Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәышьҭыхра

Агәышьҭыхра

Избан Анцәа имаҵзуҩцәа ргәы шьҭибахлар зрыхәҭоу?

Иса 35:3, 4; Кл 3:16; 1Фс 5:11; Аур 3:13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 32:2—8. Ассириаа Иерусалим иақәларц анырҭахыз, аҳ Езекиа ажәлар ргәы шьҭызхуаз ажәақәа реиҳәеит.

    • Дан 10:2, 8—11, 18, 19. Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Даниил имчқәа анилӡаа, амаалықь игәы шьҭихын, дирӷәӷәеит.

Избан Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхларц зиҭаху?

Иса 32:1, 2; 1Пт 5:1—3

Шәахәаԥш иара убас Мф 11:28—30

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ҩнтә 3:28; 31:7, 8. Иегова Моисеи иеиҳәеит иара ишьҭахь ажәлар ираԥхьагылоз Иисус Навин игәы шьҭихырц. Моисеи убас иагьыҟаиҵеит.

    • Аус 11:22—26; 14:22. Ашьҭашәарыцарақәа раан Павели Варнавеи Антиохиа инхоз ақьырсианцәа ргәы шьҭырхит.

Избан ауаҩы игәы шьҭаҳхырц азы гәыкала дҳарҽхәар зҳахәҭоу?

Ажәм 31:28, 29; 1Кр 11:2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аӡб 11:37—40. Израильтәи аӡӷабцәа есышықәса Иеффаи иԥҳа лахь ицаны, лхы дамеигӡакәа Анцәа имаҵ ахьылуаз азы ддырҽхәон.

    • Аат 2:1—4. Иисус Ефес инхоз ақьырсианцәа дрылабжьарц иҭахын, аха раԥхьа урҭ ирҽхәеит.

Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар?

Ажәм 15:23; Еф 4:29; Фп 1:13, 14; Кл 4:6; 1Фс 5:14

Шәахәаԥш иара убас 2Кр 7:13, 15, 16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 23:16—18. Ионафан иҩыза Давид ацхыраара шиҭахыз идыруан, убри аҟынтә игәы шьҭихырц азы иԥшаара дашьҭан.

    • Ин 16:33. Иисус иҵаҩцәа сара адунеи саиааит ҳәа реиҳәеит. Убасала ргәы ирӷәӷәеит, насгьы агәра диргеит иара иҿыԥшуазар, даргьы адунеи иаиааир шрылшо.

    • Аус 28:14—16. Павел Римҟа аусӡбарҭахь даныргоз аишьцәа игәы шьҭырхырц азы ишааз аниба, уи даараӡа игәы шьҭнахит.

Избан ҳаԥсҭазаара ҳахамышшаалар зҳахәҭоу, насгьы ауаа пату зрықәҵалатәу?

Фп 2:14—16; Иуда 16—19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 11:10—15. Моисеи даара игәы каҳаит израильаа Анцәа иахьизымӡырҩуаз, насгьы агәынамӡара ахьаадырԥшуаз.

    • Ахԥ 13:31, 32; 14:2—6. Жәаҩык ахаҵара ззымхоз аԥшыхәцәа ажәлар зегьы ргәы казыжьуаз ажәақәа рҳәон, уи иахҟьаны ажәлар Иегова инапхгара иаҿагылеит.

Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеицәажәо, насгьы Анцәа имаҵ ахьеицаҳуа амч заҳнаҭо?

Ажәм 27:17; Рм 1:11, 12; Аур 10:24, 25; 12:12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 20:1—19. Аҳ Иосафат ар ду аниҿагыла, Анцәа еициҳәарц азы ажәлар зегь еизигеит.

    • Аус 12:1—5, 12—17. Апостол Иаков даныршь, насгьы апостол Пиотр абахҭа данҭарк, Иерусалим иҟаз ақьырсианцәа Анцәа иҳәарц азы еизеит.

Ишԥаҳацхраауеи иҳамоу агәыӷра, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу?

Аус 5:40, 41; Рм 8:35—39; 1Кр 4:11—13; 2Кр 4:16—18; 1Пт 1:6, 7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 39:19—23; 40:1—8. Иосиф акгьы ихараӡамкәа абахҭа дышҭаркызгьы, Иегова гәыкала имаҵ иуан, егьырҭгьы рыцхраара дашьҭан.

    • 2Аҳ 6:15—17. Аԥааимбар Елисеи иаӷацәа рыр дырцәымшәаӡеит, насгьы Анцәа диҳәеит имаҵуҩгьы ашәара даиааирц.

Анцәа Иажәаҿы ҳгәы шьҭызхуа ҳаԥшаар шҳалшо

Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова?

Аԥс 55:22; 94:14; Рм 8:38, 39; 1Кр 10:13

Ҳгәы шԥарҭынчуеи, Иегова иааирԥшуа ачҳареи арыцҳашьареи ҳаназхәыцуа?

Не 9:17; Аԥс 103:13, 14; 2Пт 3:9, 15

Иҟаиҵар илшозеи Иегова уаҳа сылшаӡом ҳәа згәы иаанаго ауаҩы изы?

Аԥс 46:1; Иса 12:2; 40:29—31; Фп 4:13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 1:10, 11, 17, 18. Иегова Анна лыҳәара иаҳаит, лыгәгьы ирҭынчит.

    • 1Аҳ 19:1—19. Аԥааимбар Илиа игәы каҳаны даныҟаз, Иегова афатәи аӡи ииҭеит, дирӷәӷәеит, игәы ирҭынчит, насгьы агәыӷра ииҭеит.

Избан ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара аганахьала Абиблиаҿы иану агәыӷра агәымшәара заҳнаҭо?

2Аш 15:7; Аԥс 27:13, 14; Аур 6:17—19; 12:2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 14:1, 2, 7—9, 13—15. Иов иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ианицәыцәгьазгьы, аԥсҭалара аганахьала имаз агәыӷра игәы арҭынчуан.

    • Дан 12:13. Амаалықь шәышықәса раҟара зхыҵуаз аԥааимбар Даниил иаԥхьаҟа изыԥшыз аҳамҭа аӡбахә изеиҭеиҳәеит, убри алагьы игәы шьҭихит.

Избан Анцәа иҳәареи Иегова изкны иаҳдыруа азхәыцреи амч заҳнаҭо?

Аԥс 18:6; 56:4, 11; Аур 13:6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 30:1—9. Аҳ Давид ауадаҩрақәа данрықәшәа, Иегова диҳәеит. Уи иара амч инаҭеит.

    • Лк 22:39—43. Зегь раасҭа ихьанҭаз аԥышәара аан Иисус дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәон. Иегова уи дирӷәӷәарц азы амаалықь дизааишьҭит.

Ишԥаҳацхраауеи ажәабжь бзиақәеи угәы шьҭызхуа ахҭысқәеи, насгьы избан урҭ егьырҭ рзеиҭаҳәара заҭаху?

Ажәм 15:30; 25:25; Иса 52:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 15:2—4. Павели Варнавеи зҭааз аизарақәа даара ргәы шьҭырхит.

    • 3Ин 1—4. Зықәрахь инеихьаз апостол Иоанн даара игәы шьҭыҵит, аҵабырг зирҵоз ауаа Иегова гәыкала имаҵ шыруа аниаҳа.