Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аизара алцара

Аизара алцара

Избан аизара ахылаԥшыҩцәа аизара ацқьара иацклаԥшлар зрыхәҭоу?

Ианыԥшыр шԥалшо қьырсианк ихымҩаԥгашьа аизара зегьы?

1Кр 5:1, 2, 5, 6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • ИсН 7:1, 4—14, 20—26. Ахан иҭаацәеи иареи иҟарҵаз агәнаҳа иахҟьаны ажәлар зегь арыцҳара иақәшәеит.

    • Ион 1:1—16. Иона Иегова дахьизымӡырҩыз иахҟьаны аӷбаҿы ицыз ауаа ҭахарц азы аԥсык рыгхеит.

Иарбан хымҩаԥгашьоу ақьырсиантә еизараҿы иҟамзар ахәҭоу?

Иҟаҵатәузеи, иӡааху ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа аҟаҵара даҟәымҵуазар?

1Кр 5:11—13

Шәахәаԥш иара убас 1Ин 3:4, 6

Иҟарҵар акәзеи аизара ахылаԥшыҩцәа, қьырсианк иус аилыргара иалагаанӡа?

Ҩнтә 13:12—14; 17:2—4, 7

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 18:13; 1Тм 5:21

Иҟарҵар рыхәҭоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, ақьырсиан иҟаиҵаз агәнаҳа ӷәӷәоу-иӷәӷәаму, насгьы уи аӡбаразы акомитет еиҿкаатәу-еиҿкаатәыму анырыӡбо?

Избан ҭагылазаашьақәак рҿы агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан аизара дзалцатәу, ма алабжьара иҭаны имоу аҭакԥхықәрақәа зимхтәу, насгьы иарбан хәарҭоу уи аизаразы иаанаго?

Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу аизара иалцоу, Абиблиа излаҳәо ала?

Аизара иалцоу ауаҩы игәнаҳақәа дрыхьхәыр, илшома иара ҿыц Иегова ишаҳаҭ иакәны дҟалар?

2Кр 2:6, 7

Шәахәаԥш иара убас «Ахьхәра»

Иҟаҳҵар ҳалшозеи дасу, аизара цқьаны иаанхаларц азы?

Алв 5:1; Аур 12:15, 16

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 13:6—11

Избан иҟаҳҵаз агәнаҳа ӷәӷәа азы аизара ҳалырцоит ҳәа ҳшәозаргьы, уи ҳҵәахлар зҳахәҭам?

Аԥс 32:1—5; Ажәм 28:13; Иак 5:14, 15

Шәахәаԥш иара убас «Агәнаҳа» (ахеиҵа «Агәнаҳа шыҟауҵаз аҳәара»)

Избан ҭагылазаашьақәак рҿы ақьырсиан аизара далцамзаргьы, уаанӡа еиԥш иацәажәара заԥсам?

Иҟаиҵар илшозеи иҟам-ианым ак ззырҳәаз, ма иржьаз ақьырсиан, насгьы избан ус зыҟаиҵо?

Избан доуҳала ишәу ақьырсианцәа аизараҿы ииашамкәа зхы мҩаԥызго ддыриашарц азы алабжьара ирҭар зрыхәҭоу?