Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Атитулқәа

Атитулқәа

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа адинхаҵара иадҳәалоу атитулқәа рхы иадырхәалар?

Ин 5:41

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Лк 18:18, 19. Иисус дшыбзиазгьы, «Арҵаҩ бзиа» ҳәа иарҳәаларц иҭахӡамызт. Иара иҳәеит Анцәа ида ибзиоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам.

Избан ақьырсианцәа адинхаҵара иадҳәалоу атитулқәа изадмырхәо, иаҳҳәап, «аб» ма «арҵаҩы» ҳәа аӡәгьы изиарымҳәо?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 23:9—12. Иисус Христос иҳәеит «аб» ма «амҩақәҵаҩ» реиԥш иҟоу атитулқәа ауаа рхы иадырхәалар шрыхәҭам.

    • 1Кр 4:14—17. Апостол Павел аӡәырҩы абык иеиԥш дшырзыҟазгьы, Абиблиаҿы џьаргьы иаҳәаӡом иара «аб Павел» ма даҽакала иарҳәон ҳәа.

Избан ақьырсианцәа дара дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳәа еибырҳәалар зрылшо, убас иагьеизыҟазар зыбзиоу?

Мф 23:8

Шәахәаԥш иара убас Аус 12:17; 18:18; Рм 16:1

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Мф 12:46—50. Иисус еилыкка иҳәеит иара ивагыланы Иегова имаҵ зуа ауаа иашьцәеи иаҳәшьцәеи шракәу.

Избан ақьырсианцәа аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа, аӡбаҩцәа ма егьырҭ аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ианрацәажәо, атитулқәа рхы иадырхәалар зрылшо?

Рм 13:1, 7; 1Пт 2:17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 26:1, 2, 25. Апостол Павел аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа, иаҳҳәап, Агриппеи Фести, данрацәажәоз, урҭ ртитулқәа ихы иаирхәон.