аш 22:2—5, 9. Аҳ Охозиа иҽеим алабжьарақәа дырзыӡырҩуан, уи иахҟьангьы дҭахеит.

    • Иов 21:7, 14—16. Иов Иегова бзиа дзымбоз ауаа рхәыцшьа шьҭихӡомызт.

Алабжьарақәа шыҟаҵалатәу

Избан аӡәы алабжьара иаҳҭаанӡа, афактқәа зегь зеилкаатәу, насгьы уи аус иалахәу зегьы рзыӡырҩра заҭаху?

Ажәм 18:13, 17

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 25:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 1:9—16. Аԥшьаҩ хада Или Анцәа изиашаз Анна лҭагылазаашьа цқьа еилымкааӡакәа, аҩы дашьны дыҟоуп ҳәа ахара лыдиҵеит.

    • Мф 16:21—23. Апостол Пиотр афактқәа зегь издырӡомызт, убри аҟынтә иара Иисус Иегова ииҭахыз акәымкәа, Аҩсҭаа ииҭахыз ауп иеиҳәаз.

Избан аӡәы алабжьара иаҳҭаанӡа Иегова ҳиҳәар зхадоу?

Аԥс 32:8; 73:23, 24; Ажәм 3:5, 6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 3:13—18. Моисеи Иегова диҳәеит израильаа ирызцәырҵыр алшо азҵаарақәа рыӡбараҿы дицхраарц.

    • 1Аҳ 3:5—12. Иқәыԥшыз аҳ Соломон ихы дақәгәыӷӡомызт. Иара Иегова аҟәыӷара ииҭарц диҳәеит, Анцәагьы уи диқәныҳәеит.

Избан аӡәы иаҳҭо алабжьара Абиблиа шьаҭас иамазар захәҭоу?

Аԥс 119:24, 105; Ажәм 19:21; 2Тм 3:16, 17

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 17:18—20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 4:1—11. Иисус Аҩсҭаа аҭак анииҭоз, игәаанагара акәымкәа, Анцәа Иажәа ианыз ауп ииҳәоз.

    • Ин 12:49, 50. Иисус иҳәеит иара егьырҭ идирҵо Иаб иҟынтә еиликааз шакәу. Уи ҳара ҳзы ҿырԥш бзиоуп.

Избан аӡәы алабжьара аниаҳҭо, хаала ҳиацәажәалар, насгьы дҳарҽхәалар зҳахәҭоу?

Гл 6:1; Кл 3:12

Шәахәаԥш иара убас Иса 9:6; 42:1—3; Мф 11:28, 29

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 19:2, 3. Иегова Ииуи ила аҳ Иосафат дириашеит, анаҩс иус бзиақәа рзы дирҽхәеит.

    • Аат 2:1—4, 8, 9, 12—14, 18—20. Иисус аизарақәа дрылабжьаанӡа ирҽхәеит.

Қьырсианк даҽа қьырсианк амц ма иҟам-ианым ихиҳәааит ҳәа даҳзашшуазар, избан изеиӷьу уи дзыргәааз дидгыланы диацәажәарц иаҳҳәар?

Мф 18:15—17; Лк 17:3

Шәахәаԥш иара убас Алв 19:17

Ишԥаҳалшо аӡәы иргәааз қьырсианк игәазҭаҳҵар дзыргәааз иахь ачҳареи арыцҳашьареи ааирԥшырц, насгьы уи ианаижьырц?

Мф 18:21, 22; Мк 11:25; Лк 6:36; Еф 4:32; Кл 3:13

Шәахәаԥш иара убас Мф 6:14; 1Кр 6:1—8; 1Пт 3:8, 9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Мф 18:23—35. Иисус егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьра шаҟа ихадоу ҳаилиркаарц азы угәаҵанӡа инеиуа хҭыск еиҭеиҳәеит.

Избан аӡәы алабжьара аниаҳҭо, Анцәа инормақәа зегьы ишреиӷьу иеилыркаара ҳацәымшәалар зҳахәҭоу?

Аԥс 141:5; Ажәм 17:10; 2Кр 7:8—11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 15:23—29. Аԥааимбар Самуил дымшәаӡакәа аҳ Саул дириашеит.

    • 1Аҳ 22:19—28. Аԥааимбар Михеи аҳ Ахав ажәабжь цәгьа иеиҳәеит. Михеи иажәақәа мап рцәимкӡеит, ддыршәоит ҳәа ианалагагьы, гәымбылџьбарала ианизныҟәагьы.

Ишԥаҳалшо аӡәы алабжьара аниаҳҭо, Анцәеи иареи реиҩызара ҳаԥырхагамхакәа алабжьара иҭара?

Аур 12:11—13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 22:31—34. Иисус агәра ганы дыҟан Пиотр агха ӷәӷәақәа шыҟаиҵазгьы егьырҭ ргәы шьҭихлар шилшо.

    • Фм 21. Апостол Павел Анцәа ииҭахыз инақәыршәаны Филимон алабжьара ииҭеит. Павел агәра ганы дыҟан Филимон уи алабжьара шидикылоз.

Иҳацхраар алшозеи згәы каҳаны иҟоу ма згәы ҭынчым хаала алабжьара рыҭара?

Иҳарбар шԥаҳалшо агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭах ибзиахарц азы ицхраара хықәкыс ишҳамоу?

Ишԥаҳалшо алабжьара заҳҭо иахь аҳаҭырқәҵара ааҳарԥшлар, уи дхәыҷызаргьы ддузаргьы, дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы?

Избан аизара ахылаԥшыҩцәа зныкымкәа алабжьарақәа зырҭахьо, аха урҭ здызымкыло еиҳа инықәырӷәӷәаны илабжьар зрыхәҭоу?