Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥара бзиа абара; амалрҳара

Аԥара бзиа абара; амалрҳара

Иаҳәома Абиблиа аҿы аԥареи амали умазар, уи цәгьароуп ҳәа?

Ек 7:12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 3:11—14. Иегова аҳ Соломон иааирԥшуаз ахынраалара азы амал ду ииҭеит.

    • Иов 1:1—3, 8—10. Иов даараӡа ибеиаз уаҩын, аха иара изы Иеговеи иареи реиҩызара зегь раасҭа ихадан.

Избан аԥареи амали ауаҩы анасыԥи аҭынчреи зирымҭо?

Ажәм 23:4, 5; Ек 2:18, 19; 5:10, 12

Ианбаҳзаанамго амал ахәарҭа?

Аԥс 49:6, 7, 9, 10; Мф 16:26

Иарбан зегь иреиҳау шәарҭароу ирыҵоу аԥареи амали?

Ҩнтә 6:10—12; Мф 6:24; 1Тм 6:9, 10

Ҳажьар шԥалшо амал?

Ажәм 11:4, 18, 28; 18:11; Мф 13:22

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 8:18—24. Симон игәы иаанагеит аизараҿы аҭакԥхықәра иааихәар илшоит ҳәа, аха иара дҩашьеит.

Иҟалар алшои, аԥара бзиа иаҳбозар?

Мф 6:19—21; Лк 17:31, 32

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мк 10:17—23. Иқәыԥшыз ауаҩ беиа имаз амал бзиа иахьибоз иахҟьаны Иисус Христос иҵаҩыс аҟалара алшара мап ацәикит.

    • 1Тм 6:17—19. Апостол Павел ибеиаз ақьырсианцәа ргәырҽаниҵеит рхы ҳарарымкларц, мамзар Анцәа иразра рцәыӡыр алшон.

Амалрҳара ҳҽаҳҭар, ишԥалшо уи ҳхаҵара арԥсыҽыр, насгьы Анцәа иразра ҳцәыӡыртә аҟынӡа ҳнанагар?

Ҩнтә 8:10—14; Ажәм 28:20; 1Ин 2:15—17

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 52:6, 7; Ам 3:12, 15; 6:4—8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 31:24, 25, 28. Иов еиликаауан амал ақәгәыӷра шиашам, избанзар амал иақәгәыӷуа ауаҩы Анцәа иқәгәыӷра даҟәыҵуеит.

    • Лк 12:15—21. Иисус амалрҳара аҽаҭара шаҟа ишәарҭоу ҳаилиркаарц азы амал рацәаны измаз, аха Анцәа иҿаԥхьа иӷарыз ауаҩы иҿырԥштәы ааигеит.

Иҳацхраауазеи иҳамоу амаҷымшьара?

Ажәм 30:8, 9; 1Тм 6:6—8; Аур 13:5

Амал аасҭа еиҳа зыхә ҳараку арбану, насгьы избан?

Ажәм 3:11, 13—18; 10:22; Мф 6:19—21

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аг 1:3—11. Аԥааимбар Аггеи ила Иегова иҳәеит ауриацәа иныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара аҭыԥан рхатә ҩынқәа еиҳа иахьреиҷаҳауаз, насгьы еиҳа рхы иахьазхәыцуаз азы урҭ дшырзылмԥхо, амалрҳара аганахьалагьы аизҳара шримҭо.

    • Аат 3:14—19. Иисус Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа дрылабжьеит, избанзар дара рзы амалрҳара еиҳа ихадахеит, Анцәа имаҵ аура аасҭа.

Избан агәра ҳгалар зҳахәҭоу Иегова зда ԥсыхәа ҳамам зегь шҳаиҭо?

Аԥс 37:25; Ажәм 3:9, 10; Мф 6:25—33