Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ахынраалара

Ахынраалара

Дышԥарзыҟоу Иегова ахынраалара злоу ауаа, дышԥарзыҟоу зхы шьҭызхуа?

Аԥс 138:6; Ажәм 15:25; 16:18, 19; 22:4; 1Пт 5:5

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 29:23; Иса 2:11, 12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 26:3—5, 16—21. Аҳ Уззиа аԥагьара аарԥшны Анцәа изакәан еилеигеит. Дышиашамыз аниарҳәа, иԥсахы еибакит, убри аҟынтә Анцәа уи ацәеилабаара иирхьит.

    • Лк 18:9—14. Иисус иааигаз аҿырԥштәы ала иҳаилиркааит Иегова зхы шьҭызхуа ауаа рыҳәарақәеи ахынраалара злоу ауаа рыҳәарақәеи дшырзыҟоу.

Дышԥеизыҟоу Иегова ахынраалара аарԥшны гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаҩы?

2Аш 7:13, 14; Аԥс 51:2—4, 17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 12:5—7. Аҳ Ровоами Иуда аҭауадцәеи ахынраалара аадырԥшит, убри аҟынтә Иегова урҭ рыцҳаишьеит.

    • 2Аш 32:24—26. Аҳ Езекиа ихы шьҭихуа далагеит, аха нас ахынраалара ааирԥшит, убри аҟынтә Иегова уи ианаижьит.

Ишԥаҳацхраауеи ахынраалара егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц?

Еф 4:1, 2; Фп 2:3; Кл 3:12, 13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 33:3, 4. Исав иашьа Иаков ӷәӷәала дизгәааны дыҟан, аха Иаков иашьа даниԥыла, Иаков ахынраалара ду ааирԥшит, уи абзоурала дара еинышәеит.

    • Аӡб 8:1—3. Гедеон ахынраалара аарԥшны ефремаа еиҳа ишыӷәӷәаз иҳәеит, уи ргәыԥжәара ааннакылеит, ирыбжьалаз аилибамкаарагьы ӡбахеит.

Ишԥаҳирбеи Иисус Христос ахынраалара ҳалазар шхадоу?

Мф 18:1—5; 23:11, 12; Мк 10:41—45

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иса 53:7; Фп 2:7, 8. Заа ишҳәаз еиԥш, Иисус ахынраалара аарԥшны дақәшаҳаҭхеит адгьыл ахь аара. Иара агәаҟрагьы аԥсрагьы дазхиан.

    • Лк 14:7—11. Ачараҿы иҟалар алшо аҭагылазаашьа ҿырԥшыс иааганы, Иисус ахынраалара хәарҭас иаанаго ҳирбеит.

    • Ин 13:3—17. Асасцәа ршьапқәа зыӡәӡәоз амаҵуцәа ракәын, аха Иисус ихаҭа апостолцәа ршьапқәа иӡәӡәеит, убасала ахынраалара аарԥшра шаҭаху ҳирбеит.

Ҳхы ииашаны ҳаназнеиуа, егьырҭгьы ииашаны ҳанырзыҟоу, ишԥаҳацхраауеи уи ахынраалара аарԥшра?

Избан егьырҭ ирбандаз ҳәа иааҳарԥшуа ахынраалара акгьы изаԥсам?