Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Адунеи бзиа абара

Адунеи бзиа абара

Знапаҿы иҟада ари адунеи?

Еф 2:2; 1Ин 5:19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Лк 4:5—8. Аҩсҭаа Иисус адунеи зегь уахасыргылоит ҳәа аниеиҳәа, Иисус имҳәаӡеит адунеи Аҩсҭаа инапаҿы иҟаӡам ҳәа.

Ари адунеи бзиа избо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхыр, ишԥаныԥшуеи уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара?

Иак 4:4; 1Ин 2:15, 16

Шәахәаԥш иара убас Иак 1:27

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 2Аш 18:1—3; 19:1, 2. Иегова Иосафат диқәыӡбеит Анцәа изакәанқәа еилазгоз аҳ Ахав ҩызас дахьышьҭихыз азы.

Ҳара Иегова ари адунеи дшазыҟоу ҳдыруеит. Ишԥаҳацхраауеи уи, ҩызцәас ишьҭаҳхша анаҳаӡбо?

Шәахәаԥш «Аҩызцәа; аиҩызара»

Избан ари адунеи аҿы ауаа аԥареи амали ишазыҟоу еиԥш ҳаргьы ҳазыҟазар заҳҭахым?

Избан ари адунеи аҿы ауаа асексуалтә гәазыҳәарақәа ишырзыҟоу еиԥш ҳаргьы ҳарзыҟазар заҳҭахым?

Избан ақьырсианцәа ауаа рҟынтә аӡәгьы изимҵахырымхәо, насгьы аорганизациақәа зҳарарымкуа?

Мф 4:10; Рм 1:25; 1Кр 10:14

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 12:21—23. Иегова аҳ Ирод Агриппа дҭаирхеит ажәлар Анцәа иеиԥш имҵахырхәалар ахьиуз азы.

    • Аат 22:8, 9. Апостол Иоанн дшьамхышгыланы амаалықь димҵахырхәарц иҭахын, аха амаалықь уи дааникылеит, насгьы Иегова заҵәык ишимҵахырхәалатәу иеиҳәеит.

Избан ақьырсианцәа аполитикеи ажәларқәа рыбжьара ицәырҵуа азҵаарақәеи рҿы аӡәгьы иган заанырымкыло?

Избан ақьырсианцәа егьырҭ адинхаҵарақәа рыҽзрыладмырхәуа?

Избан ақьырсианцәа ари адунеи аҿы ауаа Иегова инормақәа ишырзыҟоу еиԥш изырзыҟам?

Избан ақьырсианцәа зырцәымӷу, насгьы лассы-лассы изрышьҭашәарыцо?

Избан ари адунеи иатәу акы бзиа абара зшәарҭоу?

Иса 65:17; 1Ин 2:17

Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа абзиабареи ақьиареи Иегова имаҵ зымуа ауаа рахь?

Избан ақьырсианцәа азакәани аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи ҳаҭыр зрықәырҵо?

Мф 22:21; Рм 13:1—7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 25:8; 26:2, 25. Апостол Павел азакәан дықәныҟәон, аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәагьы ҳаҭыр рықәиҵон.