Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аӡырҩра; аҳәатәхаҵара; аҳәатәы ацныҟәара

Аӡырҩра; аҳәатәхаҵара; аҳәатәы ацныҟәара

Шаҟа ихадоузеи зегь рыла Анцәа изыӡырҩра?

Ақәҵ 19:5; Ҩнтә 10:12, 13; Ек 12:13; Иак 1:22

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 15:17—23. Аԥааимбар Самуил аҳ Саул дилабжьеит, уи Иегова иҳәатәы дахьазымӡырҩыз азы. Анаҩс Самуил аҳәатәхаҵара шаҟа ихадоу азгәеиҭеит.

    • Аур 5:7—10. Иисус еснагь Иаб дизыӡырҩуан, аха адгьыл ахь данаа, егьырҭ гәымбылџьбарала ианизныҟәоз, анаҩсгьы аӡырыҩра аарԥшышьа иҵалар акәын.

Ихы мҩаԥигалар шԥаихәҭоу ақьырсиан, аҳәынҭқарратә мчрақәа Анцәа инормақәа еилеигарц идырцалозар?

Аус 5:29

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Дан 3:13—18. Гәыкала Анцәа изиашаз хҩык ауриацәа шәаҳшьуеит ҳәа шрарҳәазгьы, аҳ иргылаз абаҟа амҵахырхәара мап ацәыркит.

    • Мф 22:15—22. Иисус иҳәеит ҳара аҳәынҭқарцәа ирҳәо ҳазыӡырҩлар шҳахәҭоу, уи Анцәа инормақәа ирҿамгылозар.

    • Аус 4:18—31. Апостолцәа агәымшәара аарԥшны ажәабжь бзиа рҳәон, аҳәынҭқарцәа уи иаҟәыҵырц шрарҳәазгьы.

Иҳацхраауазеи еснагь Иегова изыӡырҩра?

Ҩнтә 6:1—5; Аԥс 112:1; 1Ин 5:2, 3

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:11, 112; Рм 6:17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Езд 7:7—10. Аԥшьаҩы Ездра игәы азыҟаиҵеит Иегова изакәанқәа наигӡаларц, егьырҭ уи дирҵаларц, насгьы аҿырԥшы бзиа дирбаларц азы.

    • Ин 14:31. Иисус иҳаилиркааит еснагь Иаб иҳәатәы дзацныҟәо.

Ҳгәазҭазҵалар акәзеи Иеговеи Иисуси рзыӡырҩра?

Ишԥеидҳәалоу аҳәатәхаҵареи ахаҵареи?

Рм 1:5; 10:16, 17; Иак 2:20—23

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 9:23

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 6:9—22; Аур 11:7. Нои Иегова ишиеиҳәаз еиԥшҵәҟьа аковчег ахьиргылаз ихаҵара аанарԥшит.

    • Аур 11:8, 9, 17. Авраам Анцәа ишиҳәаз еиԥш Ур ааныжьны дцеит, насгьы иԥазаҵә кәырбанс инагара дазхиан, убасала имаз ахаҵара ааирԥшит.

Изықәиргәыӷуазеи Иегова изыӡырҩуа ауаа зегьы?

Иер 7:23; Мф 7:21; 1Ин 3:22

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Алв 26:3—6. Иегова иҳәеит изыӡырҩуа зегьы дшырзылԥхо, иагьшихьчо.

    • Ахԥ 13:30, 31; 14:22—24. Халев Иегова дизыӡырҩуан, уи азы Анцәа дизылԥхеит.

Иарбан лҵшәақәоу иаанаго аҳәатәхамҵара?

Рм 5:19; 2Фс 1:8, 9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 2:16, 17; 3:17—19. Адами Евеи Анцәа изымӡырҩӡеит, убри аҟынтә џьанаҭ дгьыли, анаӡареи, наӡаӡатәи аԥсҭазаареи рцәыӡит.

    • Ҩнтә 18:18, 19; Аус 3:12, 18, 22, 23. Иегова иҳәеит Моисеи иаҵкыс еиҳау аԥааимбар дшыҟало, насгьы ҳгәаҳҽаниҵеит уи изымӡырҩло зегьы ӷәӷәала ишахьырхәхо.

    • Иуда 6, 7. Анцәа иҿагылаз амаалықьцәеи Содоми Гоморреи инхоз ауааи аҳәатәхамҵара аадырԥшуан. Уи Иегова игәы ԥнажәеит.

Избан Иисус Христос ҳаизыӡырҩлар зҳахәҭоу?

Аҟ 49:10; Мф 28:18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ин 12:46—48; 14:24. Иисус иҳәеит изымӡырҩуа зегьы ахара ӷәӷәа рыдҵаны рус шыӡбахо.

Избан аизараҿы иҟоу ахылаԥшыҩцәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу?

Избан аԥҳәыс лхаҵа иҳәатәы дацныҟәалар злыхәҭоу?

Избан ахәыҷқәа рани раби ирзыӡырҩлар зрыхәҭоу?

Ажәм 23:22; Еф 6:1; Кл 3:20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 37:3, 4, 8, 11—13, 18. Иқәыԥшыз Иосиф иаб дизыӡырҩны иашьцәа рахь дцеит, урҭ иара дшырцәымӷызгьы.

    • Лк 2:51. Иисус инаӡаз ауаҩы шиакәызгьы, инаӡамыз иани иаби, Иосифи Мариеи, дырзыӡырҩуан.

Избан аусураҿы ҳаиҳабы иҳадиҵаз адҵақәа ламысцқьала иҟаҳҵалар зҳахәҭоу, аӡәгьы ҳимбозаргьы?

Избан ақьырсианцәа аҳәынҭқарцәа изырзыӡырҩуа?