Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәкаҳара

Агәкаҳара

Избан агәкаҳара зшәарҭоу?

Ажәм 24:10

Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Иегова дышҳацхраауа?

Аԥс 23:1—6; 113:6—8; Иса 40:11; 41:10, 13; 2Кр 1:3, 4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 11:28—30. Иисус зегь рыла Иаб диҿыԥшуан: иара ауаа рахь ақьиара ааирԥшуан, рыгәгьы шьҭихуан.

    • Мф 12:15—21. Иисус згәы каҳаны иҟаз ауаа рахь ақьиара ааирԥшуан, убасала Исаиа 42:1—4 аҿы иану аԥааимбаражәа наигӡеит.

Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳгәы зырҭынчыр алшо абиблиатә жәеинраалақәа

Шәахәаԥш «Агәҭынчра»

Избан егьырҭ рыцхраареи ргәы ашьҭыхреи зҳахәҭоу?

Мф 18:6; Еф 4:29

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 32:6—15. Зхаҵара ӷәӷәамыз жәаҩык аԥшыхәцәа израильаа ргәы карыжьит. Уи иахҟьаны ажәлар зегь агәаҟра иақәшәеит.

    • 2Аш 15:1—8. Аԥааимбар аҳ Аса иеиҳәаз Иегова иажәақәа игәы шьҭырхит, амцмҵахырхәара ақәгарагьы игәазҭарҵеит.

Аӡәы иҳаиҳәаз ахьыҟаимҵаз, ҳахьиргәааз ма ҳахьиҭииз азы ҳгәы анкаҳауа

Аԥс 55:12—14; Лк 22:21, 48

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 8:1—6. Аԥааимбар Самуил израильаа аҳ дырхаиргыларц иахьиҳәоз игәы канажьит.

    • 1См 20:30—34. Ионафан даара игәы инархьит иаб Саул дахьылаирҟәыз.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 55:12—14, 16—18, 22. Ахитофел аҳ Давид диҭиит, урҭ шеиҩызцәазгьы, аха Давид Иегова диқәгәыӷит, Анцәагьы уи игәы ирҭынчит.

    • 2Тм 4:16—18. Апостол Павел дҭакны данрымаз, иааигәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, зегьы даанрыжьит, аха Иегова уи амч ииҭон. Уи адагьы, иара Анцәа Иаҳра аганахьала имаз агәыӷра игәы шьҭнахуан.

Иҳамоу аԥсыҽрақәеи агәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа

Иов 14:4; Рм 3:23; 5:12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 51:1—5. Аҳ Давид Иегова иҿаԥхьа иҟаиҵаз агәнаҳақәа даараӡа игәы инархьуан.

    • Рм 7:19—24. Апостол Павел акгьы даԥсамызшәа ихы ибон, дааҟәымҵӡакәа иҽеимыз агәаҳәарақәа дырҿагыланы дахьықәԥоз азы.

  • Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа

  • Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 9:2—5. Аҳ Давид зныкымкәа агәнаҳа ӷәӷәақәа шыҟаиҵазгьы, Иегова уи гәыкала имаҵ зуаз уаҩны диԥхьаӡон.

    • 1Тм 1:12—16. Апостол Павел уаанӡа егьырҭ ирацәаны ацәгьарақәа рзиуан, аха агәра ганы дыҟан Иегова ишианаижьыз.