Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Арыцҳашьара; аӡәы ихьаа ицеиҩшара

Арыцҳашьара; аӡәы ихьаа ицеиҩшара

Излааԥшуазеи арыцҳашьара?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 51:1, 2. Аҳ Давид Иегова диҳәон арыцҳашьара аарԥшны ианаижьырц, игәнаҳақәа рҟынтә дирыцқьарц.

    • Лк 10:29—37. Иисус арыцҳашьара закәу даналацәажәоз, ауриа иахь арыцҳашьареи агәыразреи аазырԥшыз самариатәи ахаҵа изкыз аҿырԥштәы ааигеит.

Избан ауаа зегьы арыцҳашьара изаргәаҟуа?

Аԥс 130:3; Ек 7:20; 1Ин 1:8

Шәахәаԥш иара убас 1Аҳ 8:46—50

Иабантәиҳдыруеи Иегова арыцҳашьара злоу Анцәа шиакәу?

Ақәҵ 34:6; Не 9:17; Аԥс 103:8; 2Кр 1:3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 42:1, 2, 6—10; Иак 5:11. Иегова Иов иахь арыцҳашьара ааирԥшуан. Иаргьы егьырҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшларц иирҵон.

    • Лк 15:11—32. Иисус Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу даналацәажәоз, аб ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз, аха нас иахьхәыз иԥа дышидикылаз атәы аҿырԥштәы ааигеит.

Избан Иегова ҳара ҳахь арыцҳашьара зааирԥшуа?

Рм 5:8; 1Ин 4:9, 10

Шәахәаԥш иара убас Тит 3:4, 5

Рольс иамоузеи Христос икеиҭәаз ашьа, насгьы иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара, ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц азы?

Избан Анцәа ҳрыцҳеишьаларц азы еснагь ҳиҳәалар зҳахәҭоу, насгьы уи ҳзыԥсоу ак еиԥш ҳамыхәаԥшлар закәу?

Лк 11:2—4; Аур 4:16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 51:1—4. Аҳ Давид иҟаиҵаз агәнаҳақәа рзы даара иламыс даргәаҟуан, насгьы ахынраалара аарԥшны Иегова диҳәон дрыцҳашьаны ианаижьырц.

    • Лк 18:9—14. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иҳаилнаркаауеит Иегова ахынраалара аарԥшны зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рахь арыцҳашьара шааирԥшуа.

Избан Анцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаагьы рыцҳаишьар ауеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

Ҩнтә 4:29—31; Иса 55:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 33:9—13, 15. Аҳ Манассиа агәнаҳа ӷәӷәақәа рацәаны иҟаиҵеит, аха иара урҭ дрыхьхәын, Иегова дрыцҳаишьарц диҳәеит. Анцәа уи ҿыц аҳас дҟаиҵеит. Анаҩс Манассиа иԥсҭазаашьа зегь иаанарԥшит иҽшиԥсахҵәҟьаз.

    • Ион 3:4—10. Ниневиа инхоз ауаа даараӡа игәымбылџьбаран, ауаа рацәаҩны иршьуан, аха рыгәнаҳақәа ианрыхьхәы, Анцәа урҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшит.

Избан Иегова ҳара ҳахь арыцҳашьара ааирԥшырц азы агәнаҳа шыҟаҳҵаз иаартны иаҳҳәар, насгьы ҳаҽҳариашар зҳахәҭоу?

Аԥс 32:5; Ажәм 28:13; 1Ин 1:9

Иегова арыцҳашьара ааирԥшыргьы, уи иаанагаӡом иҟаҳҵаз агәнаҳа иаанаго алҵшәа бааԥсқәа ҳрыцәцоит ҳәа, насгьы ҳахьдырхәӡом ҳәа.

Ақәҵ 34:6, 7; 2См 12:9—13

Избан егьырҭ рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

Егьырҭ рахь арыцҳашьара ааҳмырԥшуазар, ишԥаныԥшуеи уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара?

Мф 9:13; 23:23; Иак 2:13

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 21:13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 18:23—35. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит Иегова арыцҳашьара аазмырԥшуа рахь арыцҳашьара шааимырԥшуа.

    • Лк 10:29—37. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит аӡәы арыцҳашьара анааимырԥшуа, уи Иеговеи Иисуси ишыргәамԥхо. Дара ргәы иахәоит арыцҳашьара злаз самариатәи ахаҵа иеиԥш зхы мҩаԥызго ауаа анырбо.

Дышԥарзыҟоу Иегова арыцҳашьара злоу ауаа?