Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анацәа

Анацәа

Иарбан ҭакԥхықәрақәоу Иегова анацәа зегьы ирыдиҵаз?

Ажәм 31:17, 21, 26, 27; Тит 2:4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 21:8—12. Измаил Сарра лыҷкәын хәыҷы Исаак дихыччон. Лара уи анылба, Авраам рыҷкәын хәыҷы дихьчарц диҳәеит.

    • 1Аҳ 1:11—21. Вирсавиа лԥа Соломон иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу, насгьы Адониа уи иҭыԥан аҳас дҟаларц шиҭаху анеилылкаа, аҳ Давид диҳәеит уи аҭагылазаашьа иӡбарц.

Избан ахәыҷқәа ран ҳаҭыр лықәырҵалар, насгьы илзыӡырҩлар зрыхәҭоу?

Ақәҵ 20:12; Ҩнтә 5:16; 27:16; Ажәм 1:8; 6:20—22; 23:22

Шәахәаԥш иара убас 1Тм 5:9, 10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Пт 3:5, 6. Апостол Пиотр иҳәеит Сарра ахаҵара ӷәӷәа шлымаз. Уи илҿыԥшуа ақьырсианҳәсақәа зегьы ран лоуп ҳәагьы лзиҳәеит.

    • Ажәм 31:1, 15, 21, 28. Аҳ Лемуил иан ихадоу алабжьарақәа илҭеит. Урҭ алабжьарақәа аҭаацәара алазаареи, аԥҳәыс аҭаацәараҿы иналыгӡо аԥҳәыс лрольи, ан лрольи ирызкын.

    • 2Тм 1:5; 3:15. Апостол Павел Тимофеи иан Евника дирҽхәеит лԥа Иԥшьоу Аҩыра ахьилырҵоз азы, лхаҵа уи шиҭахымызгьы.