Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа иҿаԥхьа ацқьара

Анцәа иҿаԥхьа ацқьара

Изакәызеи Анцәа иҿаԥхьа ацқьара?

Аԥс 18:23—25; 26:1, 2; 101:2—7; 119:1—3, 80

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Алв 22:17—22. Иегова кәырбанс изнаргоз аԥстәқәа агра рымамзарц иҭахын; «агра змам» ҳәа еиҭагоу ауриа ажәа «Анцәа иҿаԥхьа ацқьара» ҳәа еиҭагоу ажәа иадҳәалоуп. Уи иаҳнарбоит Анцәа иҿаԥхьа ицқьоу ауаҩы иԥсҭазаара зегь Иегова ишизикуа.

    • Иов 1:1, 4, 5, 8; 2:3. Иов иҿырԥшы иаҳнарбоит Анцәа иҿаԥхьа ицқьоу ауаҩы гәыкала Иегова пату шиқәиҵо, иара заҵәык дышимҵахырхәо, Анцәа ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо шыҟаимҵо.

Избан Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьазар зҳахәҭоу?

Аԥс 7:8, 9; 25:21; 41:12; Ажәм 10:9; 11:3

Шәахәаԥш иара убас Мк 12:30

Избан Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц заҳҭаху?

1Аш 29:17; Ажәм 2:7

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 27:11; 1Ин 5:3

Иҟаҵалатәузеи Иегова ицқьоу уаҩны ҳиԥхьаӡаларц азы?

ИсН 24:14, 15; Аԥс 101:2—4

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 5:29; Иса 48:17, 18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 31:1—11, 16—33. Иегова Иов дуаҩы цқьаны диԥхьаӡон, избанзар уи асексуалтә ламысдара иҽацәихьчон, егьырҭ дрыцхраауан, пату рықәиҵон; Иов аидолқәа дрымҵахырхәаӡомызт, амал аасҭа Иеговеи иареи реиҩызара еиҳа ахә ишьон.

    • Дан 1:6—21. Даниили хҩык иҩызцәеи Иегова имаҵ зымуаз ауаа ишрыланхозгьы, Анцәа иҿаԥхьа ицқьаны иаанхон, афатә аганахьалагьы Анцәа изакәан еиларгаӡомызт.

Илшома агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟазҵахьоу ауаҩы ҿыц Анцәа иҿаԥхьа дыцқьаны дҟалар?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 9:2—5; Аԥс 78:70—72. Аҳ Давид игәнаҳақәа данрыхьхәы, Иегова урҭ ианаижьит. Иара уи дуаҩы цқьаны диԥхьаӡон.

    • Иса 1:11—18. Иегова израильаа ҩ-цәак зхарԥоу, гәнаҳала иҭәу ауаа шәоуп ҳәа шреиҳәазгьы, рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр, насгьы рҽырыԥсахыр, ицқьоу уааны ишиԥхьаӡало иҳәеит.