Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҽынкылара

Аҽынкылара

Ишԥааирԥшуеи Иегова аҽынкылара?

Иер 18:7, 8; 2Пт 3:9

Ианбаҳҭаху аҽынкылара?

Ажәм 16:32; 25:28; 1Кр 9:25, 27

Шәахәаԥш иара убас 2Тм 2:23—25; Тит 1:7, 8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2См 16:5—14. Шимеи аҳ Давид дшәиуа данылаирҟәуаз, Давид аҽынкылара ааирԥшуан.

    • 1Пт 2:21—23. Апостол Пиотр иҩуан Иисус дшыладырҟәуазгьы, аҽынкылара ду шааирԥшуаз.

Иҳацхраауазеи иҵегь еиҳаны аҽынкылара аарԥшра?

Лк 11:9—13; Гл 5:22, 23; Еф 4:23, 24; Кл 4:2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Лк 11:5—8. Иисус иҳәеит ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәалар шҳахәҭоу, аҽынкылара аарԥшра дҳацхрааларц азы.