Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәырҩа

Агәырҩа

Иарбан библиатә хҭысқәоу иаҳзырбо иаҳзааигәоу ауаҩы дахьыԥсыз азы ҳгәырҩозар, уи цәгьарак шалам?

Аҟ 23:2; 24:67; 37:34, 35; 42:36; Ин 11:19, 31, 33—36

Шәахәаԥш иара убас 2См 1:17—27; Аус 9:36—39

Иабантәиҳдыруеи Иегова игәырҩо ауаа ргәы ирҭынчыр шиҭаху?

Аԥс 34:18; Иса 57:15; 61:1, 2

Избан ауаҩы данԥслак ашьҭахь иҟало ахьаҳдыруа ҳгәы зарҭынчуа?

Ек 9:5, 10; 1Фс 4:13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 20:37, 38. Иисус излеиҳәаз ала, Иегова даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Иара иԥсхьоу ауаа уажәгьы рыԥсы ҭоушәа дрыхәаԥшуеит.

    • Ин 11:5, 6, 11—14. Иисус иҩыза гәакьа Лазарь дшыԥсыз атәы даналацәажәоз, аԥсра ацәа иаҿирԥшит.

    • Аур 2:14, 15. Апостол Павел иҳәеит аԥсра ҳацәшәалар шҳахәҭам.

Избан Абиблиаҿы ауаҩы данԥсуа амш даниуа амш аасҭа еиӷьуп ҳәа зану?

Ажәм 22:1; Ек 7:1, 2

Ишԥахцәажәо Абиблиа аԥсра? Иазиуазеи Анцәа аԥсра ҳаԥхьаҟа?

Избан Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо агәра ганы ҳзыҟоу?

Иса 26:19; Ин 5:28, 29; Аус 24:15

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Абиблиаҿы иануп ауаа рыԥсы шҭалаз иазку жә-хҭыск. Урҭ рҟынтә аа-хҭыск адгьыл аҿы инхаларц азы зыԥсы ҭалаз ауаа ирызкуп. Ажәбатәи ахҭыс иԥсы анҭала ашьҭахь ажәҩан ахь ихалаз Иисус изкуп. Арҭ ахҭысқәа ауаҩы изааигәоу аӡә данԥсуа игәы дырҭынчыр, агәыӷрагьы ирҭар рылшоит.

      • 1Аҳ 17:17—24. Аԥааимбар Илиа Сарепта инхоз аԥҳәысеиба лԥа иԥсы ҭеиҵеит.

      • 2Аҳ 4:32—37. Аԥааимбар Елисеи Шунем инхоз аҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.

      • 2Аҳ 13:20, 21. Иԥсыз ауаҩы Елисеи анышә дахьамаз дҭарыжьит. Уи ицәеижь Елисеи ибаҩқәа ианыркьыс, иԥсы ҭалеит.

      • Лк 7:11—15. Наин ақалақь аҿы Иисус аԥсы даазгоз ауаа ааникылан, аԥҳәысеиба лыҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.

      • Лк 8:41, 42, 49—56. Иисус 12 шықәса зхыҵуаз асинагога аиҳабы Иаир иԥҳа лыԥсы ҭеиҵеит.

      • Ин 11:38—44. Иисус иҩыза гәакьа, Марфеи Мариеи рашьа Лазарь иԥсы ҭеиҵеит.

      • Аус 9:36—42. Апостол Пиотр зус бзиақәа рзы зегь бзиа ирбоз Дорка лыԥсы ҭеиҵеит.

      • Аус 20:7—12. Апостол Павел аԥенџьыр иалыбганы икаҳаз Евтих зыхьӡыз иқәыԥшыз аҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.

    • Иегова Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит, ажәҩан аҿы ԥсра зқәым аԥсҭазаарагьы ииҭеит. Уи Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаӡо агәра ҳнаргоит.

    • Ажәҩан аҿы анхаразы раԥхьаӡа зыԥсы ҭалаз, насгьы ахаан имԥсуа иҟалаз Иисус иоуп. Ус еиԥш иҟоу аҳамҭа 144000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәагьы ироуеит.

Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ирзааигәоу ауаҩы дахьыԥсыз иахҟьаны игәырҩо ауаа?