Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҭаацәара

Аҭаацәара

Аҭаацәара аԥызҵаз Иегова иоуп

Ани аби

Шәахәаԥш «Ани аби»

Абацәа

Шәахәаԥш «Абацәа»

Анацәа

Шәахәаԥш «Анацәа»

Аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи

Аԥацәеи аԥҳацәеи

Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова ахәыҷқәа ирыдиҵаз?

Алв 19:3; Ажәм 1:8; 6:20; Еф 6:1

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 4:1

Избан ахәыҷқәа рани раби ирзыӡырҩлар зрыхәҭоу?

Еф 6:1—3; Кл 3:20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 78:1—8. Израильаа рхәыҷқәа Иегова иқәгәыӷларц, изакәанқәагьы еиларымгаларц азы рабацәеи рабдуцәеи рҭоурых рзеиҭарҳәон.

    • Лк 2:51, 52. Иисус дшынаӡазгьы, данқәыԥшыз еснагь инаӡамыз иҭаацәа дырзыӡырҩуан.

Избан ахәыҷқәа рҭаацәа пату рықәҵара рцәыцәгьазар залшо?

Дышԥарзыҟоу Анцәа зҭаацәа ирзымӡырҩуа ахәыҷқәа?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ҩнтә 21:18—21. Аԥа дандухалак иҳәатәы иаирго, аӡә ииҳәо имаҳауа, арыжәтә иҽаиршьуа, иҭаацәа дырзымӡырҩуа дҟалар, Моисеи изакәан инақәыршәаны уи дыршьыр акәын.

    • 2Аҳ 2:23, 24. Ахәыҷқәа еизаны, Анцәа ԥааимбарс иалихыз Елисеи ихыччо ианалага, абна илҵыз ҩ-мшәык урҭ ахәыҷқәа еимыжәжәа иқәырҵеит.

Иазыҟазар шԥарыхәҭоу аҭаацәа рхәыҷқәа рааӡара?

Аԥс 127:3; 128:3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Алв 26:9. Израильтәи аҭаацәарақәа рҿы ахшара анроуаз, дара уи Иегова ириҭаз ҳамҭаны ирыԥхьаӡон.

    • Иов 42:12, 13. Иов Иегова дахьизиашаз азы иԥҳәыси иареи 10-ҩык ахшара риҭеит.

Еизыҟазар шԥарыхәҭоу иашьеи-иаҳәшьеи?

Аԥс 34:14; Ажәм 15:23; 19:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аҟ 27:41; 33:1—11. Иаков иашьа Исав пату шиқәиҵо, динышәарц шиҭаху ааирԥшырц азы аџьабаа рацәаны ибеит. Уи Исав игәы ҟанаҵеит.

Иарбан ҭакԥхықәроу идухахьоу ахәыҷқәа ирыду рани раби, рандуи рабдуи рҿаԥхьа?

Ажәм 23:22; 1Тм 5:4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 11:31, 32. Авраам Ур данықәҵуаз, иаб Фаррагьы дигеит, иԥсы ҭанаҵгьы дихылаԥшуан.

    • Мф 15:3—6. Иисус Моисеи изакәан шьаҭас иҟаҵаны иҳәеит идухахьоу ахәыҷқәа рҭаацәа иреиҷаҳалар шрыхәҭоу.

Анхәацәеи абхәацәеи

Андуцәеи абдуцәеи

Шәахәаԥш «Андуцәеи абдуцәеи»