Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҳәатәы амыргара

Аҳәатәы амыргара

Избан ақьырсианцәа аҟәыӷара аадырԥшлар, насгьы рҳәатәы иадмыргалар зрыхәҭоу?

Фп 4:5; Тит 3:2; Иак 3:17

Шәахәаԥш иара убас 1Тм 3:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 18:23—33. Иегова Содоми Гоморреи рықәхра аниҭахыз, ачҳара аарԥшны Авраам изҵаарақәа дырзыӡырҩит.

    • Аҟ 19:16—22, 30. Иегова иҳәатәы иаимыргаӡеит, иара Лот ашьхарахь акәымкәа, ақалақь хәыҷ Цоар ахь дыҩны дцарц азин ииҭеит.

    • Мф 15:21—28. Финикиатәи аԥҳәыс иаалырԥшыз ахаҵара Иисус игәаҵанӡа инеит, насгьы иҳәатәы иаимыргаӡакәа лыҳәара наигӡеит.