Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аизара ахылаԥшыҩцәа

Аизара ахылаԥшыҩцәа

Иарбан ҭахрақәоу аизара ахылаԥшыҩцәа рзы иҟоу?

Иарбан ганқәоу аизара ахылаԥшыҩцәа егьырҭ аҿырԥш бзиа ддырбалар ахьрыхәҭоу?

Иарбан ҭахрақәоу аизара ацхырааҩцәа рзы иҟоу?

Иарбан рольу инанагӡо иԥшьоу адоуҳа аизара ахылаԥшыҩцәа ралхра аан?

Аус 20:28

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 13:2—5; 14:23. Павели Варнавеи аизарақәа ирҭаауаз хылаԥшыҩцәас иҟан, насгьы аизарақәа рҿы аҭакԥхықәра зырҭаша аишьцәа алырхуан. Иахьагьы араион ахылаԥшыҩцәа аҭакԥхықәра зырҭо аишьцәа аналырхуа убас ауп ишыҟарҵо. Дара Анцәа иҳәоит иԥшьоу адоуҳа риҭарц, насгьы уи адоуҳа абзоурала Абиблиаҿы аишьцәа рганахьала ианҵаз аҭахрақәа ирызхәыцуеит.

    • Тит 1:1, 5. Аизарақәа рҭаара здырҵаз Тит аизарақәа рҿы ахылаԥшыҩцәа алихуан.

Изтәыда ақьырсиантә еизара, насгьы излаахәази уи?

Избан Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа егьырҭ рымаҵ рулароуп ҳәа зану?

Избан аизара ахылаԥшыҩцәа еснагь ахынраалара аадырԥшлар зрыхәҭоу?

Фп 1:1; 2:5—8; 1Фс 2:6—8; 1Пт 5:1—3, 5, 6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 20:17, 31—38. Апостол Павел Ефес иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ирзыҟаиҵахьаз ргәалаиршәеит, насгьы урҭ Павел иааирԥшыз абзиабара азы ҭабуп ҳәа иарҳәеит.

Ишԥазыҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» инапхгара?

Иарбан зегьы иреиӷьу знеишьоу аизара ахылаԥшыҩцәа рхы иадырхәалар рылшо, егьырҭ аҵара ддырҵаларц азы?

1Тм 4:12; 1Пт 5:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Не 5:14—16. Неемиа Иегова дицәшәон, ҳаҭыр ду иқәиҵон, убри аҟынтә Анцәа ижәлар рыбжьара иааникылоз аҭыԥ ахаан цәгьашақә ихы иаирхәаӡомызт, закәанла иқәнагазгьы дашьҭаӡамызт.

    • Ин 13:12—15. Иисус ихатә ҿырԥшала иҵаҩцәа ахынраалара аарԥшышьа дирҵон.

Иааирԥшлар шԥаилшо аизара ахылаԥшҩы аизараҿы дасу хьаас дышимоу?

Ишԥаицхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа доуҳала ичмазҩу ауаҩы?

Иарбан ҭакԥхықәроу ирыду аизара ахылаԥшыҩцәа, егьырҭ аҵара аныддырҵо?

1Тм 1:3—7; 2Тм 2:16—18; Тит 1:9

Шәахәаԥш иара убас 2Кр 11:2—4

Избан аизара ахылаԥшыҩцәа аизара цқьаны иаанхаларц азы ибзианы иахылаԥшлар зрыхәҭоу?

Аҵара здырҵалар рыхәҭада аизара ахылаԥшыҩцәа еиҳараӡак?

2Тм 2:1, 2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 10:5—20. Иисус 12-ҩык апостолцәа ажәабжь бзиа аҳәара ишьҭаанӡа уи шыҟаҵалатәу дирҵеит.

    • Лк 10:1—11. Иисус 70-ҩык аҵаҩцәа ажәабжь бзиа аҳәара ишьҭаанӡа алабжьарақәеи анапхгареи риҭеит.

Ирыцхраауазеи аизара ахылаԥшыҩцәа аҭакԥхықәрақәа рацәаны ишрыдугьы, урҭ қәҿиарала рынагӡара?

1Пт 5:1, 7

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 3:5, 6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 3:9—12. Аҳ Соломон Иегова аҟәыӷареи аилкаареи ииҭарц диҳәон, ижәлар русқәа рыӡбара илшарц азы.

    • 2Аш 19:4—7. Аҳ Иосафат Иудеиа аӡбаҩцәа алихит, насгьы иргәалаиршәеит ирыду ихадоу аҭакԥхықәра анынарыгӡо Иегова дышрыцхраауа.

Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа изиашаны имаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа?

1Фс 5:12, 13; 1Тм 5:17; Аур 13:7, 17

Шәахәаԥш иара убас Еф 4:8, 11, 12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 20:37. Ефес иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа апостол Павел шаҟа бзиа дырбоз аарԥшра иацәыԥхашьаӡомызт.

    • Аус 28:14—16. Апостол Павел Римҟа амҩа данықәыз, уа инхоз аишьцәа 65-ҟа километра ицеит, Аппи иџьармыкьаҿы иԥыларц азы. Уи Павел игәы шьҭнахит.