Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ани аби

Ани аби

Анцәа аҭаацәара заԥиҵаз мзызқәак иреиуоу арбану?

Аҟ 1:27, 28; 2:18, 20—24

Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу ани аби рхәыҷқәа?

Аԥс 127:3—5; 128:3

Шәахәаԥш иара убас «Ахәыҷқәа; аҿар»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 33:4, 5. Иаков ихәыҷқәа Иегова иҟынтә иоуз ҳамҭаны иԥхьаӡон.

    • Ақәҵ 1:15, 16, 22; 2:1—4; 6:20. Амрами Иохаведеи Моисеи дроуит. Уи дрыхьчарц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон.

Иарбан ҭакԥхықәроу ани аби ирыду?

Ҩнтә 6:6, 7; 11:18, 19; Ажәм 22:6; 2Кр 12:14; 1Тм 5:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 1:1—4. Елкана иҭаацәареи иареи Иегова изкыз аныҳәақәа азгәарҭарц азы есышықәса Силомҟа ицон. Иара ихәыҷқәа зегьы Иегова имҵахырхәара рҽаладырхәларц азы илшоз зегь ҟаиҵон.

    • Лк 2:39, 41. Иосифи Мариеи Мшаԥныҳәа азгәарҭарц азы Назаретынтәи Иерусалимҟа ицон, рхәыҷқәагьы уахь иргон.

Избан ахәыҷқәа Иегова инормақәа дырҵара зхадоу?

Ажәм 1:8, 9; 22:6

Шәахәаԥш иара убас 2Тм 3:14, 15

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 2:18—21, 26; 3:19. Самуил иани иаби иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ иуларц азы Иегова дирҭеит, аха иааиԥмырҟьаӡакәа изнеиуан, насгьы ихылаԥшуан. Иара гәыкала Иегова изиашаз уаҩны дҟалеит.

    • Лк 2:51, 52. Иисус иани иаби шынаӡамызгьы, иара урҭ еснагь дырзыӡырҩуан.

Ирыԥшаар абарылшо ани аби ахәыҷқәа рааӡаразы алабжьарақәа?

Ҩнтә 6:4—9; Еф 6:4; 2Тм 3:14—17

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 127:1; Ажәм 16:3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аӡб 13:2—8. Манои амаалықь иҟынтә иԥшәмеи иареи аԥа дышроуа анеиликаа, ахәыҷы дышԥааӡатәу ҳәа Иегова диазҵааит.

    • Аԥс 78:3—8. Иегова иҭахуп ани аби рхәыҷқәа Абиблиа иану реилдыркааларц.

Избан ахәыҷы Иегова бзиа дахьырбо аҭаацәараҿы изҳазаргьы, Анцәа имаҵ аура иҭахымхар залшо?

Иез 18:1—13, 20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 6:1—5; Иуда 6. Амаалықьцәа аӡәырҩы Иегова иҿагылеит, урҭ ажәҩан аҿы ԥхьаӡашьа змам ашықәсқәа рыҩныҵҟа ишицызгьы.

    • 1См 8:1—3. Самуил гәыкала Анцәа изиашаз ԥааимбарын, аха уи иԥацәа аҵарҭыша ргон, Анцәа изакәанқәагьы еиларгон.

Иалагар анбарыхәҭоу ани аби рхәыҷқәа Анцәа инормақәа дырҵара?

2Тм 3:15

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ҩнтә 29:10—12, 29; 31:12; Езд 10:1. Израильаа Иегова инормақәа рҵаларц азы ианеизоз, ахәыҷқәагьы уахь иргон.

    • Лк 2:41—52. Иосифи Мариеи Мшаԥныҳәа азгәаҭаразы Иерусалимҟа ицон, рхәыҷқәагьы уахь иргон, Иисусгьы уахь дналаҵаны.

Иарбан Абиблиаҿы иаагоу ҿырԥштәқәоу ани аби ирыцхраауа рхәыҷқәа ԥырхагак рызҭар зылшо ауаа рҟынтә рыхьчара?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 19:4; Ҩнтә 32:11, 12. Иегова зхәыҷқәа иреиҷаҳауа, зымҵәыжәҩа иқәыртәаны иныҟәызго, изыхьчо ауарбажә ихы аҿирԥшит.

    • Иса 49:15. Иегова иҳәеит зхәыҷыԥшқа ихылаԥшуа ан лаасҭа еиҳангьы имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшло, насгьы ишихьчало.

    • Мф 2:1—16. Аҩсҭаа Иисус даныхәыҷыз дишьырц иҭахын азы, астрологцәа аҳ Ирод иахь инеигеит. Иегова Иԥа дихьчарц азы Иосиф иҭаацәа иманы Египетҟа дыбналарц иеиҳәеит.

    • Мф 23:37. Иисус акәты ақәҷарақәа ахьчарц азы еизганы амҵәыжәҩақәа ишырхәыҵанакуа еиԥш Анцәа ижәлар ихьчарц шиҭаху иҳәеит.

Избан ани аби рхәыҷқәа асекс иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала ааӡара рырҭалар зхадоу?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Алв 15:2, 3, 16, 18, 19; Ҩнтә 31:10—13. Моисеи изакәан асекс иадҳәалоу азҵаарақәа иаартны иалацәажәон. Иегова иҭахын азакәан ианаԥхьоз ахәыҷқәагьы ӡырҩларц.

    • Аԥс 139:13—16. Давид Иегова дҳареикуан ауаҩы ицәеижь шаҟа иџьашьахәны еиҿартәоу даназхәыцуаз, ахшараиура алшарагьы уахь иналаҵаны.

    • Ажәм 2:10—15. Иегова иҳаиҭо аҟәыӷареи адыррақәеи ибжьысу ауаа цәгьақәа рҟынтә ҳрыхьчоит.

Избан ахәыҷы хаала, абзиабара аарԥшны иааӡареи ириашареи захәҭоу?

Ажәм 13:24; 29:17; Иер 30:11; Еф 6:4

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 25:8; 145:9; Кл 3:21

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 32:1—5. Иегова Давид иҟаиҵаз агәнаҳа азы данахьирхәы, Давид уи игәы инархьит, аха Анцәа гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ишранаижьуа анеиликаа, уи игәы арҭынчит.

    • Ион 4:1—11. Згәы ԥжәаны иҟаз аԥааимбар Иона Иегова патуқәҵарада диацәажәон, аха Анцәа ачҳара аарԥшны, хаала Иона иеилиркааит арыцҳашьара аарԥшра иаанаго.

Избан зхәыҷқәа бзиа избо ани аби зны-зынла рхәыҷқәа зырыбжьо?

Ажәм 3:11, 12; 13:24

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 15:32; Аат 3:19