Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ашьҭашәарыцарақәа

Ашьҭашәарыцарақәа

Избан ақьырсианцәа иахьрышьҭашәарыцо џьарымшьалар зрыхәҭоу?

Избан ианҳашьҭашәарыцо, Иегова ацхырааразы ҳиҳәалар зхадоу?

Аԥс 55:22; 2Кр 12:9, 10; 2Тм 4:16—18; Аур 13:6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 19:1—18. Аԥааимбар Илиа ианишьҭашәарыцоз Иегова диҳәеит, игәы иҭазгьы зегь изеиҭеиҳәеит. Анцәа уи дицхрааит, игәгьы ирҭынчит.

    • Аус 7:9—15. Иосиф иашьцәа дырцәымӷын, аха Иегова еснагь уи дицын, дихьчон, насгьы ԥыҭраамҭак ашьҭахь изааигәаз зегьы амлакра иацәихьчарц азы дицхрааит.

Иарбан формақәоу ашьҭашәарыцарақәа ирымазар алшо?

Ҳахьӡ андырцәгьо

2Аш 36:16; Мф 5:11; Аус 19:9; 1Пт 4:4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аҳ 18:17—35. Ассириатәи аҳ ихьӡала ицәажәоз рабсак Иегова длаирҟәуан, насгьы Иерусалим инхоз ауаа дырхыччон.

    • Лк 22:63—65; 23:35—37. Иисус иус анырыӡбоз, насгьы дкыдҵаны даныршьуаз, ауаа дладырҟәуан, иагьихыччон.

Ҳауацәа анаҳҿагыло

Ҳанҭаркуа, насгьы ҳус анырыӡбо

Ҳанырыпҟо

Ауаа рҽеизганы ианҳақәло

Ашьра

Рхы мҩаԥыргалар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа ианрышьҭашәарыцо?

Мф 5:44; Аус 16:25; 1Кр 4:12, 13; 1Пт 2:23

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 7:57—8:1. Стефан ажәлар иқәпапеит, урҭ рыбжьара Тарс иатәыз Савлгьы дыҟан. Стефан ахаҳә дадыргеит, аха иԥсра маҷк шагыз иара Анцәа диҳәеит иқәпапаз ауаа рыцҳаишьарц.

    • Аус 16:22—34. Апостол Павел ӷәӷәала дрыпҟеит, нас абахҭа дҭаркит, ишьапқәагьы ршьаҳаит, аха иара абахҭахьчаҩ иахь ақьиара ааирԥшит. Уи абзоурала абахҭахьчаҩ иҭаацәеи иареи ақьырсианра рыдыркылеит.

Изықәшәазеи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа шьоукы?

Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу ашьҭашәарыцарақәа?

Ишԥаҳнаҭо амч Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра ашьҭашәарыцарақәа раан?

Избан ашьҭашәарыцарақәа изрылаҳмыршо ҳдырԥхашьар, ҳдыршәар ма ҳгәы карыжьыр, насгьы Иегова имаҵ аура ҳаҟәырхыр?

Аԥс 56:1—4; Аус 4:18—20; 2Тм 1:8, 12

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 32:1—22. Синаххериб ир ду Иерусалим иақәларц анырҭахыз, аҳ Езекиа Иегова ацхырааразы диҳәеит, ажәларгьы ргәы шьҭихит. Анцәа Езекиа дизылԥхеит дахьиқәгәыӷыз азы.

    • Аур 12:1—3. Иисус ишьҭашәарыцоз ауаа ддырԥхашьар рҭахын, аха иара ахьымӡӷ дацәымшәаӡеит, игәгьы каимыжьӡеит.

Иарбан лҵшәа бзиақәоу ашьҭашәарыцарақәа иааргар алшо?

Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, уи иара даргәырӷьоит, ихьӡгьы ҳаранакуеит

1Пт 2:19, 20; 4:12—16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 1:6—22; 2:1—10. Иов дзықәшәаз арыцҳарақәа зегьы зхараз Аҩсҭаа шиакәыз шизымдыруазгьы, Анцәа дизиашаны даанхеит. Убасала Иов Иегова ихьӡ ҭигеит, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩугьы шьақәирӷәӷәеит.

    • Дан 1:6, 7; 3:8—30. Хананиеи, Мисаили, Азариеи (Шадрахи, Мешахи, Аведнегои) Иегова ицәхьаҵыр аасҭа аԥсра иазхиан. Уи ашьҭахь иауриамыз аҳ Навуходоносоргьы Иегова дҳареикит.

Ашьҭашәарыцарақәа рыбзоурала еиҳаны ауаа Иегова деилыркаар алшоит

Лк 21:12, 13; Аус 8:1, 4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 11:19—21. Ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны даҽа ҭыԥқәак рахь ииасыз ақьырсианцәа иахьнеиз аҭыԥқәа рҿы ажәабжь бзиа рҳәон.

    • Фп 1:12, 13. Апостол Павел абахҭа данҭарк уа ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәалар ахьилшоз деигәырӷьеит.

Аԥышәарақәа раан Анцәа ҳизиашаны ҳаанхозар, уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рхаҵара арӷәӷәар алшоит

Иарбан рольу инарыгӡо адиннапхгаҩцәеи аполитикцәеи Иегова имаҵзуҩцәа рышьҭашәарыцараҿы?

Иер 26:11; Мк 3:6; Ин 11:47, 48, 53; Аус 25:1—3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 19:24—29. Артемида лныҳәарҭа иеиԥшыз аныҳәарҭа хәыҷқәа ҟазҵоз Ефес инхоз анапҟазацәа ргәы иаанагон ақьырсианцәа ауаа ирыларҳәоз ажәабжь иахҟьаны аԥара рзырҳаӡом ҳәа, убри аҟынтә ауаа еизганы урҭ ирҿадыргылеит.

    • Гл 1:13, 14. Павел (Савл) дқьырсианхаанӡа аиудаизм ныҟәигон, насгьы Иисус иҵаҩцәа ӷәӷәала дрышьҭашәарыцон.

Изхарада Иегова имаҵзуҩцәа иахьрышьҭашәарыцо?