Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Зықәрахь инеихьоу; ажәра

Зықәрахь инеихьоу; ажәра

Иарбан уадаҩрақәоу ауаҩы иқәрахь даннеиуа дзықәшәо?

Аԥс 71:9; 90:10

Шәахәаԥш иара убас «Агәҭынчра» (ахеиҵа «Уанычмазаҩу ма уқәрахь уаннеихьоу»)

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ек 12:1—8. Соломон ауаҩы данажәлак дзықәшәо ауадаҩрақәа инықәырԥшны дрылацәажәеит, иаҳҳәап, ила цқьа иабаӡом («аԥенџьыр икылыԥшуагьы алашьцароуп ирбало»), насгьы илымҳа цқьа иаҳаӡом («ашәақәа рыбжьгьы аныхәыҷхо»).

Илшома ауаҩы данажәлак агәырӷьара имазар, уи иадҳәалоу ауадаҩрақәеи амчымхарақәеи шимоугьы?

2Кр 4:16—18; Иак 1:2—4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 12:2, 23. Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Самуил еиликаауан шаҟа ихадоу ажәлар рзы Иегова иҳәара.

    • 2См 19:31—39. Аҳ Давид зықәрахь инеихьаз Барзиллаи иааирԥшуаз азиашара ахә ишьон, убри аҟынтә Иерусалим аҳ иҩнаҭаҟны дынхаларц идигалеит. Барзиллаи ахынраалара аарԥшны уи мап ацәикит, избанзар еиликаауан уи шилымшоз.

    • Аԥс 71:9, 18. Давид дшәон данажәлак Иегова изы акгьы даԥсахом ҳәа, убри аҟынтә Анцәа диҳәон амч ииҭарц иара ишьҭахь инхало абиԥарақәа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара илшарц азы.

    • Лк 2:36—38. Иегова зықәрахь инеихьаз аԥҳәысеиба Анна гәыкала имаҵ ахьылуаз азы дылзылԥхеит.

Агәра шԥадирго Иегова зықәрахь инеихьоу рыхә шишьо?

Аԥс 92:12—14; Ажәм 16:31; 20:29; Иса 46:4; Тит 2:2—5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 12:1—4. Авраам 75 шықәса анихыҵуаз Иегова уи иԥсҭазаара зегь зыԥсахыз адҵа ииҭеит.

    • Дан 10:11, 19; 12:13. 90 шықәса еиҳаны изхыҵуаз Даниил амаалықь дизааит. Иара зықәрахь инеихьаз уи аԥааимбар Анцәа изы акыр иаԥсоу ауаҩы ҳәа изиҳәеит, аҳамҭа шизыԥшугьы иеиҳәеит.

    • Лк 1:5—13. Захариеи Елизаветеи рықәрахь инеихьан, Иегова урҭ ҳамҭас аԥа Иоанн данриҭа.

    • Лк 2:25—35. Иегова зықәрахь инеихьаз Симеон аҳаҭыр ду иаҭәеишьеит — иара Мессиас иҟалараны иҟаз асаби дибеит. Симеон Иисус изкны аԥааимбаражәа иҳәеит.

    • Аус 7:23, 30—36. Моисеи 80 шықәса ихыҵуан Иегова уи ижәлар раԥхьагылаҩыс даныҟаиҵа.

Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу зықәрахь инеихьоу?

Алв 19:32; 1Тм 5:1

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 45:9—11; 47:12. Иосиф иӡбеит зықәрахь инеихьаз иаб Иаков иааигәара дынхаларц, аҵыхәтәанынӡагьы уи дихылаԥшуан.

    • Рф 1:14—17; 2:2, 17, 18, 23. Руфь зықәрахь инеихьаз ланхәа Ноеминь длыцхраауан, дылхылаԥшуан.

    • Ин 19:26, 27. Иисус иԥсра маҷк шагыз зегь реиҳа бзиа иибоз иҵаҩы Иоанн диҳәеит иан дылхылаԥшларц.

Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?